Уи инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны аурыс сахьаҭыхыҩцәа нхарҭа ҭыԥ адагьы иҿымцәаауа арҿиаратә гәацԥыҳәараны иҟалеит.
«Аиашазы ари ацәыргақәҵа абзиабара иазкуп. Дара ахьынхоз, аус ахьыруаз аҭыԥ ахь рыбзиабара иазкуп. Ҳара ҳзы гәахәара дуӡӡоуп урҭ рсахьақәа ҭыԥк аҿы еизганы ҳахәаԥшцәа дырбара», - ҳәа лажәа иацылҵеит Ельвира Арсалиа.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа рзы Адепартамент, Москва ақалақь Аҳәынҭқарратә Автономтә Усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аидгьылуаа агуманитартә усеицуреи аусуратә еизыҟазаашьақәеи рыбжьаҵара азы Ацентр – Москватәи аидгьылҩы Иҩны, иара убас Аҟәа иҟоу уи аҿга - «Аҟәа иҟоу Москва Аҩны» иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рыла.
Ацәыргақәҵахь инагоу аусумҭақәа рбара алшоит рашәарамза 9 инаркны рашәарамза 18 аҟынӡа.