
pressadmin-2
ИНАЛ АРӠЫНБА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ ШЬАМТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ҾЫЦ ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла ҿыц змаҵура иахагылаз Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Инал Арӡынба Башар Џьаафари идиныҳәалеит ари аус ҿыц иахагылара.
Аганқәа алацәажәеит аԥсны-шьамтәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, аполитикатә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәа рҟны аҭагылазаашьақәа рызҵаарақәа.
Уи адагьы Инал Арӡынбеи Башар Џьаафари иара убасгьы иалацәажәеит Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа рмеханизм аиҿкаара.
Хазы иазгәаҭан Аԥсылмантә республика Иран адиалог ацымҩаԥгара, аглобалтә шәарҭадара аиҿкаара асистемаҿы ари атәыла ароль.
АЕКОНОМИКАТӘ ПОЛИТИКЕИ АРЕФОРМАҚӘЕИ АИНФОРМАЦИАТӘ ТЕХНОЛОГИАҚӘЕИ РЗЫ АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҾЫ АЗАКӘАНАПРОЕКТҚӘА ИРЫХӘАԤШИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа ихантәаҩрала имҩаԥысит изаамҭанытәиу аусуратә еилатәара.
Аилатәара алахәцәа ирыдыркылеит абарҭ азакәан аппроектқәа:
– Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатәи аргыларатәи Закәанеидкыла;
АИХАМҨАТӘ СТАНЦИАҚӘА “АӠҨАБЖЬА”, “ДРАНДА” АҾЫ ИНАЗЫЦҴОУ АМҨАҚӘА РЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аихамҩатә станциақәа «Аӡҩабжьа», «Дранда» аҿы иназыцҵоу амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
«Аԥснытәи аихамҩа» аихамҩа аусзуҩцәа ахархәара змам астанциатә мҩақәа ықәыргоит, анаҩс Аԥсны аихамҩа аужьҭратә лшара аизырҳаразы ахархәара зауа амҩақәа еиҭашьақәдыргылоит.
«Уааанӡа астанциақәа зегьы рҿы ахархәара аиуон 6-8 инареиҳаны амҩақәа. Иахьатәи амш азы станциак аҿы ахархәара змоу мҩак еиҳаӡам. Аихамҩала аидарамҩангара ахьацлаз инамаданы аужьҭратә лшарақәа рацҵара хымԥадатәны иҟалеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АФЫМЦАТӘ УСХКЫ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны афымцамчтә усхк азҵаарақәа ирылацәажәоитАбҵарамза 9 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа имҩаԥигаз инарҭбаау аилатәара.
Афымцамч усхк аҟны иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы адепутатцәа раԥшьгарала Апарламент ахь иааԥхьан «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада ин.н. Зураб Багаԥшьи иҿкаара егьырҭ ахаҭарнакцәеи.
АҞӘА ИМҨАԤЫСИТ ЖЕНЕВАТӘИ АИҾЦӘАЖӘАРАҚӘА РЫЦЗАНТӘАҨЦӘА РԤЫЛАРА.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара.
2022 шықәса абҵара 9 азы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари Џьихан Султаноглуи идикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Аиԥылара иалахәын Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ
Заал Хәарцкьиа, аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.
Аиԥылара атема хаданы иҟан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57 – тәи рраунд.
Аиԥылара аартуа Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит иахьазы аԥсуа ган еиҳа иактуалны иаԥхьаӡоу амч ахамырхәаразы аицҳәамҭа аҟаҵара азҵаара шакәу. Иҳәеит абри азҵаараҿы адинамика аҟазааразы еицманшәалоу азнеишьақәа шыԥшаатәу.
Иракли Ҭыжәба ацхантәаҩцәа иргәалаиршәеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ишаԥҵаз аиқәшаҳаҭра атекст аус адуларазы акомиссиа ҷыда.
«Иахьазы ари акыршықәса аус зыдулаз адокумент гәыгәҭажьуп» ҳәа азгәеиҭеит Иракли Ҭыжәба.
ЕДУАРД БЫҬӘБА АԤЫЗА-МИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ МОСКВАҞА ИУСУРАТӘ ҬААРА ШЫМҨАԤЫСЫЗ АЗЫ АДЫРРАҚӘА ИИҬЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Москваҟа иусуратә ҭаара аихшьаалақәа рзы адырра ииҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа Урыстәылатәи Афедерациа асанитар-епидемиологиатә Маҵзура 100-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит.
Едуард Быҭәбеи Урыстәыла Ахархәарахылаԥшра Аусбарҭа анапхгаҩы Анна Поповеи реиԥылара аҿы ааигәа аусеицуразы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.
Аминистр иусуратә ҭаара иалагӡаны Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко иԥылара мҩаԥысит.
УРЫСТӘЫЛА АНАПХГАРА 2022-2025 ШШ. АИНВЕСТПРОГРАММА АДГЫЛАРА АҬАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА ИАҚӘШАҲАҬХЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, абҵарамза 10 рзы имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аилатәара аҿы 2022-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара адгылара аҭаразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азы афедералтә закәан апроект адгалара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Апроект Анапхгара алахәылацәа зегьы еицҿакны адгылара арҭеит.
«Апрограмма анагӡара аҿы ихадоу аҭагылазаашьқәа иреиуоу – Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реинырнаалара ауп. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, уи акырӡа аҵанакуеит урыстәылатәи абизнес азы. Аинвесторцәа рзинқәа рыхьчара иазку аусшәҟәқәа реизак Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь ахәаԥшразы идәқәҵоуп»,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Максим Решетников.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘЕИ АВЕТЕРАНЦӘЕИ АМИЛИЦИА АМШНЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи Амилициа Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа–амилициа Амш.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа –зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырра, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзы хра злоу амаҵзура анагӡара, уҳәа ирыдҳәалоу Аминистрра аусзуҩцәа рабиԥарақәа рыла еиқәырханы иаагоу зеиӷьаҟам атрадициақәа реизак ауп.
АХАДА АМОБИЛИЗАЦИАТӘ ЗЫҞАҴАРАЗЫ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АЛАРХӘНЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аусуратә гәыԥ алархәны ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара заатәи ахәшьара аҭареи аиӷьтәразы абжьгарақәа разырхиареи рзы аилацәажәара мҩаԥигеит .
ЛАША АШӘБА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ III ААԤХЬАРА АДЕПУТАТ ВАЖА ЗАРАНДИА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпреесс.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III ааԥхьара адепутат Важа Зарандиа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:́
«Ҳаҭыр зқәу Важа Илларион-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
90-шықәса шәхыҵра иазку аиубилеи акрызҵазкуа хҭысуп Шәара шәколлегацәеи, шәҩызцәеи, ишәзааигәоу шәҭынхацәеи рзы.
Шәара еицырдыруа ҳтәыла аҳәынҭқарратәи ауаажәларра-политикатәи усзуҩцәа рыгәҭа шәгылоуп.
Шәыԥсҭазаара аӷьырак Аԥсадгьыл амаҵ аура иазышәкит. Уи Аԥсны иахьатәи аҭоурых иадҳәалоу акрызҵазкуа ахҭысқәеи аихьӡарақәеи рыла ишьақәгылоуп.
Шәара акомҿартә, апартиатә усураҟны, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны аԥышәа ду шәоуит. Шәнапы злакыз анапхгаратә маҵзурақәа зегьы рыҟны аарпшра шәылшеит ишәымоу аиҿкааратә ҟыбаҩ, хамеигӡарада аусура, аҭакԥхықәра.