
pressadmin-2
Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара: 1,2 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иааит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын, 2023 шықәсазы аҳәаанырцәҟа ԥсшьара ицеит. Урыстәыла атәылауаа еиҳа лассы-лассы атурқәа аархәон Ҭырқәтәылаҟа, Аԥсныҟа, Еиду Арабтәи Емиратқәа рахь, ҳәа ТАСС имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара апрезидент ихаҭыԥуаҩ Дмитри Горин.
«Аԥхынтәи хымз ирылагӡаны 5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла егьырҭ атәылақәа рахь ԥсшьараҳәа ицеит» , - ҳәа иҳәеит иара.
Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзра.
Апринц Ольденбургтәи ипарк аҿы зыԥсы зшьоз аԥсшьаҩы аԥарақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз иарҭмаҟ ицәырӷьычит.
Ахаҵа Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша ахь арзаҳал ҩны иалеиҵеит.
Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа рыла ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа ари ацәгьоура аҿы игәҩараз ахаҿы дшьақәдыргылеит. Уи 1980 шықәсазы ииз, Аԥсны ԥсшьараҳәа иааз, Ермантәыла атәылауаҩ Ниазиан Дереник Баграҭ-иԥа иоуп. Иара Гагра араион Багрыԥшь ақыҭан дааныркылеит.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Москваҟа аусуратә ҭаара налыгӡеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Москваҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩаша, нанҳәамза 29 рзы ахәыҷқәеи аҭаацәеи ацхыраара рыҭаразы Аҭаацәаратә Центр «Непоседы» (Анаҩс- Ацентр) даҭааит.
Ацентр аҭаара хықәкыс иаман аиԥш-зеиԥшу аусбарҭақәа русушьа абара, урҭ рԥышәа Аԥсны анаҩс ахархәаразы амадара, избан акәзар Аԥсны иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа аҿы иҟалаз ахәыҷқәа аамҭала рнырхаразы Акризисттә центр аартра азҵаара ықәгылоужьҭеи акыр ҵуеит.
Ацентр анапхгаҩы Наталиа Курышова Мактина Џьынџьалԥҳа лзы аусбарҭа аҿы аекскурсиа лзеиҿылкааит, уи аусура атәы инарҭбааны илзеиҭалҳәеит.
«Непоседы» - ари Москватәи аобласт аҿы иҟоу иарбоу ахырхарҭала аус зуа иреиҳау аусбарҭақәа иреиуоуп.
Ацентр аусура ахықәы хадақәа иреиуоуп:
- асоциалтәи анаҩстәи аиаҭымра, ахылаԥшыдара, аҭынхадара, ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыманшәаламзаара, уҳәа апрофилактика;
- ахәыҷқәа зыхшаз аҭаацәа рҿы раанхара алыршара;
- аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа ааӡараҳәа егьырҭ аҭаацәа рыҭара, мамзаргьы аамҭала раанкылара, уҳәа аиҿкаара.
Аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 афестиваль «Смоленская Крепость» рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 – 27 рзы Смоленск ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 Жәларбжьаратәи афестиваль «Лига регионов». Уаҟа қәҿиарала иқәгылеит Аԥсны акоманда.
Смоленсктәи аҳәынҭқарратә аспорт ауниверситет атренер Павел Захаров иажәақәа рыла, аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа ицәгьамкәа рхы аадырԥшит.
Цәыббрамза 2 аҟынӡа аԥснытәи аспортсменцәа аҽазыҟаҵара-ҵаратә еизгарақәа рхы аладырхәлоит, иҿыцу аицлабрақәа – Смоленск ақалақь 1360-шықәса ахыҵра иазку Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 афестиваль «Смоленская Крепость» рхы аладырхәраны иҟоуп.
69 – ҩык амашьынарныҟәцҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акразы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны имҩаԥгаз акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжьи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи рзы, нанҳәамза 21 -29 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа 1904 зинеилагара аадырԥшит, урҭ рахьынтә 103 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоуп.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәаладыршәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара ахьӡала нанҳәамза 30 – хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аветеранцәа, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аатит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аатит.
Ацәыргақәҵа еиҿкаахеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ала. Убри аан уи адгылара анаҭеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа.
«Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш. Аԥсны ари амш 2010 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Иара убри ашықәс инаркны ауп хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазкны мҽхакы ҭбаала аусура ианалагаз. Иҭахаз, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадаз аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩ аексгумациа мҩаԥган. 44-ҩык зхаҭара шьақәыргылаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ рҭаацәа ирыҭахеит. Ари ҳара ҳзы маҷк иадамхаргьы ҳгәы зырҭынчыз, уимоу, егьырҭ хабарда ибжьаӡыз ҳҵеицәагьы рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыланы доусы рҭаацәа ишрыҭахо азы агәыӷра ҳазҭаз хҭысны иҟалеит», - ҳәа афотоцәыргақәҵа аартуа илҳәеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычба.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Ешба иҭаацәа дрыдышшылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Ешба иҭаацәа дрыдышшылеит.
Адышшылара атекст аҟны ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-маиор, ԥыхьатәи атәылахьчара аминистр, Аԥсны Арра-ҳаиртә архәҭақәа ԥыхьатәи ркомандаҟаҵаҩ, В. Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Виачеслав Ешба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы гәык-ԥсыкала сшәыдышшылоит. Виачеслав Ахмед-иԥа иԥсҭазаара алҵра уи иҭаацәа рыдагьы аԥсуа жәлар зегьы рзы цәыӡ дууӡӡоуп. Виачеслав Ешба ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳаракыз ауаажәларратә авиациа аԥырҩы иакәын, иара Аԥсны Арра-ҳаиртә архәҭақәа реилазаара хада азыҟаҵара аус аҿы илагала дууп. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аԥснытәи авиациа аҿиара. Апатриот иаша Виачеслав Ахмед-иԥа иԥсҭазаара зегьы – ԥсыцқьала Иԥсадгьыл амаҵзура иадҳәалан.
Очамчыра ақалақь аҿы аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Апроект алахәылацәа аспикерцәа – Урыстәылантәи жәаҩык арҵаҩцәеи Аԥснытәи хә-ҩык арҵаҩцәеи рыдгалара мҩаԥыргеит.
Аҵара аминистр Инал Габлиа алахәылацәеи аспикерцәеи бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, анаҩс ари апроект ахықәкқәеи ахыдҵақәеи рзеиҭеиҳәеит, иара убас зегьы алҵшәа бзиа зцу аусуреи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.
«Ҳара ҳкоманда – ари аҿареи аԥышәеи реилаҭәа ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, апедагогикатә наукақәа ркандидат, Москвантәи иааз ахимиа арҵаҩы Владимир Головнер.
Нанҳәамза 30 рзы иазгәарҭоит Хабарда ибжьаӡыз ауаа ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 30 рзы хабарда ибжьаӡыз, мамзаргьы мчымхарыла ибжьарӡыз ауаа ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит. Ари арыцхә Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ала 2010 шықәсазы иаԥҵан. Убри нахыс иахьа уажәраанӡа адунеи зегьы аҿы ауаа ацәгьоура ӷәӷәа иалаӡыз реиԥш ирзааигәоу ауаа рхабар ззымдыруа урҭ рҭынхацәагьы ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩыршоит.