
pressadmin-2
Цәыббрамза 15 рзы Мықә ақыҭан имҩаԥысуеит акультура-ҟазаратә Фестиваль.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, цәыббрамза 15 рзы аҭоурыхтә дәы Мықәашҭа (Очамчыра араион, Мықә ақыҭа) Европатәи Аидгылареи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу ақыҭатә ҵакырақәа рыҿиаразы апрограммеи жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагыларзы аиҿкаареи» еицынарыгӡо апрограмма ацхыраарала, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рраионтә аԥшьгаратә гәыԥқәа рыла имҩаԥысуеит акультура ҟазаратә Фестиваль.
Афестиваль алагара аамҭа: асааҭ 12.00 рзы.
Афестиваль ахықәкы хада – аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа итрадициатәу Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рнапҟазара, иара убас акультуреи аҵасқәеи ақьабзқәеи еиҳа еиӷьны рырдарра. Афестиваль апрограмма ԥшь-хәҭакны ишоит:
Арт-зона;
Лекториа азона;
Амастер-классқәа рзона;
Ахәмарратә зона.
Ашколхәыҷқәа рзы имҩаԥгахоит Мықәтәи ауахәамахь аекскурсиа, уи амҩаԥгараан урҭ ирзеиҭарҳәоит ари аныхабаа аҵаки аҭоурыхи ртәы, иара убас Мықәашҭа ахь аныҟәара рзеиҿкаахоит, араҟа урҭ аԥсуа жәлар рыбзазара атәы рҭеиҭарҳәоит.
Аконференциа «Иаарту амчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа» цәыббрамза 21 – 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 21 – 23, 2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи инамаданы имҩаԥыслоит II Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Иаарту амчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа»..
Аконференциа аиҿкааҩцәа – Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут, Анапхгараҭаратә усбарҭақәа русзуҩцәа еидызкыло Амилаҭтә Ассоциациа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра. Аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы адгылара ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.
Аконференциа аусура ахь ааԥхьара рыҭахоит аҵарауаа-ҭҵааҩцәа, аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа, аспирантцәа.
Ирена Бебиеи Данил Могилеи Шәача ақалақь аҿы аҳәеилышьразы Аԥхьахәгара аҿы аиааира ргеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ирена Бебиеи Данил Могилеи аиааира ргеит, Злата Карамзиа – араӡнытә медал лгеит Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аҳәеилышьразы Аԥхьахәгара аҿы. Уаанӡа Аԥснытәи аспортсмен Илиа Колесников Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҳәеилышьразы Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә медал игеит. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аԥсны иҟоу Аладатәи Арратә База аҵәҩанҵәхысыҩцәа ихыҭҳәаау аӷа иԥшыхәратә аԥырҩыда иԥыруа аппаратқа ларышьҭит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Аладатәи Арратә База аҵәҩанҵәхысыҩцәа аҳаирҿагыларатә хьчара азы арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан ихыҭҳәаау аӷа иԥшыхәратә аԥырҩыда иԥыруа аппаратқа ларышьҭит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.
Ашьха-бнаратәи амшын аԥшаҳәатәи аҭыԥҵакырақәа рҿы аҳаирҿагыларатә архәҭақәа аԥшыхәратә, ажәыларатә, 2000 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы зыццакра бжьаратәла 200 км рҟынӡа иҟоу аԥырратә аппаратқәа рыла аҳауа иалоу ихыҭҳәаау аӷа ишьҭрақәлареи иқәхратәи арратә хыдҵақәа рынагӡаразы рҽазыҟарҵон. Ихыҭҳәаау аӷа пилотда иԥыруа иаппарат алашьҭра аимитациа азы Аладатәи Арратә Округ аруаа рхы иадырхәуеит аԥырратә аппаратқәа «Орлан», «Застава», «Гранат».
Аԥснытәи аделегациа Жәларбжьаратәи аҟазара азҟазацәа Рфестиваль “Мир Кавказу” ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. К. Т. Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» Черкесск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҟазара азҟазацәа Рфестиваль “ Мир Кавказу ” ахы аланархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, министрра акультуреи аҟазареи рыҟәшааиҳабы Авҭандил Конџьариа.
Ареспубликатә трасса аҿы амҩатә машәыр ҟалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры 102-тәи акилометр аҿы амҩатә машәыр ҟалеит.
«Ааха лоуит автомашьына аԥсҟы зкыз аԥҳәыс. Уи ахәышәтәырҭахь днагоуп, лыԥсҭазааразы кшәарҭара ыҟам», - ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа.
Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит Рубен Дилениан игәалашәара иазку аԥкьаҭмпыл азы Ареспубликатә туринир.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы цәыббрамза 11, ашәахьазы ихыркәшахеит Ареспублика Аԥсны аԥкьатмпыл азы зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР зҽаԥазтәыз абҩарҵәыреи аспорти русзуҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазку аԥкьаҭмпыл азы Ареспубликатә туринир, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Атурнир рхы аладырхәит ареспублика араионқәа рҟынтәи 77-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Аицлабрақәа 9-10 шықәса зхыҵуа, 13 шықәса зхымҵыц, 17-шықәса зхымҵыц, иара убас зықәра наӡоу рыбжьара имҩаԥысуан.
9-10 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа аанкыркылеит Лионель Қриа, (ақ. Аҟәа) Софиа Ҭарба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа- Омар Коӷониа (ақ. Аҟәа), Амра Герхьелиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа - Володар Парамонов (ақ. Аҟәа), Алиса Амҷба (ақ. Аҟәа).
«Аԥсуа литературатә тетрад» иалалеит 21-ҩык авторцәа раԥҵамҭақәа.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 инаркны 10-нӡа Аԥсны, ареспублика акультура Аминистрра адгыларала имҩаԥысуан «Аурыс культура Амшқәа». Алитераторцәа, ажурналистцәа, асахьаҭыхыҩцәа зеилазаараҿы иҟоу Урыстәылантәи аделегациа напхгара алҭон аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор, академик, алитературадырҩы, ажурнал «Литературные знакомства» (ақ.Москва) аԥҵаҩы, аредактор хада Лола Звонарева. Аурыс культура Амшқәа ацеиҿкааҩы иаҳасабала дцәырҵит ашәҟәыҩҩы, Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Алитературатә хеилак ацхантәаҩы, Фазиль Абдул-иԥа Искандер ихьӡ зху апремиа алауреат, аурыс ПЕН-центр алхәыла Владимир Делба.
Иара иоуп иара убас цәыббрамза 7 рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз ажурнал «Литературные знакомства» изаамҭанытәиу аномер аӡыргара иазку ацеремониа аҿы амҩаԥгаҩыс иҟазгьы. Ари ажурнал аҿы имаҷымкәа аҭыԥ азалхуп ус иазуҳәар ҟалозар, ажурнал аҿы ашәҟәы «Аԥсуа литературатә тетрад». Ари арубрика ажурнал аҿы аартра шықәсқәак раԥхьа иаԥшьылгеит Лола Звонарева.
Ас еиԥш иҟоу аизгамҭақәа ирыбзоураны урыстәылазегьтәии аҳәаанырцәтәии аԥхьаҩ еиуеиԥшым атәылақәеи Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи ареспубликақәеи рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала алитераторцәа рырҿиамҭақәа аамҭакала ибартә алшара изаԥҵахоит. Апрезентациа амҩаԥгаҩ Владимир Делба иара убас «Аԥсуа литературатә тетрад» аиқәыршәаҩыс дыҟан.
Алеқсандр Анқәаб атәыла агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика аҿы аус зуа, аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз, иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иҭагылоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ацхыраареи адгылареи рызҭо ауаажәларратә агәыҳалалратә еиҿкаарақәа – Аԥсны Ахәыҷтәы фонд «Панорама», «Киараз» рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аԥсны Ахәыҷтәы фонд анапхгаҩы Асида Ломиа инапхгаратәы аиҿкаарақәа зегьы еицҿакны зҭаацәа иахәҭам аԥсҭазаашьа змоу, мамзаргьы абахҭа иҭаку, мамзаргьы аҭаацәаратә зин зымху, иара убас зҭаацәа аԥсҭазаара иалҵхьоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҭагылазаашьа азы агәҭынчымра шаадырԥшуа азгәалҭеит.
Аиԥылара иалахәыз ргәаанагарала, апроблемақәа аиҳарак ауаажәлррак еиҿкаарақәа, асоциалтә маҵзурақәеи аҵарадырра аусбарҭақәеи русеицура иахәҭоу аҩаӡӡараҿы иахьыҟам ауп изыхҟьо. Иара убас, ареспублика аҿы хыхь иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа ахәыҷқәа ахылаԥшра рызҭо иҷыдоу аҳәынҭқарратә усбарҭа ыҟаӡам.
Адизельтә былтәы зҭаз абылтәымҩангага Аҟәа араион атрасса аҿы иааҳәит.
Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адизельтә былтәы зҭаз абылтәымҩангага Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан ареспубликатә атрасса аҿы иааҳәит.
Амцакра ҟамларц азы аҭыԥ ахь иаразанак идәықәҵахеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра абылрацәыхьчаратә гәыԥқәа ҩба. Абри азы адырра ҟарҵоит аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аҟны.