
pressadmin-2
АҴАРЕИ АБЫЗШӘАТӘ ПОЛИТИКЕИ РМИНИСТР НАПХГАРА ЗИҬО АХЫЛАԤШЫРҬА АԤШЬБАТӘИ АԤШЬБАРА АЗЫ ИАМАЗ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИМАДАРАҚӘАА РЗЫ АԤЫЗА-МИНИСТР АДЫРРА ИИҬЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа дидикылеит. Ахылаԥшырҭа ахада урыстәылатәи рколлегацәа рымадара алҵшәақәа рзы уахь иналаҵаны, иааизакны Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Аминистр иажәақәа рыла, анапхгарабжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика ахь иаашьҭын 40 нызықь инарзынаԥшуа аиҳабыратә классқәа рзы арҵага шәҟәқәа. Уажәы Аминистрра урҭ ашколқәа рахь аихшара мҩаԥнагоит.
МОСКВАНТӘИ ДШЫХЫНҲӘЛАК ЕИԤШҴӘҞЬА, КРИСТИНА ОЗГАН АԤСНЫ АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РАССОЦИАЦИА (АРСМИРА) АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АПРЕСС-КОНФЕРЕНЦИА АҾЫ ИЛЫДҴАЗ АХАРА АГАНАХЬАЛА ИНАРҬБААНЫ ДАЛАЦӘАЖӘОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Уажәы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган амаҵураныҟәара аҳасабала Москва дыҟоуп, ареспублика ахь афымцамч аагара иазкны аиҿцәажәарақәа мҩаԥылгоит. Аԥныҟа дшаалакҵәҟьа, Кристина Озган Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассациа (АРСМИРА) аҿы имҩаԥыыз апресконференциа аҿы аминистрра аҿы ишьақәырӷәӷәаз аиқәыршәагақәа рсиа зну аусшәҟәи аԥаратә хархәагақәа инамыцхәны рарбареи инамаданы илыдҵыз ахара инарҭбааны далацәажәараны дыҟоуп». Абас еиԥш адыррақәа Аԥсныпресс ахь иаанацҳаит аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
БЗЫԤТӘИ АИППОДРОМ АҾЫ АҼЫБӶАҞАЗАРАТӘ СПОРТ АЗЫ АԤСНЫ АЧЕМПИОНАТ МҨАԤГАХОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 19 рзы, Бзыԥтәи аҽырҩырҭа аҿы аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны Ачемпионат мҩаԥысуеит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациеи..
Аицлабрақәа рымш апрограмма иалагалоуп Асовет Еидгыла аспорт азҟазацәа Оҭар Ҷанба, Авксенти Ҭарба, Алеқсеи Лакрба, иара убас жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза Харлам Симониа раԥхьахәқәа ргара азы 1 400, 1 600, иара убас 2 000 метра рҟынӡа аҽырыҩратә еиԥхныҩлара.
АКЛАССИКА, АЏЬАЗ, АМАСТЕР-КЛАССҚӘА: АҞӘА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП «УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ РЕИМАДАРАТӘ КУЛЬТУРАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА».
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апроект «Урыстәылеи Аԥсни реимадаратә акультуратә усмҩаԥгатәқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны, абҵарамза 17 рзы, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, имҩаԥгахоит урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии аконкурсқәа рлауреат Дмитри Маслеев имастер-класс. Еицырдыруа апианист уи мҩаԥигоит А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа астудентцәеи амузыкатә школқәа рҵаҩцәеи рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апрес-маҵзура.
Абҵарамза 18, асааҭ 19:00 рзы, Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит Дмитри Маслеев исолотә концерт,араҟа иарҳәахоит Л. Бетховен, П.И. Чаиковски, С.В. Рахманинов рырҿиамҭақәа.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҬОУРЫХТӘ ЕИЛАЗААРА РАԤХЬАТӘИ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АҞӘША АԤСНЫ ИААДЫРТУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара (УАЕ) Аԥсны раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи аҟәшаа аартра азԥхьагәанаҭоит. Абри азы аҩаша, абҵарамза 15 рзы ТАСС ахь адырра ҟаиҵеит УАЕ анапхгараҭара ахантәаҩы, Афонд «Аԥсадгьыл аҭоурых» анагӡаратә директор Константин Могилевски.
