
pressadmin-2
Цәыббрамза 5 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит амузыкатә спектакль «Ахьтәы уасцәа» аԥхьарбара.
Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 5 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы Мушьни Лашәриа ипоема ала Мадина Аргәан иқәлыргылаз еихьӡылоу амузыкатә спектакль «Ахьтәы уасцәа» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аспектакль рхы аладырхәуеит Аԥснытәи адраматә театри Аҿартә театри рартистцәа: Аԥсны зҽаԥазтәыз артист Даур Арухаа, К. Цымцба, С. Кокосқьыр; авокалистцәа К. Ешба, Х. Мықәба, А. Ферзба, Н. Какалиа, Г. Ҳагба, Е. Гәынба, жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбли Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭыни» рарстистцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи адыррақәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи адыррақәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит игәырӷьахәу аныҳәа –адыррақәа Рымш!
Шәара, еизҳауа абиԥара ҿа - ҳтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, ҳмилаҭ ахаҿра. Шәара шаҟа ҵарадыррала шәеиқәшәаны, ауаҩра шәыланы ишәызҳауа, убриаҟара еизҳазыӷьалоит, ишәҭыкакаҷлоит ҳ – Аԥсынра.
Агәра згоит шәхы аџьабаа анашәырба, зегьы иреиҳау аҩаӡарахь ахалара шшәылшо, шәеихьӡарақәа рыла ҳтәыла шәызгәдуны шәшыҟало. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, ҳтәыла, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы азинқәа хьчо акыр аԥышәарақәа шахҭнагахьоу.
Аҭынчреи асуверенитети Аԥсны иреиӷьыз аҵеицәа рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Агәра згоит, урҭ рфырхаҵарақәа шәхамыршҭкәа, шәымч-шәылша зегьы аҵара, адырра аиура ишазышәкуа, ҭынч нхара шәымазарц азы иқәԥоз шәеиҳабацәа рус ишацышәҵо.
Тамшь ақыҭан аӡымҩангагатә шәырақәа шьҭарҵоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Тамшь ақыҭа даҭааит. Иара араҟа аӡымҩангагатә шәырақәа рышьҭаҵара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Тамшь ақыҭагьы зҵанакуа алхратә ҭыԥхада №31 ала иалху Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭария, аӡымҩангага ҿыц ашьҭаҵара ақыҭауаа иааиԥмырҟьаӡакәа ӡыла реиқәыршәара алнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Асовет аамҭа аныҟазгьы араҟа аӡрыжәтә хыҵхырҭа рыԥшаахьан, уи ачаӡырҭатә зауад аусураҿы рхы иадырхәон. Иара зхаҭабзиара ҳараку аӡрыжәтәны иԥхьаӡан», – ҳәа еиҭеиҳәеит адепутат.
Уи иажәақәа рыла, ақыҭауаа иара убри аӡхыҵхырҭа ахархәаразы агәазыҳәара аадырԥшит.
«Ақыҭаҿы иҟоуп иара убас егьырҭ аӡхыҵхырҭақәеи аҵеиџьқәеи, аха урҭ иахьатәи аӡрытә стандартқәа ирықәшәо иҟам. Убас ала ақыҭауаа еицҿакны рхатә харџь ала аӡымҩангага аргылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа иҳәеит Резо Занҭариа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа иҷыдоу иаҟәыҭхоу апалатақәа амазар ахәҭоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса алагамҭа инаркны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы рҽырхәышәтәит 832-ҩык, 8 нызықьҩык инареиҳаны амбулатортә цхыраара рыҭан. Абри азы аԥшьаша, нанҳәамза 31 рзы аԥхынтәи аамҭахәҭазы иҟоу ақәыӷәӷәара иарбоу амедусбарҭа ишаныԥшуа аилкааразы арахь имҩахыҵыз агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи аҳҭнықалақь Ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воубеи дырԥыло адырра ҟаиҵеит ари ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәырҭа амбулатортә чымазцәа рзы иахәҭоу ахәшәқәа раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵоит, ақалақь Ахадара акәзар, уи астационар аҿы иҟоу ачымазцәа рыхәшәтәра иадҳәалоу ахарџь зегьы ахахьы иагоит.
