АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара азы Акомиссиа аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа еиқәыршәаны ишьақәнарӷәӷәеит.  

Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп   аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирылаху 20 инареиҳаны ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи.

 

Цәыббрамза  27 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан:

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша Амемориал, асааҭ 09:00 рзы – ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит;

Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩа, аҩ.№ 11, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада, асааҭ 13:00 рзы – ацәыргақәҵа «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира аиубилеи»;

Аҟәа ақалақь, Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа, асааҭ 17:00 рзы – аныҳәатә концерт «Аҟәа»;

Цәыббрамза 30 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан:

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша  аоперативтә усзуҩцәеи атәым мазара аӷьычраҿы игәҩароу Дранда аҳабла инхо Лагәлаа Џьано Оҭар-иԥа дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Џьано Лагәлаа Маҷара ақыҭан асасааирҭатә ҩны дыҩналаны, ҩ-фотоаппарати  ԥарала 5400 мааҭи ӷьычны дыбналеит.

Џьано Лагәлаа иҟаиҵаз ацәгьоура азы дҿақәшаҳаҭхеит, иигаз амазара имхуп.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 155, ахәҭа 3 инақәыршәаны ихацыркыз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аус аилыргара мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа.  Ацәгьоураҿы игәҩароу аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы ақәҵарақәа ҩба рыпроектқәа ирыхәаԥшит:,

– «Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа жәажәижәаба шықәса ахыҵра – цәыббрамза 30, 2023 шықәса инамаданы амнистиа рылаҳәара азы»

– ««Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа жәажәижәаба шықәса ахыҵра – цәыббрамза 30, 2023 шықәса инамаданы амнистиа рылаҳәара азы» Аԥсны Жәлар Реизара -Апарламент Ақәҵара анагӡара алыршара азы».

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 25 азы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы иаатуеит X Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа».  

Ари афестиваль Аԥсны акультуратәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара аҿы шьҭа традициала имҩаԥысуа усмҩаԥгатәны иҟалеит.

««Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – ашәҟәыԥхьара, ашәҟәқәа, алитературатә ҟазара аиҳарак аҿар реилазаара аҟны апропагандеи апопулиаризациеи; аинтеллектуалтә ҿиара азы зегьы раасҭа иманшәалоу иақәнагоу аҭыԥ аҳасабала абиблиотекақәа  рпопуляризациа», - ҳәа иаҳәоит апресс-релиз аҿы. 

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 18 рзы  аҟыбаҩ ду злаз аҵарауаҩ-афизик, Леон иорден занашьоу Адгәыр Шьалуа-иԥа Инал-Иԥа (30.11.1952 – 18. 09.1993) данҭаха амш 30 шықәса ахыҵит.

Адгәыр Инал-Иԥа диит абҵарамза 30, 1952 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы еицырдыруа аҵарауаа Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥеи Мира Константин-иԥҳа Хотелашвили рҭаацәараҿы.

1976 шықәсазы иара далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә Университет афизикатә факультет. Иара убри ашықәсан Аҟәатәи афизика-техникатә Институт (СФТИ) аҿы анџьныр-физик имаҵураҭыԥ аҿы аусура далагеит.  

1979 – 1983 шш. – анаукатә усзуҩ еиҵбы, аплазма адиагностика апроблема аҭҵаара инапы алакын. Аамҭак ала иара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афизика-математикатә факультет аҿы арҵаҩратә усура мҩаԥигон.

1983 – 1987 шш. – Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) астажиор, анаҩс аспирант, акомета Вега аҭҵаара апрограмма далахәын, анаҩс Марс амҩалаҩ (аспутник) - Фобос аҭҵаара апрограмма ала аҭҵааратә гәыԥ далагалан.

1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аспирантура далгеит,  афизикатә експеримент атехника, афизикатә приборқәеи акосмостә ҭҵаарақәа рзы афизикатә ҭҵаарақәа равтоматизациеи аусхкы аҿы дыспициалистны дҟалеит.

Адгәыр Инал-Иԥа активла дызлахәыз Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) алабораториа аусзуҩцәа рыла еибыҭаз, анаҩс аԥышәара иахгаз акосмостә маҭәар ашьаҭа злашьақәгылоу аилкаара азы аиқәыршәагақәа, 1990 шықәсазы Марс амҩалаҩ (аспутник) ахь идәықәҵаз амҩалаҩ  - «Фобос» аҿы ишьақәыргылахеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, мызқәак рышьҭахь иарбоу амҩалаҩ аимадара еиԥҟьеит.  Аха, Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аҿы иарбоу аиқәыршәага аиӷьтәра азы аусурақәа ирыцҵан. Аионтә бзарбзан ахархәарала акосмостә маҭәар ашьаҭа злашьақәгылоу аилкаара азы ашьақәыргылага аԥҵара Адгәыр Инал-Иԥа икандидаттә диссертациа ашьаҭаны иҟалеит.

