Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь инаишьҭит «Атәымтәылатә агент ифункциақәа назыгӡо икоммерциатәым аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Азакәан апроект инақәыршәаны, иарбанызаалак аиҿкаара-зинтә форма змоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа аҳәаанырцәти ахыҵхырҭақәа рҟынтәи аԥаратә хархәагақәа, мамзаргьы даҽа мазарак роуазар, убри аан аԥара рзызшәо аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа ринтересқәа ирықәшәо аусура уахь иналаҵаны, Аԥсны аполитикатә усура иалахәзар, усҟан урҭ иҳәаанырцәтәу агентцәоуп ҳәа иԥхьаӡатәуп.
Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра змоу ахаҿқәеи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҳәаанырцәтәи агент ифункциақәа назыгӡо хазхаҭалатәи ахаҿқәас иԥхьаӡазар алшоит аҳәаанырцәти ахыҵхырҭақәа рҟынтәи аԥаратә хархәагақәа, мамзаргьы даҽа мазарак роуазар, убри аан аԥара рзызшәо аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа ринтересқәа ирықәшәо аусура уахь иналаҵаны, Аԥсны аполитикатә усура иалахәзар.
Аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәаны иԥхьаӡоуп:
- аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа;
- аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа;
-жәларбжьаратәии аҳәаанырцәтәии аиҿкаарақәеи урҭ рыструктуратә ҟәшеиҵақәеи;
- аҳәаанырцәтәи атәылауаа;
- атәылауаҩра змам ахаҿқәа;
- аиуристтә хаҿы аԥҵарада аус зуа аҳәаанырцәтәи аструктурақәа;
- апунктқәа 1–6 иарбоу ахыҵхырҭақәа рыла зфинансыркра мҩаԥысуа ахаҿқәа.
Аҳәаанырцәтәи агентцәоуп ҳәа иршьо икоммерциатәым аиҿкаарақәа рышәҟәҭагалара мҩаԥнагалоит Аиустициа Аминистрра.
Аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы Аԥсны азакәанԥҵара аиалагаразы административтә, ашьаустә, ма даҽа хьырхәра хкык азԥхьагәаҭоуп.