АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшь аҳаблаҿы инхо Аик Шахламџьиан иганахьала Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рубарҭа аусеилыргаратә ҟәша  еидкылоу ашьауӷатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеилыргара мҩаԥнагоит.

Аик Шахламџьиан Гагра ақалақь аҿы ааигәа иҟалаз арзаҳал алазҵаз лырҳәра азы дыгәҩароуп. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусзуҩцәа имҩаԥыргаз   аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны,  ацәгьауаҩы деилкааны данкылахеит. Иӷьычыз аҭел имхуп.

Анаҩстәи аусеилыргара-оперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан ишышьақәыргылаз ала, Аик Шахламџьиан, ақьар аиура гәҭакыс иҟаҵаны Гагра ақалақь аҿы игылоу адәқьан аҩныҵҟа узлаҩнало ашә ԥҽны дыҩналеит, уаантәи уи иӷьичит аԥара, иџьбароу арыжәтә, иара убас аҭаҭын аалыҵқәа.  

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә комиссиа Хада ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭаҩра аԥыхразы аӡбамҭа аднакылеит.

Цәыббрамза 8, 2023 шықәса рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара Араҟа абас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит: 

««Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәаараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаара ала ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ҩымз иамаз аҽҳәара иалагӡаны анапаҵыҩратә бӷьыцқәеи иахәҭоу егьырҭ аусшәҟәқәеи Алхратә комиссиа Хада ахь анагара ахьзалмыршаз инамаданы, «Ажәларзегьтәи абжьыҭара (ареферендум) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны, анапынҵақәа реизгара аанкылареи иарбоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭаҩра аԥыхреи ахәҭоуп».

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аиндаҭлара цәыббрамза 8 рзы Челиабинс ақалақь аҿы,  RCC Boxing Promotions аҟынтәи абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Иара диацлабуан 31-шықәса зхыҵуа Панаматәи абоксиор Алеқсандр Диуран.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥкьаҭмпыласҩы Нестор Цужба аԥкьаҭмпылтә турнир «Спартак Ахраҿа» аҿы 13 шықәса зхымҵыц ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит. 

Атурнир мҩаԥысуан Москва ақалақь, цәыббрамза 4 инаркны 8-нӡа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Китаи аиашьаратә қалақьқәеи ақалақь-партниорцәеи рҟынтәи акомандақәа рыбжьара  аиҩызаратә шахматтә онлаин-турнир цәыббрамза  7 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла, Белоруссиа, Ермантәыла, Китаи рҟынтәи 20 еизгоу акомандақәа, иара убас Аҟәа ақалақь акомандеи.

Атурнир мҩаԥысит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи иҟарҵаз адгылара иабзоураны.

Аҟәатәи акоманда ахьӡала иқәгылеит ашахматистцәа: Тристан Кәарацхьелиа, Сарида Лакәатаа, Богдан Турков, Аскар Аџьынџьал, Сариа Лакоба, Адамыр Кокосқьыр.

Акоманда азыҟаиҵон Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зыхәба Ҭемыр.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә Округ аруаа ихыҭҳәаау аӷа ирразыҟаҵаратә лагерь ықәырхит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Аруаа аԥырҩыда иԥыруа аԥрыгақәа БТР-82А, иара убас акәылӡтранспортиорқәа  рхархәарала «аӷа» итәарҭа иахьаҵанакуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Аԥшаара-ԥшыхәратә гәыԥқәа ихыжәжәароу ахыбрақәа рыбжьара ицыҵаҵәахны иҟаз арра-зыҟаҵаратә лагерь рыԥшааит, анаҩс ихыҭҳәаау аҿагылаҩ иобиектқәа рахь ажәылара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Амедицинатә Центр  «Альбамед» ацырхырааны амедицина-социалтә конференциа мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аофициалтә саит.

