
pressadmin-2
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИНАЛ АРӠЫНБА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР СЕРГЕИ ЛАВРОВ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ НЫҲӘА – ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Аԥсадгьыл ахь абзиабара, Аџьынџь азы аҭакԥхықәра, иарбан аамҭазаалак азы аидгылара – милаҭ рацәала еилоу урыстәылатәи ажәлар ирҟазшьа ҷыдоуп. Иахьа арҭ адоуҳатә беиарақәа ҵаҵӷәны иҟоуп урыстәылатәи ауаажәларратә еилазаара рзы, ирымоуп аҵак ҷыда.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХЬЧАРА АМАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘА АРЕЗЕРВИСТЦӘА АЛАРХӘНЫ АРРАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аусзуҩцәа Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟынтәи арезервистцәа рзы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура. Арратә ҽазыҟаҵарақәа рцашьа дахылаԥшуан Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы, аполковник Дмитри Дбар.
АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЗЫ МЫҚӘТӘИ АНЫХАБАА АҾЫ ЕИЗГОУП 342 734 МААҬ.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, абҵарамза 6 рзы, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аҿы Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ргәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.
Агәыҳалалратә акциа амҩаԥгара иабзоураны аизгара алыршахеит 342 734 мааҭ, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра.
Еизгахаз аԥаратә хархәагақәа зегьы аныхабаа аиҭашьақәыргылара иазкхоит. Асадаҟа аҟаҵара акциа аолаин арежим ала иацҵахоит. (https://t.me/mincultra/1755).
АӠБАРАТӘ ЕКСПЕРТИЗА АЗЫ ВОРОНЕЖТӘИ АЦЕНТР АԤСНЫТӘИ АКОЛЛЕГАЦӘА АЦХЫРААРА РЫҬАРА ИАЗХИОУП.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә експертизақәа рзы Ареспубликатә аҭҵаара-дырратә Институт адиректор Гьаргь Амҷба, имаҵуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу Афедералтә Биуџьеттә Усбарҭа аӡбаратә експертиза азы Воронежтәи Ацентр анапхгараҭара дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аиустициа Аминистрра апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә експертизақәа рзы Ареспубликатә аҭҵаара-дырратә Институти Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу Афедералтә Биуџьеттә Усбарҭа аӡбаратә експертиза азы Воронежтәи Ацентри рыбжьара аусеицуреи аимадареи рыбжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Аӡбаратә експертиза азы Воронежтәи Ацентр анапхгаҩы Алеқсандр Долин Аԥснытәи рколлегацәа иҿыцу атехникатәии акомпиутертәии атехнологиақәа рырдырра, иара убас аметодикатә цхырагӡатәқәа рыла аиқәыршәареи рганахьала ацхыраара рыҭара ишазхиоу иҳәеит.
АИҚӘЫРХАҨЦӘА ГАГРА АРАИОН АҾЫ ХАБАРДА ИБЖЬАӠЫЗ АԤҲӘЫС ЛЫԤШААРА ИАҾУП.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҿы Ҳашьԥсытәи аҩхааҭшәа абнара иахьаҵанакуа абҵарамза 4 рзы хабарда ибжьаӡыз аҭыԥан инхо аԥҳәыс лыԥшаара иаҿуп.
Абҵарамза 4 рзы лара аҟәыҟәбаа аҟәшәара ҳәа абнарахь дцеит. Аха уаҳа аҩныҟа дымгьежьӡеит. Хабарда ибжьаӡыз аԥҳәыс лыуацәа абҵарамза 5 рзы аиқәырхаҩцәа рахь ацхырааразы иадҵаалеит. Иара убри аҽныҵәҟьа аԥшаарақәа хацыркын. Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа ирылахуп 17-ҩык хаҭалатәи аилазаара аусзуҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
АБҴАРАМЗА 8 РЗЫ АСААҬ 11 ИНАРКНЫ 17 РҞЫНӠА ИАҾЫХХОИТ ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА».
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 8, асааҭ 11:00 инаркны 17:00 рҟынӡа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы иаҿыххоит звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара», ҳәа адырра ҟанаҵоит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.
ҨЫМШ ҴУЕИТ АИҚӘЫРХАҨЦӘА ГАГРА АРАИОН АҾЫ ХАБАРДА ИБЖЬАӠЫЗ АԤҲӘЫС ЛЫԤШААРА ИАҾУИЖЬҬЕИ.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра ақалақь аԥшаара-еиқәырхаратә отриади абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшеи русзуҩцәа Ҳашьԥсытәи аҩхааҭшәа абнара иахьаҵанакуа абар шьҭа ҩаха-ҩымш ирылагӡаны аҭыԥан инхо аԥҳәыс лыԥшаара иаҿуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ТЕЛЕРАДИОЕИЛАХӘЫРА АԤҴАРА АМШ 44-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АУСЗУҨЦӘА ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш инамаданы аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит.
1978 шықәса, абҵарамза 6 - ҳажәлар рҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәуп. Абри амш аҽны имҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи аефир , ажәлар идырбан аԥсышәала ицәажәаз раԥхьатәи адырраҭара. Ари ахҭыс аиаша иазықәԥоз Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы аҭыԥ ҷыда аанызкылаз хҭысуп. Ари Амш Аԥсуа телехәаԥшра ашьақәгылара иамшны иҟалеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра усзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, анасыԥ, арҿиаратә гәазыҳәареи аихьӡарақәеи.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИНАЛ АРӠЫНБА УСУРАТӘ НЫҞӘАРАЛА МОСКВАҞА ДЦЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усуратә ныҟәарала Москваҟа дцеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа рыла Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥылара азыԥхьагәаҭоуп.
АБҴАРАМЗА 1 АЗЫ ГӘДОУҬА АРАИОН БАРМЫШЬ АҚЫҬАН ИҞАЛАЗ АМҨАТӘ МАШӘЫРТӘ ХҬЫС ИНАМАДАНЫ АУСЕИЛЫРГААНӠАТӘИ АГӘАҬАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаанӡатәи аусбарҭа, абҵарамза 1 азы Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс инамаданы аусеилыргаанӡатәи агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амикроавтобус «Mercedes-Benz 210D» (аҳәынҭқарратә номертә дырга К210ХК) аԥсҟы зкыз, 1991 шықәса рзы ииз Ашәба Аслан Андрон-иԥа, амашьына арныҟәцара азы аршаҳаҭга имаӡамкәа амашьына аԥсҟы икын. Уи Гагра ақалақь аҟынтәи Аҟәаҟа ихы рханы дшаауаз, 14:00 сааҭ инарзынаԥшуа, ареспубликатә мҩаду «Ԥсоу-Егры» 50-тәи акилометр аҿы адырга инеиужьу ацәаҳәа дахысны иаԥхьа инеиуаз, убри аамҭазы Оҭҳара ақыҭа аганахьала аихаҵәира иаҿыз автомашьына «Nissan» даахеит. Иҟалаз амашьынақәа реиҿасра иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩ Аслан Ашәба, амашьына изнымкылакәа амҩа аҿықә ахь даршәит, анаҩс уи ажра иҭаҳаит. Иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс иахҟьаны ҩыџьа апассаџьырцәа еиуеиԥшым ахәахәа-чахәарақәа рыманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инаган. Урҭ иахәҭоу раԥхьатәи амедицинатә цхыраара анрыҭаха ашьҭахь доусы рыҩныҟақәа рахь иоужьҭын.