АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Нанҳәа.2023

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор: ахаҳәлеира лассы-лассы аҟалара ашыц аҩара ауп изыдҳәалоу.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы ахаҳәлеира лассы-лассы аҟалара Риҵатәи ареликтә милҭтә парк иахьаҵанакуа ашыц аҩара ауп изыдҳәалоу, ҳәа амедиа-клуб «Апсны.иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.   

Уи иажәақәа рыла, араҟа, аиҳарак аҩхааҭшәа аҿҟьарсҭақәа рҿы акыр еилачны изызҳауаз ашыц адацтә система ибзианы ашьхараҿы адгьылҳәазара аҟынтәи иахьчон.  

«Ашыцмца ҳәа изышьҭоу аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы иахҟьаны, ашыц ӷәӷәала алҩаара иалагеит, ҳара иаҳцәыӡит зқьыла ари шамахамзар уаҳа џьара иуԥымло аҵиаа ашьапқәа. Уаанӡа ашыц активла иазҳауан ахрақәа рҿы, уажәы урҭ аҭыԥқәа ҭацәит, амра ашәахәақәеи ақәеи аси аҵааи уҳәа, зегьы хра злам анырра ҟарҵоит.  Убри ауп изыхҟьо иахьа Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы лассы-лассы иаабо ахаҳәлеирақәагьы.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны ари апроблема аӡбара залыршахом, убри аҟнытә ахаҳәлеира аанкылашьа аманы иҟам», – ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Акызаҵәык иҟоуҵар зылшо, аҩхааҭшәаа иахьаҵанакуа аамҭала атранспорти ауааԥсыреи раанкылареи ақәыиҭымтәра ауп.  

«Убас мацара ауп ҳара ҳуааԥсыреи ҳасасцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи реиқәырхара шҳалшо», - ҳәа иазгәеиҭеит Адамыр Багаҭелиа.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 164 times - Ахаша, 23 Нанҳәа 2023 14:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.