Аконференциа алахәылацәеи асасцәеи апсихикатәи ацәажәаратәи ҿиара аҿы еиҵахоу ахәыҷқәа рреабилитациатә потенциал иалацәажәеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҭаацәаратә клуб апсихикатәи ацәажәаратәи ҿиара аҿы еиҵахоу ахәыҷқәа рреабилитациатә потенциали урҭ рсоциалтә адаптациеи рҵарадырреи иадҳәалоу азҵаарақәа рыла аиԥылара мҩаԥнагеит.

Аконференциа аҳақьымцәа-адефектологцәа, алогопедцәа, арҵаҩцәа, асоциалтә структурақәа рхаҭарнакцәеи аҭаацәеи еиднакылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазкыз апоезиатә хәылԥазы мҩаԥысит В.Г.Арӡынба ихьӡ зхы Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ -  Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла.

Ажәалагала аҿы Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу еизаз зегьы аамҭа ԥшааны аусмҩаԥгатә ахь иахьааз азы иҭабуп ҳәа реиҳаәеит, аԥсуа литература аԥҵара раԥхьатәи амшқәа инадыркны ашәҟәыҩцәа есымша ажәлар рыгәҭа игылан ҳәа иазгәеиҭеит.   

Уи еизаз иргәалаиршәеит аибашьра алагара аҭоурых, иарбоу аамҭахәҭазы арҿиаратә интеллигенциа инанагӡоз ароль атәы азгәеиҭеит.

«Атәыла анапхгара алахәылацәа реиԥш ҳинтеллигенциа ахаҭарнакцәагьы ргәаанагара акьыԥхь аҿы ицәырҵуан. Иҟан аибашьра хыркәшатәуп ҳәа зҳәозгьы, аха иҟан иара убас абџьар шьҭыхны аибашьра иалагылаз. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ҳара иреиӷьу ҳҵеицәа рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны аиааира ҳгеит», - ҳәа иҳәеит Вахтанг Абҳазоу.

Уи иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы аинтеллигенциа азы акыр ауадаҩрақәа шыҟаз. Вахтанг Абҳазоу еизаз иргәалаиршәеит атәыла акультуратә усбарҭақәа жәпакы шыблыз, хыԥхьаӡара рацәала ишықәгаз еицырдыруа аполитика-уаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа рбаҟақәа. Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит хабарда ишыбжьаӡыз ашәҟәыҩҩ Таиф Аџьба, аибашьра рыԥсҭазаара шақәдырӡыз апоетесса  Саида Делба, ашәҟәыҩҩцәа Шьалуа Инал-иԥа, Борис Гәыргәылиа, Алеқсеи Аргәун, Витали Амаршьан рԥацәа. Иҭахеит Адгәыр Инал-иԥа, Абзагә Гәыргәылиа, Баҭал Аргәын, Беслан Амаршьан, уҳәа реиԥш иҟаз аҟыбаҩ злаз аҿар рацәаны.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 7 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи аҿартә форум  «Евразия Global» зхы алазырхәыз аҿартә делегациа рԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Афорум аҿы ҳреспублика ахаҭарнакра нарыгӡон 17-ҩык аҿар, аделегациа напхгара аиҭон аҳәынҭқарратә Еилакы аҿартә ҟәша аспециалист хада Ахра Бебиа.  

Аҿар рыдыркылеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуеи аҿартә ҟәша анапхгаҩы Идрис Кара-Осман-оглы. Дара аҿар жәларбжьаратәи афорум аҿы иахәҭоу аҩаӡара аҿы Аԥсны ахаҭарнакра ахьынарыгӡаз азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ахәҭакахьала, аделегатцәа афорум ирызцәырнагаз ацәаныррақәа ирылацәажә

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Харитон Агрба цәыббрамза 8 рзы Челиабинс ақалақь аҿы,  RCC Boxing Promotions аҟынтәи абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара изы ижәаҩатәу апрофессионалтә еиндаҭлара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Иара диацлабуеит 31-шықәса зхыҵуа Панаматәи абоксиор Алеқсандр Диуран.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.