
pressadmin-2
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АМИРАН АДЛЕИБА ИУСУМҬАҚӘА РЦӘЫРГАҚӘА МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор, аҿыханҵаҩ, А. Шервашиӡе Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба хаҭалатәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҿыабҵарамза 14 рзы иаатуеит.
Хаҭалатәи ацәыргақәҵа асахьаҭыхыҩ ииубилеи инамаданы еиҿкаау аекспозициа иалоуп автор еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иаԥиҵахоу аҿыханҵеи аскульптурақәеи.
Ацәыргақәҵа аус аулоит абҵарамза 19 аҟынӡа.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АЛЕҚСАНДР ШЬОУА АҟЫБАҨ ЗЛОУ АҾАР ИРИҬО АДГЫЛАРЕИ АЦХЫРААРЕИ РЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ЕИҲӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артист, ашәаҳәаҩ, акомпозитор Алеқсандр Шьоуа дидикылеит.
Аестрадатә ашәаҳәаҩ аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәаларц азы ааигәа Аԥсныҟа дааит.
Алеқсандр Шьоуа аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит имоу арҿиаратә гәҭакқәа ртәы, Аԥсны иадҳәалоугьы уахь иналаҵаны. Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡалеи хаҭара иара ихьӡалеи Алеқсандр Анқәаб ашәаҳәаҩ аҟыбаҩ злоу Аԥсны аҿар ириҭо адгылареи ацхыраареи иԥсадгьыл ахь иааиԥмырҟьаӡакәа иаарԥшуа агәцаракреи рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
БЕСЛАН ЏЬОПУА АԤЫЗА-МИНИСТР ҞРЫМҞА ИУСУРАТӘ ҬААРА АЛҴШӘАҚӘА РТӘЫ ИЗЕИҬЕИҲӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ааигәа имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҟрымтәи Ареспубликеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатәи агуманитартәи аусеицура азы аҩганктәи Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа IV аилатәара аҿы аԥснытәи аделегациа напхгара азҭоз Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Симферополь имҩаԥысыз аиԥыларақәа рылҵшәақәа ртәы изеиҭеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Беслан Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, аганқәа имҩаԥгахьоу аусурақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит, иара убас ааигәатәи аперспектива азы апланқәеи шьақәдыргылеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит адгьылбжьахабжеи Аԥсни рыбжьара аԥассаџьырцәа рымҩангара иазкны автобустә еимадара аиҿкаара, ахәаахәҭреи ақыҭанхамҩеи, иара убас акультура, аспорт, атуризм аусхкқәа рҿы аусеицура абжьаҵара.
ДМИТРИ ГӘАЗАА LAMBORGHINI SUPER TROFEO EUROPE АХЫРКӘШАРАТӘ ЕТАП АҾЫ АРАӠНЫТӘ АԤХЬАХӘ ИГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 3 – 6 рзы Португалиа имҩаԥысуан ачемпионат Lamborghini Super Trofeo Europe ахыркәшаратә етап. Уи акатегориа Pro-Am аҿы акоманда «Target Racing» аилазараҿы дықәгылеит Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа. Уи аекипаж аҿы дицын афранцыз пилот Милан Петеле. Дмитри Гәазааи Милан Петелеи рыкласс Pro-Am аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Дмитри Гәазаа – Урыстәыла Ахраҿа Mitjet занашьоу, автоеицлабрақәа Moscow Indoor Karting Cup рҿы изныкымкәа аиааира згахьоу, Краснодартәи атәылаҿацәа Mitjet 2L аҿы араӡны аԥхьахә згахьоу, Mitjet 2016 FORMULA 1 RUSSIAN GRAND PRIX адгылара аҭаразы имҩаԥгаз автоеицлабрақәа рҿы ирылахәыз, аиаҵәахә «Шесть часов Ле-Мана» аҿы афранцыз команда«Speed Car» аилазаараҿы иалахәыз аспортсмен иоуп.
АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МУҴУРАУАА СТАВРОПОЛЬ АҚАЛАҚЬ АҾЫ РЗАНААҬТӘ ДЫРРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРАЗЫ АКУРСҚӘА ИРХЫСЛОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 50-ҩык инарзынаԥшуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә маҵурауаа Ставрополь ақалақь аҿы рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа ирхыслоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Апроект Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университети рыла инагӡахоит.
АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АУС ЗУА «АЕЛЕКТРОНТӘ АШӘАТӘЫ АХАРХӘАГАҚӘА РХАРХӘАРАЛА АМИЛАҬТӘ ШӘАРАТӘ СИСТЕМА АЗЫ” АЗАКӘАНԤҴАРА АԤСАХРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АҬАХНЫ ИАԤХЬАӠОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламенттә Еилакы аус зуа азакәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара аҭахны иаԥхьаӡоит. Иахьа имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи уи иусзуҩцәеи, ЗҲӘА «А-Мобайл» адиректор хада Борис Барцыц, уи ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба.
Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы (АШӘС) Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Азакәан аԥшьгаҩцәа 2011 шықәсазы ирыдыркылаз амилаҭтә шәатәтәы системазы ихадоу анормативтә акт - «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҳазҭагылоу аамҭазы инхарҭәааны аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәара аусхк аҟны ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара залшаӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит.
МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛЕИ РЫДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРҚӘА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.
Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа.
Аиԥылараан Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны шадгыло зеиҿкаара иаҿу Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхара.
Арӡынба иазгәеиҭеит ари амеханизм ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи усхкқәа рҟны азҵаарақәа рыӡбара ишазырхо.
Инал Арӡынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви ареспублика ажәлари асалам риҭеит.
МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛЕИ РЫДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРҚӘА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.
Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа.
Аиԥылараан Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны шадгыло зеиҿкаара иаҿу Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхара.
Арӡынба иазгәеиҭеит ари амеханизм ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи усхкқәа рҟны азҵаарақәа рыӡбара ишазырхо.
Инал Арӡынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви ареспублика ажәлари асалам риҭеит. В резиденции Республики Абхазия в Москве состоялась встреча министра иностранных дел Инала Ардзинба с министром иностранных дел Республики Южная Осетия Ахсаром Джиоевым.
Как сообщает Медиацентр МИД РА, стороны обсудили актуальные вопросы межгосударственного взаимодействия, текущее состояние Женевских дискуссий, а также военно-политическую ситуацию в регионе Южного Кавказа.
Инал Ардзинба отметил, что Абхазская сторона поддерживает участие Южной Осетии в формирующемся механизме консультаций на уровне министерств иностранных дел России, Абхазии и Сирии. Ардзинба подчеркнул, что данный механизм призван активизировать решение вопросов в торгово-экономической и гуманитарной сферах.
Инал Ардзинба передал слова приветствия от президента Абхазии Аслана Бжания в адрес президента Республики РЮО Алана Гаглоева и всего народа Республики.
ҞРЫМ ИАЛАГЕИТ АԤСНЫ-ҞРЫМТӘИ АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АКОМИССИА АИЛАТӘАРА.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 9 рзы Симферополь ақалақь аҿы иалагеит IV Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, анаука-техникатә усеицура азы аҩганктәи Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара. Уи рхы аладырхәуеит Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа иалахәу аԥснытәии ҟрымтәии аганқәа рылахәылацәа, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рҟынтәи ааԥхьара зауз аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Аилатәара аартуа, акомиссиа ацхантәаҩцәа ралагалажәа ҟаҵо раԥхьа дықәгылеит Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ҟрымтәи аган ахантәаҩы, Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Рхеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу есымша аус зуа Ареспублика Ҟрым Ахаҭарнак Георги Мурадов. Анаҩс аилатәара иалахәыз бзиала шәабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит аилатәара амшхәаԥштәгьы даԥхьеит Акомиссиа аԥсуа ган ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР МОСКВА ИҞОУ ИРАНТӘИ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА ДАҬААИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва иҟоу ирантәи Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба 2022 шықәса жьҭаара 26 рзы Шираз ақалақь Шах-Черах амовзалеи аҟны атерракт иахҟьаны аҭычуааԥсыра рҭахаразы Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Казем Џьалали дидышшылеит.