«Сгәы иаанагоит, ҳара Урыстәылатәи аҭоурыхтә Еилазаара аҟәша Аԥсны аартра аганахьала ҳусура лыҵшәа бзиала ихыркәшахоит ҳәа. Уи азы заанаҵтәи аилацәажәарақәа мҩаԥысхьеит. Аԥснытәи ҳколлегацәа рҟынтәи аофициалла ааԥхьара ҳазыԥшуп», - ҳәа астол гьежь «Урыстәылатәи Амшынеиқәаҿықә аҭоурых: Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу асубиектқәеи аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи иаку аҭоурыхтә ҵакыра аҿиара иадҳәалоу апроцесс ралагалара» аҿы дықәгыло иҳәеит Константин Могилевски.
Астол гьежь алахәыла – Аԥсны акультура аминистр иабжьгаҩ Милана Бжьаниа ТАСС ахь иҟалҵаз адыррақәа рыла, зыӡбахә ыҟоу УАЕ раԥхьаӡатәи аҳәаанырцәтәи аҟәша Аԥсны аартра, уи аусура аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа радыԥхьалара ауп аиҳарак изызкхо.
«Сгәы иаанагоит ҳара ҳаԥхьаҟа зымҽхак ҭбаау аусура ҳзыԥшуп, избан акәзар, Аԥсни Урыстәылеи еимаздо ирзеиԥшны ирымоу аҭоурых-культуратә ҭынха ду ауп. Иақәнаго аусшәҟәқәа (УАЕ аҳәаанырцәтәи аҟәша аԥҵара азы) Аԥсныҟа ҳаныхынҳәлак еиԥшҵәҟьа еиқәҳаршәароуп, хара имгакәа ари акыр аҵак ду змоу, хра злоу апроект аусура иалагароуп. Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи имҩаԥысуа ахҭысқәеи инарымаданы, аҭоурых афальсификациа анымҩаԥысуа, ҳара хымԥада ҳамчи-ҳалшареи еилаҵаны урыстәылатәи аҵарауааи аҭоурыхҭҵааҩцәеи аус рыцура шьақәҳаргылароуп»,- ҳәа илҳәеит Милана Бжьаниа.
Аԥсны акультура аминистр иабжьгаҩ лажәақәа рыла, УАЕ аҳәаанырцәтәи аҟәша аартра ашьҭахь, ареспублика аҿы аҭоурыхтә рккарааларҵәара иазку аусура алагоит, аԥснытәи астудентцәа рзанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхразы Урыстәылатәи Афедерациаҟа, ахәҭакахьала, Аҭоурых-архивтә Институт, Аҳәынҭқарратә архив ахь идәықәҵалахоит.
Милана Бжьания 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив хықәкыла, гәҭакыла ишырыблыз азгәалҭеит. Уажәы иқәгаз афондқәа реиҭашьақәыргылареи Урыстәыла афедаралтә архивқәа рҿы аматериалқәа рыԥшаареи ирызку аусура мҩаԥысуеит».
«Акыр ирацәаны аматериалқәа ҳара иҳаԥшаароуп, ацифрантә дыррақәа рныҟәгақәа ирнаҳҵароуп, анаҩс урҭ Аԥсны аҳәынҭқарратә Архив ахь идәықәаҳҵароуп. Иарпбоу аусура аамҭа кьаҿ иалагӡаны алагара азԥхьагәаҭоуп», -ҳәа илҳәеит лара.
УАЕ аԥҵан рашәарамза 20, 2012 шықәса рзы, уи Урыстәылатәи аимпериа аҿы 1866-1917 шықәсқәа рзы иҟаз аурыс Императортә ҭоурыхтә еилазаара аҭоурых аҭҵаара мҩаԥнагоит. Аилазаара аԥҵараан уи ахықәкы хаданы иҟан амилаҭтә ҭоурыхтә арккарааларҵәара.
УРЫСТӘЫЛА АУС АЦУРА АХАҬАРНАКРА: 10-11-ТӘИ АКЛАССҚӘА РҴАҨЦӘЕИ ИРЕИҲАӠОУ АҴАРАИУРҬАҚӘА 3, 4, 5-ТӘИ АКУРСҚӘА РЫСТУДЕНТЦӘЕИ РЗЫ ИНЕИԤЫНКЫЛАНЫ АОЛИМПИАДАҚӘА МҨАԤГАХОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра абжьаратәи ашколқәа 10-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәеи Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа 3, 4-тәи акуосқәеи, иара убас абакалавриати аспециалитети рзы аҵарадырратә программақәа рыла зҽазыҟазҵо 5-тәи акурсқәеи рыстудентцәеи рзы инеиԥынкыланы аолимпиадақәа шымҩаԥгахо азы адырра аланарҵәоит.
