АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Нанҳәа.2023

Курсктәи аибашьра алагара 80 - шықәса иазку ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» нанҳәамза  23 азы  В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иаатит. Уи аартра асовет аруаа рфырхаҵареи ргәымшәареи рхачҳареи реицамкреи ирсимволны иҟалаз илегендатәу Курсктәи аибашьра иазкхеит.

«Ари ацәыргақәҵатә проект вермахт ажәыларатә операциа «Цитадель» ампыҵахаларатә гәҭакқәа ҵызшәааз, анемец архәҭақәа ажәыларатә стратегиатә инициатива зынӡа ихзырбгалаз, 1943 шықәса, ԥхынгәымза 5 инаркны нанҳәамза  23 -нӡа ицоз Курсктәи аибашьра аан ишьаарҵәыраз аидысларақәа ирылахәыз асовет аруаа рфырхаҵара атәы ҳнарбоит», — ҳәа иазгәарҭоит Аиааира Амузеи ахаҭарнакцәа.

Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵоуп Аиааира Амузеи афондқәа рҟынтәи 200 инарзынаԥшуа аматериалқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп жәабала Курсктәи аибашьра атәы аазырԥшуа афотосахьақәа, ахсаалақәа, аусшәҟәқәа, агитациатә плакатқәа, аибашьра асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа, асаламшәҟәқәа, аибашьра иалахәыз рхатәы маҭәақәа иԥхьаӡацырку рсахьақәа, уҳәа убас иҵегьы. Ари аекспозициа аҭааҩцәа Курсктәи аибашьра ахронологиеи ари аибашьра иаҵаз аҵаки уи афырхацәеи рзы хәызмаӡам адыррақәа рызнанагоит.

Ацәыргақәҵа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭаранкра, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа  иҟарҵаз адгылара иабзоураны еиҿкаахеит.  

Ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» аамҭак ала имҩаԥысуеит Австриа, Азербаиџьан, Болгариа, Киргизиа, Ҭырқәтәыла, Молдавиа, Франциа, Иорданиа, Бельгиа, Казахсҭан, Китаи, Шри-Ланка, Таџьыкьысҭани Туркмениеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра.

 


Read 269 times - Ахаша, 23 Нанҳәа 2023 17:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.