АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2024

Урыстәыла атәылауаҩра аиразы аршаҳаҭга ала ишьақәырӷәӷәахоит уи азы иара иақәнагоу аштамп ықәыргылазар.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада абҵарамза 22,  2023 шықәсазы иҭижьыз «Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра азҵаарақәа рзы» Аусԥҟа  № 889 азинмчы аиура инамаданы, 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа Урыстәыла атәылауаҩра рымазаара шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа рсиа шьақәзыргылоз анорма-зинтә шәҟәынҵақәак азинмчы рцәыӡит. 

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, шьҭарнахыс, атәылауаҩра азҵаарақәа рыхәаԥшра Аԥҟара апункт 173 инақәыршәаны, Урыстәыла атәылауаҩра аиразы аршаҳаҭга ала ишьақәырӷәӷәахоит уи азы иара иақәнагоу аштамп  ықәыргылазар.

14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа атәылауаҩшәҟәы аиурада атәылауаҩра рыҭаразы ашәҟәқәа алазҵаз зегьы аиразы аршаҳаҭгақәа атәылауаҩразы аштамп ақәыргыларазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иадҵаалар ҟалоит. 

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо абжьгарала,  аиразы аршаҳаҭга Урыстәыла ироузар, усҟан уи атәылауаҩразы аштамп ақәыргыларазы Урыстәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рахь иадҵаалар ахәҭоуп. ц азы абжьгара ҟанаҵоит. 


Read 208 times - Аҩаша, 13 Жәабран 2024 14:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.