«Аолимпиада аҽалархәра, ари иаанаго уи аихшьаалақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа рҭалара, мамзаргьы амагистратура аҵарадырратә программақәа рыла аҵара ацҵара азы алшара рзаԥҵахоит ҳәа ауп.
Аолимпиада аҽалархәра – ари мацара аԥхьахәтә ҭыԥ азы ашанс аиура, мамзаргьы аолимпиада аихшьаалақәа рыла Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭалара азы алшара аиура акәӡам, ари ухаԥышәара, улшара агәаҭара, насгьы уаԥхьаҟатәи узанааҭ ииашаны алхра азы зеиӷьаҟам ҭагылазаашьаны иҟоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра иаланарҵәаз апресс-релиз аҟны. Аолимпиадақәеи ашәҟәҭагаларақәеи рзы инарҭбаау аинформациа аиура ҟалоит «Аԥсны иҟоу Аурыс Ҩны» аофициалтә социалтә адаҟьақәа рыҟны, ахәҭакахьала Телеграм-канал «Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аҵара. Аԥсны».
Жәларбжьаратәи, иаарту апрофильрацәатә олимпиадақәа рҿы аиааира згази аԥхьахәқәа заузи абакалавриат/специалитет, иара убас амагистратура апрограммақәа рахь аҭалараан аквота ала абиуџьеҭтә ҭыԥқәа рахыԥхьаӡалареи, адкыларатә ԥышәара аҿы иреиҳаӡоу абалл аиура, мамзаргьы Урыстәылатәи Афедерациа афедаралтә биуџьеҭ аҟынтәи аҭыԥқәа ирҭало, иара убас аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаагьы уахь иналаҵаны, аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааԥсыреи рҵарадырра азы иазоужьу аквотақәа раиура аҳәаақәа ирҭагӡаны арҿиаратә дкыларатә ԥышәара қәҿиарала ишыҭиу азы ашьақәырӷәӷәара аиураан, уҳәа аԥыжәара роуеит.
Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аусзуҩцәа аолимпиада иалахәу аолимпиадатә еицлабрақәа ралаглара инарымаданы ирыдныҳәалоит, ирзеииӷьаршьоит агәазҭазаара, ақәҿиарақәа хра злоу аҽазышәарақәа раан алҵшәа бзиақәа раарԥшра!».
ЛАША АШӘБА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ III И IV ААԤХЬАРАҚӘА РДЕПУТАТ АЛЬБАРТ АЗАТ-ИԤА ОВСЕПИАН ИԤСҬАЗААРА ИАЛҴРА ИНАМАДАНЫ ИУАЦӘЕИ ИҬЫНХАЦӘЕИ ДРЫДЫШШЫЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутат Альберт Азат-иԥа ОвсепианАԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутат А. А. Овсепиан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Адышшылараҟны иҳәоуп:́
«Альберт Азат-иԥа Овсепиан ҳтәыла иқәынхо ауааԥсыра аӡәырҩы ргәалашәараҿы даанхоит. Иара Аԥсны диит, иԥсы ҭанаҵы абра дынхон, аџьа ибон, идырра, иԥышәа рымаидон аҵара зирҵоз ашколхәыҷқәа, аус ицызуаз иколлегацәа. Гәык-ԥсык ала инаигӡоз арҵаҩратә усураҟны иааирԥшуаз ахамеигӡара иабзоураны Альберт Азат-иԥа Аҟәа араион ауааԥсыра раҳаҭыр даԥсахеит - ҩынтәны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс далхын .
Адепутаттә усураҟны иҟазаараан Альберт Азат-иԥа Овсепиан ихы ааирԥшит аԥышәа змоу аполитик, аҭакԥхықәра ныҟәызгоз, ауаҩы ицхыраара иазхиаз аӡә иаҳасабала.
