
pressadmin-2
Алеқсандр Анқәаб Константин Затулин ииубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, Ихьыԥшым Аҳынҭқаррақәа Реиҩызара Аинститут адиректор Константин Затулин 65-шықәса ихыҵра инамаданы дидныҳәалеит.
Аԥсны аделегациа Калуга иаҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура алацәажәара азы Калуга ақалақь иаҭааит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба.
Калуга аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит ақалақьтә ахаланапхгара ахада Иури Моисеев, ақалақь ахада Дмитри Денисов, Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Иванов, Ақалақьтә Еизара адепутатцәа Карп Диденкои Алеқсеи Колесникови.
Анапылампыласратә команда «Аԥсны» Урыстәылазегьтәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапылампыласратә команда «Аԥсны» Расул Гамзатов диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку Урыстәылазегьтәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» рхы аладырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Атурнир Каспииск ақалақь Али Алиев ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы имҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәуеит акомандақәа: «Ростов-Волеи» (ақ.Ростов-на-Дону), «Дагестан» (ақ.Махачкала), «Текстильщик» (ақ.Иваново), «Аԥсны» (Ареспублика Аԥсны), «Грозный» (ақ.Грозныи), «Динамо-МГТУ» (ақ.Маиҟәап).
Акомандақәа зегьы Урыстәыла ачемпионат Иреиҳаӡоу алига «Б» алахәылацәа роуп.
Нанҳәамзазы ареспублика абиуџьет иалагалахеит зеицҵалыҵ 450,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрреи аинспекциақәеи Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҿы русура аихшьаалақәа рыла, нанҳәамзазы ареспублика абиуџьет иалагалахеит зеицҵалыҵ 450,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа. Убри аан планла иазԥхьагәаҭаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 399,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аплан анагӡара нанҳәамзазы 113 % рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит.
2023 шықәса аамзы ирылагӡаны ареспублика абиуџьет иалагалахеит 2 млрд 902 млн. мааҭ. Убри аан планла ишьақәыргылаз ашәахтәқәа реицҵалыҵ 2 млрд 341 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Азԥхьагәаҭатә рбагақәа рынагӡара 124%. рҟынӡа инаӡоит. Планла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵи фактла иалагалоу аицҵалыҵи реивгара 560,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтәқәа ралагалара адинамика 117% рҟынӡа инаӡоит, уи аицҵалыҵла 423,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ихьанҭоу ацәгьоуреи ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоуреи рзы игәҩароу Чамба А.Р. иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса рзы Ҭҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Ажьиба В.Р. изыӡба ала Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаратә гәыԥ аусеилыргаҩ Шьоуа Е.Ф. Аԥсны Аусеилыргаратә Закәеиндкыла ахәҭаҷ 221, ахәҭа 2, ап. «а» (заанаҵтәи ацәыҵеижәажәарала гәыԥҩык ахаҿқәа рыла иԥжәо амаҭәашьарқәеи арҭҟәацгақәеи, аџьаԥҳани абџьари ацәгара, мамзаргьы иӷьычны агара), ахәҭаҷ 155, ахәҭа 4, апункт «б» (мҽхакы ҭбаала атәым мазара аӷьычра, мамзаргьы маӡала ампыҵакра) рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рыла игәҩароу Чамба А.Р. иганахьала аҭакрала ахьырхәра изалхра азы иҟаиҵаз азыҳәамҭа анагӡара мап ацәкхеит. Убри аан иарбоу ацәгьоурақәа рзы ахьырхәра аҳасабала азакәан ала 10 шықәса иреиҳаны ҭакрала ахгара шарбогьы, аӡбаҩ иӡбамҭа инақәыршәаны, иарбоу ахаҿы иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра алхуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.
Аслан Бжьаниа Арезервтә фонд аҟынтәи ахарџь азоужьзарц сынтәа аԥхын иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы иацҵаны аԥара азоужьразы адҵа инапы аҵаиҩит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ҳазҭоу ашықәс аԥхынразы иҟалаз арыцҳара анализ азуа иҳәеит, Аԥсны ас еиԥш иҟало аԥсабаратә рыцҳарақәа ауаҩытәыҩсатә фактор шакәу еиҳарак изыхҟьо. «Зегь раԥхьа иргыланы, аԥшаҳәаҿы ииашамкәа иҟарҵо аргыларақәа ирыхҟьоит. Акурорттә усхк ала идыргыло аобиектқәа ахархәарахь ирырҭоит аԥҟарақәа ирхыԥаны», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр, насгьы ихымԥадатәны иԥхьаӡоит ареспубликаҟны аҟны иаку амониторингтә система алагалазарц.
Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь Ахада адырра ииҭеит ԥхынгәымза 9 рзы араион аҟны иҟалаз арыцҳара аԥыхразы ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рзы. Иара иазгәеиҭеит уи иахҟьаны Гагра араион аҟны аԥхасҭа шроуз ақыҭақәа: Лӡаа, Алаҳаӡы, Колхида, Бзыԥҭа аҳабла, хәҭа-хәҭала иара ақалақьгьы. 1200 ҩны аӡы рыҵалеит. Арыцҳара аанкылара иалахәын Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәа, уахгьы-ҽынгьы аус руан, иара убас ахархәара азун араион аҟны иҟаз атехника зегьы.
Сергеи Пустовалов аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов имаҵура аҟынтәи ихы ақәыиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥысит цәыббрамза 1, 2023 шықәсазы.
Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Мушьни Лашәриа 85-шықәса ихыҵра иазкны анаукатә конференциа аатит.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи ирызку жәларбжьаратәи анаукатә конференциа аатит.
Аконференциа аартуа, Аинститут адиректор Арда Ашәба, Мушьни Лашәриа ирҿиарала аԥсуа литература ирбеиеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иахьа аԥсуа литературеи аԥсуа жәлари рзы ныҳәа дууп, иахьа ҳара абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны ахьӡ ҭызго ауаҩы, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи азгәаҳҭоит. 70 шықәса ирылагӡаны Мушьни Таи-иԥа Лашәриа иаԥхьаҩцәа рзы зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку арҿиамҭақәа аԥиҵоит. Аԥсны Жәлар рпоет Алеқсандр Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин» аԥсуа бызшәахьы аиҭагара азы иҳараку алитературатә премиа иоуит. Аҳамҭа анашьара ацеремониа Кремльтәи Ахан аҿы имҩаԥысуан. Апоет ари аҳамҭа хаҭала ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев. Мушьни Лашәриа Дырмит Гәлиа, Баграҭ Шьынқәба, уҳәа аԥсуа литература акласикцәа рышьҭақәлаҩны дҟалеит», – ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.
Арда Ашәба Мушьни Ашәба 15-шықәса анихыҵуаз арҿиаратә усура инапы аиркит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аиубилиар аԥсуа ишықәснҵыра ду, аринахысгьы ирҿиаратә усураҿы ақәҿиара бзиақәа изеиӷьашьаны Аԥсуаҭҵааратә Институт ахьӡала аҳамҭа ианеишьеит.
Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Висарион Аԥлиа Мушьни Лашәриа изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә гәазҭазаара.
Аиубилиар иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рзы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит афилологиатә наукақәа ркандидат, ААУ адоцент Васили Аҩӡба.
Иқәгылараҿы Васили Аҩӡба, ахәҭакахьала, Мушьни Лашәриа аԥсуа литератураҿы ирҿиаратә мҩа даналагоз аамҭазы, ауаажәларра рыҩныҵҟа асахьаркыратә рҿиамҭақәа рахь аинтерес шышьҭыҵыз убаратәы иҟан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Мушьни Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩцәа ахԥатәи абиԥара ахаҭарнакыс дыҟоуп. Иара амилаҭтә литература аҿы иахәҭоу аҭыԥ ааникылеит. Уи алыршара иара илоу арҿиаратә ҟыбаҩ ауп изыбзоурахаз», – ҳәа иҳәеит Васили Аҩӡба.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба аконференциа иалахәу зегьы Аҳәынҭқарра Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә бӷьыц дырзаԥхьеит.
« Ҳаҭыр зқәу асасцәа!
Ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, Аԥсны анапхгара ахьӡала бзиала иазгәашәҭалааит ҳәа шәасҳәар сҭахуп ас еиԥш иҟоу - иналукааша аԥсуа литератор, аиҭагаҩ, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазку аныҳәатә хҭысқәа.
Ауаҩра, аамсҭашәара, аҟәыӷара, ган рацәала еибарку абаҩхатәра злоу, ҳхатәы бызшәа иаҵоу абеиара, аԥшӡара аихаҳара зылшаз, ҳажәлар зегьы бзиа еицырбо, зажәеинраалақәеи зашәақәеи ҳабиԥарақәа аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа поетуп Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.
Аԥсуа бызшәа иаҟәну аԥшшәы, уи иаҵоу амаӡақәа есааира иаҳзаартуа, Мушьни Таииа-иԥа аԥсуа поезиатә ҟазара ашьаҭаркҩцәа - Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба рыҩаӡара аҟынӡа ахалара илшеит ҳҳәар имыцхәхаӡом.