Аҭаратәи ашкол аҿы ихыркәшахеит шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Аҭара ақыҭан игылоу, ааигәа зеиҭашьақәыргылара хыркәшахаз абжьаратәи ашкол даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада аклассқәа, арҵаҩцәа руада, иара убас аспорттә зал даҭааны игәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ашкол аиҭашьақәыргылара знапы алакыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ари даара узеигәырӷьашьа хҭысуп. Уи агәыҳалалра злоу ауаа имаҷымкәа ишҳамоу арҵабыргуеит. Иахьа ҳара араҟа зеиӷьаҟам ашкол ахыбра аабоит, зегьы иҳараку аҩаӡараҿы иҟаҵоуп. Зегьы ахәыҷқәа арҭ аклассқәа рҿы рҵара маншәалахарц азы иҟаҵоуп. Араҟа аҵаҩцәа рзы хра злоу аинформациа зну астендқәа рацәоуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭариеи Аԥсны иқәынхо аерманцәа Реилазаара алахәылацәеи уи ахантәаҩы Алик Миносиани, ақыҭауааи, иара убас ашкол аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз егьырҭ ауаагьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аслан Бжьаниа шьҭарнахыс ашкол аҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа еиҳа ишырацәахо азы агәыӷра ааирԥшит.
Аҳәынҭқарра Ахада ашкол аиҳабы Светлана Быҭәба лнапы иаиркит акомпиутертә техника аахәаразы асертификат.
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа убасҵәҟьа ашкол ацхыраара азҭаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Очамчыра араион Ахадара ашкол акомпиутер ҳамҭас ианаҭеит.
Ашкол аиҭашьақәыргыларазы афинанстә цхыраара ҟазҵаз иреиуоу Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭариа зегьы ирыцкыз ахәыҷқәа аҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәын ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи иажәақәа рыла, ҳтәылаҿы ашкол ацхырааразы агәазыҳәара змоу атәылауаа маҷӡам.
«Ауаҩы изкызаара инагӡаны еиликаауеит иԥсҭазаара ауаажәларра ианырзикуа. Сара ауаажәларра рзы схәарҭаны аҟаларазы исымаз агәазыҳәара иабзоурахазар ҟалап, алшарақәа ԥшааны урҭ ашкол аргыларахь иахьдәықәызҵаз. Зегьы реиҳа уи азы агәазҭазаара сызҭаз, сыблала ахәыҷқәа рҵараиура аҭагылазаашьақәа ахьызбаз ауп. Ақыҭауаа зегьы уи даара еигәырӷьеит, аргыларатә маҭәахәқәа зқәыз амашьынақәа аидара рықәыхра аума, даҽакал аума, ирылшоз ала ицхыраауан. 20 инарзынаԥшуа ахаҳәсса зқәыз аидарамҩангагақәа аидара ақәырхит. Анапеилаԥса уаҩ дааӡоит, ҳәа баша ирҳәаӡом. Ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны аус ааулар, ақәҿиарақәа ҟамлар ауӡом», – ҳәа иҳәеит адепутат.
Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаатит Аракьычтәи ашкол.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Аракьыч ақыҭан иҟоу, хәажәкырамза, 2023 шықәсазы иҟалаз абылра иахҟьаны акыр ааха зауз ашкол даҭааит.
Ашкол аҿы ихыркәшахеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, цәыббрамза 1 азы арахь иаараны иҟоуп ашколхәыҷқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашкол арҵаҩратә коллектив аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара рыдиныҳәалеит.
«Арыцҳара ҟалеит, ашкол блит. Аӡәырҩы хьаас ирыман, цәыббрамза 1 аҟынӡа ашкол аиҭашьақәыргылара ахыркәшареи аҵаратә процесс алагареи иахьымӡар ҳәа ишәон. Адунеи аҿы аџьашьахәқәа маҷӡам, Аԥсныгьы имаҷымкәа иҟоуп ауаа аџьашьахә аҟаҵара зылшо», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҟәатәи аспортсменцәа таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир аҿы аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааирагаҩы Иԥшьоу Гьаргь Ихраҿа» аҿы аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит. Актәи аҭыԥ ааныркылеит шәачатәи аспортсменцәа, ахԥатәи – Нхық Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа.
