АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аартра. Афестиваль "Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс. Аԥхьанатә иара Аԥсны акәын иахьымҩаԥысуаз, аха нас уи аҳәаақәа ирҭыҵны аҽарҭбааит: Москва, Санкт-Петербург, Казань, Австриа, Монако, Швеицариа, Латвиа, Британиа ду, Италиа, ЕАА.

Зыхьӡ ахара инаҩхьоу ари афестиваль Џьакомо Пуччини иопера «Тоска» анагӡарала ихацыркхоит. Ихадоу ахацәа Марио Каварадоссии абарон Скарпиеиа рпартиақәа нарыгӡоит еицырдыруа аопертә шәаҳәҩцәа Арсен Согомониани Владислав Сулимски. Флорииа Тоски лроль ала дықәгылоит  Хьыбла Герзмаа, уи уаанӡа изныкымкәа ари апартиа Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр, иара убас Мариинтәи атеатри атеатр Дууи рҿы изныкымкәа иналыгӡахьан. Абри азы адырра ҟаҵоуп афестиваль апресс-релиз аҿы.

Италиатәи арепертуар анагӡаҩ нагацәа ари ахәылԥаз аҿы ирыцлоит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза  11 – 22 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз  Актәи жәларбжьаратәи аконкурс алауретцәа: Алеқсеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупариовеи Ливеи Хоу. Амузыкатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москватәи  аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацны, адирижиорс пульт дахагылоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арист, атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин. Амузыкантцәа рнаҩс афестиваль аартра ацеремониа ихы алыирхәуеит  еицырдыруа ателемҩаԥгаҩ Иулиан Макаров. Иазгәаҭатәуп, аусмҩаԥгатә С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахыбра аҿаԥхьа уи азы ҷыдала идыргылаз иаарту аплошьадкаҿы имҩаԥысуеит.

Афестиваль анаҩстәи аконцерт убасҵәҟьа иаарту аплошьадкаҿы имҩаԥысуеит: нанҳәамза 28 рзы Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа аоператә сцена апримадонна Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз Актәи Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцермеистрцәеи рконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит. Алеқсеи Кулагин, Ольга Маслова, Вичеслав Василиев, Глеб Периазев, Ливеи Хоу, Марииа Лупариова, Дамир Садуахасов, Жаргал Цырендагбаевеи Гульдана Алдадосовеи  урыстәылатәии жәларбжьаратәии акомпозиторцәа роперақәеи рдуетқәеи нарыгӡоит.

Аопертә шәаҳәаҩы иаԥшьылгаз аконкурс аҿы аиааира згаз, Урыстәыла, Китаи, Ҟазахсҭан рҟынтәи абаҩхатәра злоу авокалистцәа  Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр иацны иқәгылоит, адирижиортә пульт дахагылоит — Антон Гришанин.  Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз аконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит К.С. Станиславскии  Вл.И.Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асолистка Полина Шаровароваи А. Иа. Ваганова лыхьӡ зху Аурыс Балет Академиа астудентка Кристина Ҷкотуа. Аныҳәатә концерт амҩаԥгаҩ — Иулиан Макаров.

Аԥсны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд иҟанаҵо адгыларала, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи Аԥсны акультура Аминистрреи УРЫСКОНЦЕРТи рыцхыраарала.

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа москватәи аклиникақәа руак аҿы аоперациа изун.  

«Ачымазарашьақәыргылара ашьҭахь, уи аоперациа изыҟарҵеит. Апроцедура бзианы имҩаԥысит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа игәабзиареи иԥсҭазаареи рзы шәарҭара ыҟам» , -ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аланиа аҟынтәи аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа Реидгыла ахантәаҩы Игорь Кокоев дидикылеит.  

Аиԥылара рхы аладырхәит Нхыҵ Кавказ аветеранцәа-хатәгәаԥхарауаа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал, аспорт азҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.

Амилицииа аинрал-маиор Роберт Киут ҳреспубликаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа хатәгәаԥхарауаа ҷыдала ишырзыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Никарагууа иҟоу Панама Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа нанҳәамза  15 рзы Панамтәи аканал аартра 109- шықәса ахыҵра аныҳәа иҽалаирхәит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.  

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы асасцәа ирыдгалан Панамтәи аканал аргылара, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи аперспективақәаеи рзы адыррақәа.

Акультуратә программа иалагалан Панама акультура аазырԥшуа амузыкатәи акәашаратәи ақәгыларақәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Гагра ақалақь аҿы ахыкәшарҭатә мҩа ала иҟоу атоннель аҿы амҩатә транспорттә машәыр ҟалеит. Иааихеит акросовери аеккурсиатә автобуси.  

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи акоманда нанҳәамза 14 рзы Ачандара ақыҭан имҩаԥгаз анапылампыл азы ареспубликатә турнир аҿы аиааира агеит.

Атурнир 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкын.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҟәатәи акоманда «Спартак», ахԥатәи аҭыԥ – «Аҷандара».

Зынӡа атурнир рхы аладырхәит ф-командак:   Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа акоманда, Гәылрыԥшь араион акоманда, Аҟәа ақалақь аҟынтәи ҩ-командак, Аҷандара ақыҭантәи акоманда.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба аекскурсиатә маҵзурақәа назыгӡо аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа)   рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны Адҵа инапы аҵаиҩит.  

Атуризм Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, адҵа ҟаҵоуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы, атуристцәа ршәарҭадара азы. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иарбоу аҵакыраҿы лассы-лассы ахаҳәлеира ҟалоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 10 инаркны 14-нӡа С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр Уфа ақалақь аҿы агастрольқәа мҩаԥнагалоит.  Башкортосҭан аҳҭнықалақь ахәаԥшцәа Аԥснытәи атеатр ирыднагалоит аспектакльқәа ҩба – Аԥсны Жәлар рартист Валери Ақаҩба иқәиргылаз «Шьапыла», иара убас Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәын иқәлыргылаз «Сариа».

Аԥснытәи актиорцәа Мажит Гафури ихьӡ зху Башкириатәи аҳәынҭқарратә академиатә драматә театр асцена аҿы иқәгылоит.

Аԥснытәи атеатр Башкортосҭан инарыгӡо агастрольқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идгыларала имҩԥысуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аужьҭратә лшара иҟоу анорма бжьынтәы иахысит.  Аԥсшьарамшқәа раан аҳәаа иахысуа автомашьынақәа рхыԥхьаӡара акыр иазҳауеит, усҟан иҟоу атуристцәа ирыцлоит мышкы-ҩымш ҳәа Аԥсныҟа ицо аԥсшьаҩцәагьы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь ала аҳазылхра апресс-маҵзура.  

Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ Адлер –  уахыки ҽнаки рыла иахысуан 1,5 нызықь машьына, уажәы уи иахысуеит 11 нызықь автотранспорттә хархәагақәеи 68 нызықь аҩган рахь ицо ауааԥсыреи.  

Нанҳәамза 13 рзы иреиҳаӡоу (амаксималтә) атрафик шьақәыргылан  — аҳәаа иахысит 70 нызықь инарзынаԥшуа ауааԥсыра, ари ацифра арекорд шьақәнаргылеит, уи  2022 шықәса рзы иҟаз арбага иахысит. Усҟан иарбоу аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ мышкала иахысит  66 нызықьҩык.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа. Ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аспециалист еиҵбацәа разыҟаҵаразы арҵаратә центр аруаҩҿыцқәа рҭоуба ашьҭаҵара иазкны аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Аруаҩҿыцқәа аԥсыдгьыл гәыкала азыҟазааразы аҭоуба шыҟарҵо гәеиҭарц дааит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы,  аинрал-маиор Дмитри Дбар. Аруаҩҿыцқәа зегьы аԥсышәала аҭоуба руит.

Аҭоуба аҟаҵара иазкыз ацеремониа иара убас рхы аладырхәит аруаҩҿыцқәа ркомандаҟаҵаҩцәа, урҭ рҭаацәа, рыуацәа, рҭахцәа, рҩызцәа.

Аинрал Дмитри Дбар иҟаиҵаз абжьгаратә ажәахә аҟны Арратә ҭоуба аура амш –дарбанызаалак ахаҵа иԥсҭазаара акырӡа зҵазкуа амшқәа иреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.