АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Нанҳәа.2023

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәмза 23 рзы аусура иалагеит  зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».

Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, Ҟабарда-Балкариатәи ақалақь Бексан, Ареспублика Даӷьсҭан, Краснодартәи атәылаҿацә, Шәача ақалақь, Адыгеиатәи Ареспублика, Москватәи аобласть рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.  

Аицлабрақәа 2008 - 2009, 2010 - 2011, 2012 – 2013 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысуеит.

Атурнир аартра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә церемониа аҿы атурнир алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, иара убас атурнир аӡбаҩ хада Алихан Карацев.

«Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахьӡала ишәыдысныҳәалоит жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара» аартра. Гәахәара дууп ҳаиашьаратә республикақәа рҟынтәи аҿар рхаҭарнакцәа иахьа абраҟа рбара. Гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара, аринахысгьы ҳшәылагәырӷьалааит»,  –  ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Иара атурнир аиҿкааҩцәа – Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа ахаҭарнакцәа имҩаԥыргаз хра злоу аусуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит инашәыгӡо аусуразы. Аҿар реизҳара азы алшара аԥышәҵоит. Агәабзиара шәымаз, зегьы аманшәалара шәыцыз», –  ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Атурнир актәи амш азы 2008 - 2009; 2010 -  2011 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара аицлабрақәа мҩаԥысуан.

Нанҳәамза 24 рзы аицлабрақәа ирыцырҵоит  2010 – 2011;  2012 – 2013 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа.  августа  борьбу продолжат спортсмены годов рождения.

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/6977-v-sukhume-prokhodit-mezhdunarodnyj-turnir-po-volnoj-borbe-druzhba-narodov.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 235 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.