Атурнир нанҳәамза 26 - 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан. Аицлабрақәа рымҩаԥгара 1992-1993 шш. Аҵсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеи 15- шықәса аҵреи иазкны еиҿкаахеит.
Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Ермантәыла, Урыстәыла (Краснодартәии Ставропольтәи атәылаҿацәқәа, Донецктәи Жәлартә Республика, Чечентәи Ареспублика, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа, Москватәи аобласть, ақалақьқәа – Москва, Пермь, Краснодар, Калининград) рҟынтәи 250-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
15-шықәса зхыҵуа аӡӷаб амшын иагоз 9-шықәса зхыҵуа аҷкәын иԥсы еиқәлырхеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 15-шықәса зхыҵуа Вологда ақалақь аҟынтәи Алина Смирнова амшын иагоз 9-шықәса зхыҵуа Нижни Тагил ақалақь аҟынтәи Матвеи Паламачук иԥсы еиқәлырхеит. Аҷкәын амшын дышҭаз ишьапқәа ҷыркәалкит, уи иахҟьаны иԥсы еивҵахо иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иҷыдоу аҭагылазаашьа ҟалеит нанҳәамза 26 рзы Пицунда ақалақь аплиажқәа руак аҿы. Алина Смирнова лажәақәа рыла, лара амшын дышҭаз ҷкәынак хӡааҟәрыла шыҟаиҵаз, аха акыраамҭа дышхәыҵымҵуаз лылаԥш иҵашәеит. Аӡӷаб иаразнак иҽеим акы шыҟалаз еилкааны ахәыҷы иԥсеиқәырхара лҽазылшәеит. Зегьы Анцәа иџьшьаны ибзианы еилгеит», – ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.
Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа зыкапан рацәоу анаркотикқәа реиҭарсра аҿы гәҩарас дҟаҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа анаҩс реиҭарсра хықәкыс иҟаҵаны зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы гәҩарас дҟаҵоуп.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа ақалақь, Гәымсҭатәи амҩала дааныркылеит автомашьына «Митсубиси» ала иҟаз, 1978 шықәса рзы ииз Амҷба Ерик Гиви-иԥа.
Хаҭалатәи игәаҭараан ахаҵа идырбалеит иҭалаҳәаз аилаҳәарақәа. Урҭ ирылаҳәан зыԥштәы шкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар. Анаҩс аекспертцәа рыла ишеилкаахаз ала – уи «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын. Иара убас ахаҵа имхын абанктә хсаалагақәеи ҩ-мобилтә ҭелқәеи.
Автомашьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз ақьаадтә ҿыхьшьы илаҳәаз аиԥш-зеиԥшу аилаҳәарақәа рыԥшааит. Иааизакны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭа аусзуҩцәа ирыԥшааит 8 рҟынӡа аҭиразы ирхиаз метадон злаҳәаз аилаҳәарақәа.
Атәылауаҩ Ерик Амҷба ихаҭа ишазгәеиҭаз ала, идырбалаз анаркотикатә маҭәашьарқәа злаҳәаз аилаҳәарақәа рыхәҭак иара ихатә хархәаразы ирхианы иман, егьи ахәҭа имаӡоу аҭаҵәахқәа раҳасабала рыҭиразы иман.
Анаҩстәи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Ерик Амҷба уаанӡа иҟаиҵахьаз имаӡоу аҭаҵәахқәа рҭыԥқәа аирбеит.
Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белорусь Ахада Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны иарбоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Шәара шәԥышәа дууи шәзанааҭдырра ҳараки, аполитикатә ӡбамҭақәа рыдкылараан ишәа-иза азнеиреи рыла аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала шәҿырԥшыгоуп. Акыр шықәса инеиԥынкыланы Шәара хамеигӡарыла шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура шәаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп, аҩганктәи аусеицура аганахьала ҳтәылақәа рыбжьара иҟаҵоу раԥхьатәи ашьаҿақәа аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шалдыршо.