Аԥснытәи асахьаҭыхыҩ, арҵаҩы раԥхьатәи ионлаин-цәыргақәҵа апроект «Урыстәыла-аԥснытәи арт-диалог» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Уи иалкаау, иҿыцу, аҭҵааратә, ауаажәларратә ҵакы змоу асахьаркыра-рҿиаратә проект ауп, ҳәа иазгәаҭоуп асаит аҿы.
Ацәыргақәҵа 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет иԥшааху аҟазарақәа Ринститут асахьаркыра-графикатә факультет асахьа акафедра (ХГФ ИИИ МПГУ) 70-шықәса ахыҵреи ирызкуп.
Аонлаин-цәыргақәҵа уахәаԥшыр ҟалоит абри азхьарԥш ала: http://mpgu.su/novosti/personalnaja-hudozhnikov-tonievicha/