III-и IV-и ааԥхьарақәа рдепутатцәа Альберт Овсепиан рганахьала имаз агәрагара атәы аҳәоит Аԥсны Ахада иҟны иҟоу Анажьразы акомиссиеи Аԥсны Ахада Иусԥҟала иаԥҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиеи реилазаара иалаҵаразы азыӡба анрыдыркылоз.
2006 ш. уи III ааԥхьара, 2007 ш. – IV ааԥхьара адепутатцәа далырхуеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.
Альберт Азат-иԥа Овсепиан Апарламент аусураҟны илагаламҭа ыҟоуп иара убас Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аҭаацәареи, агәабзиарахьчареи, аџьеи рзы аилак аҟны иусурала. Изныкымкәа ҳ-Парламент хаҭарнакра азиухьан Аԥсны анҭыц имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раан аделегациа далахәны.
Альберт Азат-иԥа аԥсҭазаара бзиа избоз, гәкаҳара знымԥшуаз, иаартыз уаҩын. Абас Альберт Азат-иԥа Овсепиан ахааназы ргәалашәараҿы дагьынхоит иҭынхацәа, изааигәаз ауаа, иколлегацәа, иҵаҩцәа, дыздыруаз зегьы».
АСТРАХАНТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АԤСНЫНТӘИ АВТОМАШЬЫНА ААМҬАЛА ААГАРА АЗЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ РЕЖИМ АИЛАГАРА ИАДҲӘАЛОУ АФАКТ ААДЫРԤШИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Астрахантәи аҳазылхратә Усбарҭеи Астрахантәи аобласт ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы аҳәынҭқарратә инспекциа Аусбарҭеи еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатә аан иаанкылан Ареспублика Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу автомашьына «Тойота Марк X», уи аԥсҟы лкын Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу аԥҳәыс, ҳәа иаанацҳауеит Аладатәи аҳазылхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Иарбоу атранспорттә хархәага зтәу Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ, иарбоу амашьына цәыббрамза 2021 шықәсазы ахатәыхархәразы, аҳазылхратә шәатәқәа ршәара аҟынтәи ахы иақәыиҭтәны Урыстәылаҟа иааигеит. Аха ари амашьына аԥсҟы лкын Астрахань инхо аԥҳәызба, уи иарбоу атранспорттә хархәага лхатәы хықәкқәа рзы лхы иалырхәон. Лара азинхьчаҩцәа иԥаршеиу адыррақәа зныз аусшәҟәқәа длырбеит, убри аан аилыркааратә зҵаарақәа рҭакқәа рыҟаҵара мап ацәылкит. Аамҭала иалагалоу атранспорттә хархәагақәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рхатәы хықәкқәа рынагӡара азы рхархәара аԥҟарақәа Евразиатәи аекономикатә Еидгыла Аҳазылхратә Закәаеидкыла ахәҭаҷ 264 аҿы иарбоуп. Урҭ инарықәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҳазылхратә усбарҭақәа рақәыршаҳаҭра ада ахархәаразы рыҭара азы азин ыҟаӡам.
АБҴАРАМЗА 18 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АХАЦӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АНАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АЧЕМПИОНАТ АЛАГОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 18 рзы Аспорттә хәмаррақәа рзы Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы иалагоит ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы Ачемпионат. Атурнир аартра мҩаԥгахоит асааҭ 11:00 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Атурнир рхы аладырхәуеит Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет акомандақәа.
АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЗЫ МЫҚӘТӘИ АНЫХАБАА АҾЫ ЕИЗГОУП 376 НЫЗЫҚЬ МААҬ.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥаратә хархәагақәа реизгара иацҵоуп.
Абҵарамза Амҽыша, абҵарамза 6 рзы, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аҿы имҩаԥысыз Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ргәыҳалалратә концерт аан агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгахеит 340 нызықь мааҭ. Анаҩс агәыҳалалратә акциа аолаин арежим ала иацҵахеит.
Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Мықәтәи аныхабаа адинмаҵуҩы Бадра Делба иахьазы 376 нызықь мааҭ еизгоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Еизгахаз аԥаратә хархәагақәа зегьы аныхабаа аҿы аԥенџьыр аҭыԥқәеи аныхабаа амаҵзуҩы иҩни реиҭашьақәыргылара ахь идәықәҵахоит.
Уи иара убас еиҭеиҳәеит асадаҟы аҟаҵара шацҵахо, насгьы акомиссиа шаԥҵахо атәы.