АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Ареидтә усмҩаԥгатә аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадууеи рхылаԥшрала имҩаԥысуеит.

Аҟәа.  Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсменцәа  24  шықәса зхымҵыц аиқәԥаҩцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла Аԥхьахәгара  рхы аладырхәуеит.

Даниил Харчлаа зыкапантә категориа 65 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит,  Баграт Ԥандариа, Инар Кетиа, Мараҭ Кокосқьери зыкапантә категориа 70 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара иқәгылоит, Асҭамыр Гәынба зыкапантә категориа 79 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҟәа араион активи цәыббрамза 13, 2023 шықәсазы реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо аҽазышәара уын иқәгылара аҽа ҵаҵӷәык аҭазарц, аиҳаракгьы аинформациа анонимтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи, аконтекс иалжәаан иган иқәгылара ахәҭақәа.

Иарбоу ахымҩаԥгашьа ауаажәларра рҿы аибарххара арҵысуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда ақалақьқәа Рхадарақәа рактивқәа дырԥылеит.  

Аминистр араионқәа рҟны иқәгыларақәа раан Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ашәарҭара атәы дирдыруан изыӡырыҩцәа, хаҭала Аԥсни агәыларатә тәылақәеи реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылон ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Инал Арӡынба изыӡырҩцәа Белоруссиа  Ареспублика Ахада Алеқсандр Лукашенко Ареспублика Аԥсни Белорусиеи   рыбжьара ибаџьдоу ахәаахәҭра абжьаҵаразы аӡбамҭа шидикылаз азы адырра риҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахәышәтәырҭа ирҽеиу атехникатә ҭагылазаашьақәа рҿы аус шауа гәеиҭеит.   

Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаҭоуп: еиҭаҵуа арентген-аппарат, афымцагидравликатә апҟаратә стол, аӡәӡәага-зҩыдатәратә репроцессор, дерматом ҳәа изышьҭоу, адонортә цәеижь ҵаӷа амхны даҽаџьара аҭара азы рхы иадырхәо  иҭелдатәу амедицинатә аппарат,  авидеогастроскопқәа ҩба, аендоскопиатә видеопроцессор, ачымазаҩцәа рыиагаразы амедицинатә кәырҷыжь, амедицинатә монитор, афымцатә аквадистилиатор, адиагностикатә еиқәыршәагақәа, уҳәа убас иҵегьы.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиа, ахәышәтәырҭа иаҭаз амаругақәа рышьақәыргылара мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟалҵеит.

«Аиқәыршәагақәа зегьы рышьақәыргылара ҳшааалгалагьы, абжьаратәи амедицинатә персонал урҭ рхархәарала аусушьа дырҵара ҳалагоит. Ҳара ари аус аҿы ацхыраара ҳаиҭоит, ҳхәышәтәырҭа ахь амаҵураныҟәара аҳасабала иаашьҭу ҳара Башкиртәи ҳколлега», - ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа амаҵзурақәа зегьы агаҭарақәа шыхдыркәшаз азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит. 

«Арҭҟәацга ҳәа акгьы ҳамбаӡеит, аусурақәа хыркәшоит, зегьы еимпит. Аинформациа мцыркын», - ҳәа иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыԥшырҭатә ҟәша ахь зхаҭара шьақәыргылам џьоукы рҟынтәи Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 амина аҵаҵоуп ҳәа  адырра ҟалеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11 рзы Уфа ақалақь аҿы ахәаԥшцәа идырбан Славомир Мрожек ипиеса ала Аԥсны жәлар рартист Валери Ақаҩба иқәиргылаз  аспектакль «Шьапыла».  

Цәыббрамза 13 рзы Уфатәи атеатр абзиабаҩцәа идырбан Зарина Канукова лыпиеса ала Аԥсны зҽаԥазтәыз артистка Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль «Сариа».

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа аӡымҽхак  аҿы иахьа ашьжьымҭан аӡы дагеит 1995 шықәсазы ииз ахаҵа.  

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, атрагедиа ҟалеит «Алашарбага» аҳабла иахьаҵанакуа.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара Аминистрра зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи ахәыҷы рацәа змоуи аҭаацәа рзы араионтә ҵарадырра аҟәшақәа ашколтә формақәа рзоунажьит.  Ашколтә форма аахәан Аминистрра абиуџьет ахарџь ала.

«Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа, абар шьҭа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы Аминистрра зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ашколтә формала реиқәыршәара еиҿнакаауеит. Сынтәа аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи рзы  600 комплект  аахәан, ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара араионтә аҵара ҟәшақәа ҳрыдҵаалоит, урҭ ацхыраара зҭаху рсиақәа ҳарҭоит, анаҩс Аминистрра иалшо ала ахәыҷқәа рзы ашколтә формақәа аанахәоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Кәыҭелиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.