Шәара гәыла-ԥсыла иаарту аҟазшьа змоу, аԥсҭазаара бзиа избо уаҩуп. Шәара шәмузыкатә баҩхатәра ду уагәыланахалоит. Иблахкыгоу шәашәаҳәара, уамашәа иссируп шәбаҩхатәра. Шәара, адунеи аҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс шәыҟоуп. Адунеи аҟны еицырдыруа асценақәа рҟынтәи шәара шәазгәыдуны шәыԥсадгьыл Аԥсны ахьӡ шәҳәоит, иаашәырԥшуеит ишәымоу абзиабара. Аԥсуа жәларгьы уамакала шәырҭахәуп. Зегь ззыԥшу амузыкатә ныҳәаны иҟоу афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...» уи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит.
Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара!» - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, иланашьоуп апремиақәа «Триумф», «Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы» ахьыӡҳәаҟны «Casta Diva», илоуит амилаҭтә театр апремиа «Ахьтәы сабрада» («Золотая маска») «Иреиӷьу аԥҳәыс лроль» азы, иара убас «Золотой Орфей», «Иреиӷьу ашәаҳәаҩ» ҳәа апремиақәа ланашьоуп.