1987 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа, ААУ акафедра анаукатә усзуҩны дшыҟаз, Адгәыр Инал-Иԥа аамҭакала  Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аҿы акыр аамҭа зҵазкуаз анаукатә маҵураныҟәарақәа ихы алаирхәан. Адгур Инал-Иԥа ААУ Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститути (МИКИ)  анаукатә еимадара рыбжьаҵара азы аус иуан, убас ала ААУ Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститути (МИКИ) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара алыршахеит, уи, ахәҭакахьала, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы афизика аганахьала анаукатә усура амҩаԥгаразы ихымԥадатәиу ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа раиура азы зеиӷьаҟам алшарақәа аԥнаҵон.

Рацҳарас иҟалаз, иаалырҟьаны иалагаз аԥсуа-қырҭуа еибашьра иахҟьаны, арҭ агәҭакқәа рынагӡара залмыршахеит. Адгур Инал-Иԥа ила аҩынтә-ионнтәи амасс-спектрометриа амикромодельҟаҵара амҩаԥгара азы аексперименталтә аппаратура аусдулара мҩаԥган. Иарбоу амаруга акосмостә маҭәарқәа рышьақәгылашьа аилкааразы   акосмос аҿы реалла иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ахархәара азԥхьагәаҭан.

1991 шықәсазы Адгәыр атема: «Фобос ишыҟоу аилкааразы адистанциатә гәаҭара иазку алаборатортә модельҟаҵара» («Лабораторное моделирование дистанционного ионного зондирования поверхности Фобоса») ала зеиӷьаҟам ала акандидаттә диссертациа ихьчеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиеи иаарту адиалог ахь ааԥхьара рыҭара дахцәажәеит.

Сергеи Шамба игәалаиршәеит ааигәа аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аефир аҿы атәыла анапхгара аҟынтәи ҩыџьа ахаҭарнакцәеи аоппозициа аҟынтәи ҩыџьа ахаҭарнакцәеи алархәны адискуссиа амҩаԥгаразы аԥшьгара шыҟаҵаз.

«Усҟан Инал Арӡынбеи сареи ателехәаԥшраҿы ҳнеит, аха убри аан адискуссиа амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟазҵаз ауаа рхаҭақәа мнеиӡеит. Ҳара ҳҩыџьагьы аицәажәара мҩаԥаагар акәхеит, аха уеизгьы хра злоу ацәажәара шьақәгылеит ҳәа  агәаанагара сымоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 17 рзы Бриансктәи аобласт агубернатор Алеқсандр Богомаз аофициалтә дкылара мҩаԥигеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит  Брианск ақалақь Амш азгәаҭареи Брианшьина афашистцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи  80-шықәса аҵреи  иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

«Инықәҳа ицоит аамҭа, ашықәсқәа, абиԥарақа ҿыцқәа еиҵагылоит, аха ари амш, цәыббрамза 17, 1943 шықәса афырхаҵареи агәымшәареи рсимвол аҳасабала  наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.  Бриансктәи афронт архәҭақәа ҳтәыла аҭоурых адаӷьақәа ирнылаз, бриансктәи адгьыл ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа зеиӷьаҟам ала имҩаԥыргеит. Аԥсадгьыл бриансктәи адгьыл ахақәиҭтәразы хацәнымырха еибашьуаз ҳџьынџьуа рфырхаҵара ахә ҳаракны иашьеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсандр Богомаз.

Брианск инеит аиашьаратә қалақьқәа: Гомели Мински (Ареспублика Беларус), Аҟәа (Аԥсны), Брианки (Лугансктәи Жәлартә Республика), Курск, Липецк, Ориол, Пензы, иара убас АПКР «Брянск» ахаҭарнакцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 18,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 15 – 17, 2023 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы XXV Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Адыгеиа, Ареспублика Арцах ақалақьқәеи араионқәеи Шәача ақалақьи рҟынтәи 160-ҩык рҟынӡа  аспортсменцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа цәыббрамза 15 рзы Азербаиџьан атәылауаҩ, 1981 шықәса рзы ииз Гусеинов Џьеихун  Вилаиат- оглы иганахьала ашьаустә усеилыргара ахәаԥшра хнаркәшан ахарадҵатә зыӡба аднакылеит.  Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Џьеихун Гусеинов Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоураҿы дыгәҩаран.

Араҟа излацажәо ҷыдала зыкапан дуу (13,915 грамм рҟынӡа инаӡо) анаркотикатә маҭәашьар «метадон»,  анаҩс аҭира гәҭакыс иҟаҵаны, аахәареи аҵәахреи аиагареи ирыдҳәаланы 2023 шықәса ажьырныҳәамзазы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ацәгьоура ауп.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра Амш инамаданы адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ари амш Никарагуа аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа мшны иҟоуп. Уи Никарагуа ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ашьҭазаара символра ауеит.  Аԥсны жәлар ахьыԥшымра аиура амҩаҿы шаҟа ԥышәареи шаҟа мыҟәмабареи цәырҵуа атәы зеиӷьаҟам ала ирдыруеит, ари Амшныҳәа азы шәгәырӷьара гәык-ԥсыкала ишәыциҩыршоит.  Ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьалаз аиашьаратәи аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа даара ҳаҭыр ҳзақәуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.