АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2024

Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо инапаҵаҟа иҟоу аусзуҩцәа рҿаԥхьа аԥхьа инагӡатәу адҵақәа ықәиргылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа ашәахьа, жәабранмза  12 рзы есымчыбжьатәи аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа  адырра ҟанаҵоит араион Ахадара.

Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  аиҳабы Зосма Гыцба, иҳаҩсыз амчыбжь азы  117-цыра  акриптвалиута арҳара иазку аппарат рыԥшааит, урҭ амилициа аҟәша аҿы ишьҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Рауль Лолуа закәаншьҭада акриптовалиута арҳара иазку аусура аҿагылара азы аштаб аусура ахәшьара бзиа аиҭеит, убасҵәҟьа  аусура иацырҵарц азы абжьгара ҟаиҵеит  ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара апресс-маҵзура.

Рауль Лолуа Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы амилициа аусзуҩцәа рзы аԥхынтәи аформа аахәраҿы ацхыраара шыҟаҵахо агәра ииргеит.

«Амилициа аусзуҩцәа – ҳтуристцәа анаауа раԥхьа ирбо роуп. Убри инамаданы  амилициа аусзуҩ иҭеиҭыԥш акырӡа аанагоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Лолуа.

Араионтә Санитар-епидемиологиатә Станциа анапхгаҩы Инга Ҷанба ишьақәыргылаз ачымазарақәа рзы адырра ҟалҵеит:

◾️5 - ҩык  акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рылаҽит;

◾️ аӡәы скарлатина ҳәа изышьҭоу  ачымазара ихьит;

◾️7-ҩык аимҳәаршә рыхьит.  

Инга Ҷанба лажәақәа рыла, Гәдоуҭа араион ашколқәа реиҳарак рҿы аԥсыԥ лага-ҩагаратә вирустә инфекциақәа рыпрофилактика азы арециркулиаторқәа шьақәыргылоуп.

Имариам аҭагылазаашьа шьақәгылеит ахәыҷбаҳча №3 аҿы, араҟа зыԥшра ҟамҵақәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп.  Рауль Лолуа  алагаратә етап аҿы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара азы анапынҵақәа риҭеит.

Араион Анхара-коммуналтә Нхамҩа анапхгаҩы ареспубликатә трасса иахьаҵанакуа арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара аиҿкааразы адҵа иоуит.

Араион ахада инапынҵақәа назыгӡо араион аҿы ацқьара ахылаԥшра иаҵоу аҵакы ахадара ҷыдала ахшьыҩзышьҭра аиҭеит.  Далацәажәеит агәам-сам ақәгаразы атерриториа аиқәыршәара азҵаара.

Ақыҭақәа рхадацәа иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаԥыргаз аусура азы аҳасабырбақәа рыҟаҵареи, ҳазҭалаз 2024 шықәсазы апланқәа рышьақәырӷәӷәареи рзы адҵақәа рыҭахеит.

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥсуа атәы еиҭеиҳәеит.  Иара имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы ианаамҭоу ишахәҭоу ала еиқәыршәахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

 

 

 

 

 

 


Read 223 times - Аҩаша, 13 Жәабран 2024 15:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.