2023 шықәса азы 60 шықәса ахыҵуеит Мушьни Лашәриа иажәеинраалақәа реизга раԥхьатәи аҭыжьымҭа, ас еиԥш иҟоу аиубилеитә рыцхә аконференциа аусураҟны хымԥада ианыԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит.
Илагаламҭа дуӡӡоуп Мушьни Таииа-иԥа аԥсуа литературатә критикаҟны. Сынтәа 2023 шықәсазы 50 шықәса ҵуеит уи икритикатә статиақәа реизга «Ажәа аҳәаақәа - алитературатә-критикатә статиақуа» ҭыҵижьҭеи.
Иара убас иҳәатәуп Мушьни Лашәриа имҭаны аԥсуа жәлар ишроуыз Аԥсны ахи-аҵыхәеи еицырдыруа, иахьагьы гәыблыла инарыгӡо иашәақәа.
Мушьни Лашәриа аԥсуа ажәа аҳәаақәа рырҭбаара илшеит иреиӷьу аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аиҭагарала. Уи иеиҭагамҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: Александр Пушкин ироман "Евгени Онегин", Михаил Лермонтов ипоема, Ацқьаҩыра "Ауасиаҭ ҿыц".
Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа ихаҭара амҽхак дуӡӡоуп. Иахьагьы иныԥшуа аԥсҭазаара агәбылра, уи амаӡақәа рыҭҵааразы имоу агәазыҳәара ҿыцәааӡом, гәыблыла еиҳабык иаҳасабала хәы змаӡам иԥсҭазааратә ԥышәа ду ҳацеиҩишоит. Ибаҩхатәра, идырра ҵаулақәа, игьама аҳаракыра ирыбзоураны ҳажәлар рыҩныҵҟа дцәырҵит, иахьагьы дҳалагылоуп апоет, алирик, апублицист, аредактор, арккаҩы, ауаажәларратә усзҩуы, аԥсуа жәлар рҵеи иаша – Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.
Гәадуроуп ҳара ҳзы ас еиԥш ауаҩы иааигәа аҟазаара. Сгәы иаанагоит аԥсуа жәлар, ҳара зегьы хаҭа-хаҭала, ҳахәҭаа алаҳгалап ҳәа Мушьни Лашәриа ирҿиаратә ҭынха ду аларҵәара, уи еиқәырханы абиԥара ҿыцқәа ирызнаҳагарц азы.
Аиубилеитә конференциа иалахәу зегьы гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа! Аринахысгьы аныҳәақәа еицазгәашәҭалааит!» - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат аиҳабы Вадим Бжьаниа Апарламент Аиҳабы ихьӡала адныҳәалара шәҟәы даԥхьеит.
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит 85-шықәса шәхыҵра. Ҳара ҳаҭыр ду ҳзақәуп Шәара аԥсуа литература аҿиара, аԥсуа бызшәа аиқәырхара аҿы шәлагамҭа дуӡӡа, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭынха еиҷаҳарыла шәазнеира, Шәара инашәыгӡо аиҿкааратә усура.
Шәара шәыԥсҭазаара зегьы иалганы иаажәгоит шәхатәы бызшәа ахь ишәымоу абзиабара, уи аԥшӡареи ауникалреи раарԥшра ааԥсарак ҟамҵа шәҽазышшәоит. Уи аԥсышәала ицәажәо рзы адагьы хра злоу ҿырԥшны иҟоуп.
Ажьырныҳәамза 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 нызықьҩык иреиҳауп, аӡиа Риҵа – 439 нызықьҩык иреиҳауп.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Г.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 076-ҩык рҟынӡа инаӡеит, афинанстә лагалақәа реицҵалыҵ 200 млн 953 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Алеқсандр Анқәаб Аҟәа ақалақь аҿы игылоу, зҭагылазаашьа амашәыр зхылҿиаар зылшо аҩны аҿы инхо дырԥылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе имҩала игылоу, зҭагылазаашьа амашәыр зхылҿиаар зылшо аҩны аҿы инхо ауаа дырԥылеит.
Атәыла Анапхгара иарбоу аҩны аиҭашьақәыргылара ахьзалмыршахо инамаданы, инхо ауаа зегьы анхарҭа ҿыц аархәарц азы аԥаратә мыцхәра рыҭарала хазы-хазы рнырхара азы аӡбамҭа аднакылеит.
Аҩнытә комитет ахаҭарнакцәа аԥыза-министр иҿцәыжәо, еиҭамҵуа амазара ахәԥса ахьышьҭыҵуа инамаданы хәыла еиҟароу анхарҭа аахәараҿы иҟалар зылшо ауадаҩрақәа рзы агәҭынчымра аадырԥшит.