АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Татарсҭан аделегациа Аԥсныҟа аусуратә визит амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥснымедиеи» Акционертә еилазаара «Татмедиеи» аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аусшәҟы рнапы аҵарҩит Ареспублиатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор Хада Роберт Џьопуа, Акционертә Еилазаара «Татмедиа»  адиректор Хада Шамиль Садыков.

Знапаҵыҩра мҩаԥгаз аусшәҟәы инақәыршәаны, аганқәа аинформациа ала аимадара аганахьала аусеицура рыбжьарҵоит.

«Аԥснымедиа» адиректор Хада Роберт Џьопуа асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит:  «Ҳара Ҭаҭарсҭанҟа ҳцара шәара ишәымоу аԥышәа шәымадара иазкын. Хымзтәи ҳаибадырра иалагӡаны аинформациала аимдара ҳабжьан, изныкамкәа-иҩынтәымкәа онлаин-семинарқәа мҩаԥысуан, иахьа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵараны ҳаҟоуп».

Акционертә Еилазаара «Татмедиа» адиректор Хада Шамиль Садыков 15 шықәса раԥхьа ареспубликатәи амуниципалтәи амассатә инфорациа ахархәагақәа зегьы ааизакны аҳәынҭқарратә еилакны аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит ҳәа еиҭеиҳәеит.  

«Ҳаилазаара ауникалра, апроцессқәа зегьы, аредакциатә усура инаркны, агазеҭқәа рҭыжьра аума, урҭ рыларҵәара аума, аконтент зегьы ахьеизо аинтеграциатә еиҿкаара аҳасабала ашьақәгылара, ажәакала амассатә информациа ахархәагақәа зегьы структурак аҿы реизакра алыршара иадҳәалоуп. Уи иабзоураны анапхгараҭаратә процессқәа реизакреи иситемаркны аҿиареи, зегьы ирыцку – аҳәанҭқарра исистеракны аус ацуразы алшара аԥҵахеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Шамиль Садыков.      

Акьыԥхьреи амассатә коммуникациақәеи рзы Ареспубликатә агентра «Татмедиа» анапхгаҩы Аидар Салимгараев, аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭара азы агәазыҳәара ду ыҟоуп, избан акәзар идуум аредациақәа рҿы иахәҭоу акомпетенциақәа рышьақәыргылара даара иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аиқәшаҳаҭра аиҳарак ала аинформациатә еимадара иадҳәалахоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аинформациатә дунеи даара ирласны аҽеиҭакра иаҿуп, убри аганахьала ҳалшарақәа еибыҭаны аидгылара алҳаршар ҳҭахуп. Ҳара аҵаратә программақәа рыла аимдара, аинформациатә технологиақәа русхкы аҿы аусеицура ҳазхиоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маҷара ақыҭан апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан абнара иахьаҵанакуа даанкылахеит  Меликиан Руслан Гунтер-иԥа. Ари ақыҭаҿы инхо, 1968 шықәса рзы ииз ахаҵа, анаҩс Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәа идырбалаз, имырхыз арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаа иҵәахны иман,ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Иаанкылаз ахаҵа иҩны аҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгараан, амилициа аусзуҩцәа Меликиан Руслан иуҭраҿы еиҭаҳаны имаз арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиааи, иара убас ирҩаны иҟаз   аиԥш-зеиԥшу аҵиаагьы рыԥшааит.  Иҭаҵәахыз аҭра аҟынтәи ицәырган анапылатә граната Ф1 акорпус. Уи атехникатә ҟазшьақәа рыла аус ауеит ҳәа ишьақәырӷәӷәан.

Аҩны аҩбатәи аихагылаҿы убасҵәҟьа ирыԥшааит арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиааи, иара убас ирҩаны, ирххны  иҟаз   аиԥш-зеиԥшу аҵиаа зҭаз аилаҳәарагьы.

Аекспертцәа излашьақәдыргылаз ала, Руслан Меликиан имхыз амаҭәашьарқәа зыкапан 100 грамм рҟынӡа инаӡо каннабис ҳәа изышьҭоу арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаахкы ауп. Убри аан иара Руслан Меликиан ихаҭа арҩышьыга маҭәашьар идкыланы дыҟан ҳәа ишьақәырӷәӷәан.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Анапхгареи Ареспублика Никарагуа Анапхгареи аамҭарацәа зҵазкуа аҿиара азы аҩганктәи аусеицуразы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра, иара убас 2023 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, цәыббрамза 20 рзы Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы онлаин режим ала Никарагуатәи рколлегацәа рԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥари Аилак аспециалист хадақәа Алиса Инаԥшьбеи Адгәыр Киути.

Никарагуантәи аган аҟынтәи:  Манагуа ақалақь Ахадара аспорттә департамент адиректор Ноель Гонсалес, Аспорт Аминистрра Никарагуантәи аспорт Аинститут (IND) ахаҭарнак Фредди Араика, Алексис Аргуелио ихьӡ зху аспорттә еиҿкаара (МDAA) амилаҭтә координатор Даниель Секеира.

Никарагуа ахаҭарнакцәа аспорт, амилаҭтә спорттә турнирқәеи аусмҩаԥгатәқәеи рыҿиареи  рпопулиаризациеи аспорттә инфраструктура ахь аинвестициақәа ралагалареи рзы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи Афырхацәа ргәалашәара иазкны имҩаԥысраны иҟоуп карате азы Иаарту Ареспубликатә турнир «Агәалашәара Ахраҿа»,ҳа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аицлабрақәа ҩаԥысуеит 6 шықәса зхымҵыц, иара убас 6-7, 8-9, 10-11, 12-13, 14-15, 16-17, 18 шықәса зхыҵуеи еиҳабууи  арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара имҩаԥысуеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь акультура-усуратә плошьадка «Гәыма» аҿы Аиааира Амш 30 шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15 шықәса аҵреи ирызку ацәыргақәҵа «Афырхаҵа игара» аатит.

Аекспозициаҿы ицәыргоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз 30-ҩык аибашьцәа ргарақәа, иара убас аибашьра аамҭа иаҵанакуа афотосахьақәа.  

Ацәыргақәҵа еиҿыркааит С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа, ари – Гәдоуҭа иҟоу, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа роуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Араҟа ицәыргақәҵоуп акыр абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу агарақәа. Иҟоуп иара убас  100 шықәса еиҳаны изхыҵхьоу агарагьы, уи Ҭаниаа рҭаацәара иатәуп. Уи иааӡеит ҩыџьа Аԥсны Афырхацәа, аиашьеи аиаҳәшьеи – Игори Маринеи Ҭаниаа, урҭ аибашьраҿы иҭахеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Есма Кәыҵниаԥҳа.

С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба, даара иуадаҩуп иахьа анацәа рыблақәа ҳархыԥшыло рхәыҷқәа зларааӡоз агарақәа рыӡбахә ахьырҳәо азыӡырыҩра, урҭ дара ирымхны ацәыргақәҵахь инагара, аха уи аҭоурых азы ихымԥадатәиуп ҳәа иазгәалҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Ахаҭарнак аџьынџьуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаажәларра рҿы апартаменқәа рыҭира азы азакәан апроект активла алацәажәара мҩаԥысуеит. Ареспублика Аԥсны Ахаҭарнакра Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ауаажәларратә еиҿкаарақәа рҟынтәи  адиаспора зегьы рыхьӡала агәаанагара аҳәра азы Аԥсныҟа аӡәы ддәықәҵоуп ҳәа адырра сымаӡам», - ҳәа иаҳәоит ашәҟәы аҿы.

Ибрахим Аҩӡба «Ҭырқәтәыла шәнызықьҩыла иқәынхо аԥсуаа рыхьӡала агәаанагара аҳәара азы аҭакԥхықәра зхахьы изго адиаспора хазы игоу ахаҭарнакцәа рхымҩаԥгашьа иашам», ҳәа иԥхьаӡоит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Басла аӡиас иху «Ацҳа Ҟаԥшь» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит.  Цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа ақалақь Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 30-шықәса ахыҵра аҽны, аусурақәа зегьы хыркәшахоит.

Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, ари ацҳа аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа ирыҵанакуеит, насгьы иҷыдоу асимволтә ҵакы амоуп, избан акәзар, араҟоуп, нанҳәамза 14,  1992 шықәсазы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа раԥхьатәи аӷа иҿагылара ахьымҩаԥыргаз.

Аҟәа. Цыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Косачиов Иирамш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Константин Иосиф-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!

Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчхара аусбарҭақәа рыҟны Шәара шәусуреи хаҭалатәи шәҟазшьақәеи аҳаҭыри ахьӡ-аԥшеи шәрыԥсаны шәҟарҵеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Шәара шәырдыруеит традициала ишьақәгылаз аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәеи апарламентбжьаратә усеицура рыҿиареи рус аҟны злагаламҭа дуу ҩыза гәакьак иаҳасабала.

Шәыпрофессионализм, шәԥышәа, шәгәамч аԥхьаҟагьы ҳҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкызааит.

Ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳабжьара ишьақәгылаз агәреибагара, есқьынгьы аиԥылара ҿыцқәа ҳарзыԥшуп, гәахәас иҟаҳҵоит.

Ҳаҭыр зқәу Константин Иосиф-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, анасыԥ!».

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭаахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Борис Шьаликәа-иԥа! Ари аныҳәатә мшы азы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәара шәиубилеи – 75-тәи шәира Амш инамаданы, гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара шәыдышәкылар ҳҭахуп.!

Абиблиотекатә ус аҿы зеиӷьаҟам аспециалист, Амилаҭтә библиотека афонд аизакреи арҭбаареи рызҵаарақәа аӡбара активла иалаху, аиҿкааҩ бзиа, анапхгаҩы иаша, Шәара шәҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоуп ахақәкынагӡара, алак-ҩакрада, аамсҭашәара. Шәара шәнапхгарала Амилаҭтә библиотека аиашазы амилаҭтә информациатә центрны, ҳажәлар ркультуратә хәдуқәа рыҵәахырҭаны  иҟалеит».

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа шықәсык еиҳаны Аҟәа ақалақь Ахадара афинанстә цхыраара иабзоураны Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аус ауеит ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа.

Ари ахынкыдкыларҭа анапхгаҩы Виола Берзениа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо, иахьазы араҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уадаҩрақәас иҟоу дрылацәжәеит.

Ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аргыларазы аидеиа агәыҳалалратә фонд «Агәыӷра» аҿы ицәырҵит. Уи адгылара аиуит аҳҭнықалақь Ахадара аҿы.  

«Ас еиԥш иҟоу алақәа рзы иҷыдоу аҭыԥ аԥҵара ахымԥадатәра Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы хылаԥшрада адәы иқәхаз алақәа зхыԥхьаӡара акыр аизҳара иадҳәалахеит. Шәареи ҳареи зегьы иҳамбар залшаӡоим урҭ рхыԥхьаӡара есааира ишазҳауа. Ари апроблема иахьа уажәраанӡагьы актуалра шаҵац иаанхоит. Излауа ала, маҷк иадамзаргьы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа армариара хықәкыс иҟаҵаны, иргылан ари аԥстәқәа рхыҵакырҭа. Ҳара иаҳзоурыжьит Ӡыгәҭа ақыҭан атерриториа, анаҩс араҟа аргыларатә усурақәа ирылагеит. Иахьазы араҟа иҟоуп 45 рҟынӡа алақәа,  16 волиер – 15 идуу, акы - ихәуҷу. Аволиерқәа зегьы ҭәуп, аҭыԥ ҳазхаӡом, ҿыц аԥстәқәа рыдкыларазы алшара ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара.

Араантәи аԥстәқәа анырго лассы-лассы иҟалалома, ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, Виола еиҳа ирго ашьацқьа злоу алақәа роуп, егьырҭ бжеиҳан аӡәгьы иҭахӡамкәа ианнхоит, ҳәа иазгәалҭеит.  

«Ҳара иҳақәшәон анемецтә овчарка, курцхар, доберман, уҳәа ашьацқьа злоу ажәла змоу алақәа – урҭ иаразнак еимҵәаны иргоит.  Егьырҭ, аҩны ахьчараҿы аума, ауаҩы гәыкала изыҟзаара аганахьала аума  џьара акала ишеицәамгьы араҟа иаанхоит. Ҳлақәа зегьы алаҵа рымоуп, рцәаҿы аԥхасҭа зырҿио аӡқәеи апаҿа қәеи рҟынтәи иахәҭоу амаҭәашьарқәа рыла аус рыдулоуп», - ҳәа илҳәеит лара.  

Уажәы ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аҿы аусуратә персонал ӷәӷәала азымхара ыҟоуп. 

«Раԥхьа ҳара аперсонал азымхара ҳамаӡамызт, активла иҳацхраауан аволонтиорцәагьы. Аԥстәқәа рхынкыдкыларҭа аартра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аштат аҿы дыҟан аветеринар, иҟан иара убас ҩыџьа аусзуҩцәа, урҭ алақәа крырҿаҵареи аволиерқәа рҿы аилыргареи иазкын. Есышьжьымҭан арахь иааны алақәа ирыхәаԥшуан, ирхылаԥшуан, аволиерқәа еилдыргон, алақәаа лшьапы еиҵырхырц азы иҭахкаау аҵакыраҿы ҳамҭакы иоурыжьҭуан», - ҳәа еиҭалҳәеит Виола Берзениа

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.