АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ажьырныҳәа.2024

Ажьырныҳәамза 14 ауха Аԥсны адунеи аԥҵара Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәа, мамзаргьы Адунеи ацәырҵра Амш – аԥсуаа рҿы традициала жәытә-натә аахыс ишьақәгылахьоу аныҳәақәа иреиуоуп.  Уи ажьырныҳамза 13- 14 ауха ауп ианазгәарҭо.  

Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Убри аҟнытә дара ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәон дрыцхраарц азы. Ажьира – жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп, ажәытәын уи ҩнаҭацыԥхьаӡа игылан, араҟа аныҳәарақәа ҟарҵон, иара убас ажьаҳәа, аԥсынгьери, арыҭәа уҳәа рнапы ақәҵаны аҭоубагьы шьҭарҵон. Ажәытәӡан аԥсуаа ажьира ажәҩанмца амацәыс иахәҭакны ирыԥхьаӡон. Амацәыси ажьиреи амагиатә еимадара рыман, уи ауааи иреиҳаӡоу амчқәеи рыбжьаҟаза аҳасабала иахәаԥшуан.   

Ажьырныҳәа аҽны аҭаацәа зегьы еизоит, ашьтәа ршьуеит, ажьира иадгыланы иныҳәоит.

Ашьыжь шаанӡа аҭаацәа рҿы еиҳабу ашҭа дықәланы наунагӡа аԥсҭазаара символра азызуа ашәшьи ажәла аизҳазыӷьара иазку араса махәқәеи еизганы аҩны - агәара иахьиигӡоит.  Анаҩс ахәыҷқәа ахьыцәо ауада дааҩналаны аԥараҿырпи аџьықәреи арыцқәеи араса амахәқәеи ҩнеиԥсоит. Уи Зегь Зымчу иахь аҭаацәа реизҳазыӷьара азы аҳәара символра ауеит. Убри аан иара иҳәоит: «Ахьи араӡны ҷах-ҷах».

Раԥхьатәи ажәақәа ҩба иаанагоит «ахьы», «араӡны»,  «ҷах-ҷах»- иаанаго аиха абжьы ауп. Уи абжьы анго ахәыҷқәа ирдыруеит урҭ аҳамҭақәа рыҭаразы ишааиуа, ахаамыхаақәа шроуа.

Ари аныҳәа иахьа абиԥара рхаҭарнакцәа ажьираҿы реиқәшәара, реибабара алзыршо мшуп. Уаҟа игылазароуп аџьтә хџыџи х-маҭәахәки, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар х-напык – аԥсынгьери, арыҭәа, ажьаҳәа. Ажьырныҳәа 13 ауха, амра анҭашәалак аамышьҭахь абиԥара иатәу ашьтәа ршьуеит, еиҳарак аџьма, зны-зынла ацәҟата, иара убасгьы, ажьира иадгыло рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа, ма ақәытқәа ршьуеит.  Ахәылбыҽха  уи азы ҷыдала аҳаԥшьа, мамзаргьы иҿыцу ауалыр иҭарҭәахьаз аҩы хдыртуеит. Убри аамҭазы аҩнаҭа иатәу аҳәса ачашәқәа рӡуеит, еиуеиԥшым ахаа-мыхақәа ҟарҵоит.

Ажьираҿы аныҳәара абжьааԥны ахацәа рымацара ауп зхы алазырхәуа. Урҭ ацәашьқәа ркны аԥсынгьери иакәшаны иҩагылоит. Игылоуп ус ацәашьқәа блаанӡа. Иныҳәо аҭаацәара иреиҳабу иоуп. Уи иарма напаҿы ашьтәа агәи агәаҵәеи зхоу араса махә икуп. Иарӷьа напаҿы – ҵәыцак аҩы. Иара зны ашьтәа агәи агәаҵәеи дахныҳәоит. Анаҩс аҩнаҭа иатәу зегьы иныҳәоит. Традициала ишаԥу еиԥш, иара иаамышьҭахь еиҳабы-еиҵбыла зегь ныҳәоит, нас ашьтәа агәи агәаҵәеи агьама рбоит.

Ари ажәытә зхаҵара аиашахаҵаратә қьырсианра, аԥсылманра, уҳәа егьырҭ адинхаҵарақәа ирҿагылаӡом, уи атрадициатә культура ашьаҭа шьақәнаргылоит. Аԥсуаа рмонотеизм, иаагозар ақьырсианцәа рҿы еиԥш акәымкәа, анҭыҵтәи адоуҳатә институтқәа ирыдҳәаланы иҟаӡам. Ақьабзқәа зегьы атрадициақәеи аҵасқәеи мацара роуп изыдҳәалахо, убри аан иазгәаҭатәуп, аҭыԥантәи аныхаԥааҩцәа адоуҳатә ԥхьагылаҩцәаны иқәгыларгьы шалшо.

Ажьырныҳәа азгәаҭара аҵас иахьанӡагьы ԥсахрада еиқәханы иҟоуп. Иара азгәарҭоит ақыҭараҿы, аҭаацәара зегьы ахьеизо аҩн ду аҟны.


Read 191 times - Ашәахьа, 15 Ажьырныҳәа 2024 15:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.