АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2023

Рашәарамза 17 азы Аҟәа ақалақь аҿы «плоггинг» ҳәа изышьҭоу аҩра мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысраны иҟоу «плоггинг» ҳәа изышьҭоу агәам-сам аизгара зцу аҩра рхы аладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Уи азы аусмҩаԥгатә иалахәхо 4 – 8-ҩык злоу аиҩызцәа, аколлегацәа, уҳәа рыла ишьақәгылоу акоманда еизгатәуп, анаҩс рашәарамза 10 аҟынӡа  алахәхаразы онлаин-зыҳәамҭа харҭәаатәуп.

Акомандақәа зегьы рҿы иалкаау аӡәы  анаҩс аусеиҭадулара зылшо ацрыҵқәа - апластик, ақьаад, асаркьа,  (уи аԥҽыхақәагьы уахь иналаҵаны), аихамаҭәақәа, уҳәа еизигалоит. Аусеиҭадулара зылшо зегьы аусдулара ахь идәықәҵахоит.  

Акциа апроект «Аклиматтә шәарҭарақәа рганахьала ауааԥсыра разыхиара аҩаӡара ашьҭыхра» аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахо аекологиатә инициатива «Абхаз Деск» «Адунеи агәам-сам аҟынтәи еиқәҳархап» ала имҩаԥысуеит.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит рашәарамза 17, Аҟәа ақалақь (Кәыдрытәи амҩа) аҿы. Алагара аамҭа 15:00 сааҭ рзы.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аусмҩаԥгатә апартниор аҳасабала иқәгылоит. 

 

 


Read 227 times - Ашәахьа, 12 Рашәара 2023 10:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.