АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Рашәара.2023

Аԥсныҟа усуратә визитла дааит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсныҟа усуратә визитла иааит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак напхгара зиҭо урыстәылатәи аделегациа.

Урыстәылатәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: аҳәаанырцәтәи атәылақәа арегионбжьаратәии акультуратә рымадаразы Урыстәылатәи Афедерациа иҟны иҟоу Аусбарҭа анапхгаҩы  Игорь Маслов, аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач,  аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак,  арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич.

Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьҭра-гәаҭаратә Пункт «Псоу» аҿы асасцәа ирԥылон Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь.  

Урыстәылатәи аделегациа авизит апрограмма аҿы иҟоуп:   

– Апансионатқәа реидгылара «Акурорт Пицунда», Пицундатәи аныхабааи (Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьа иныхабаа) рҭаара; 

– Гәылрыԥшь араион ахь ацареи В.Г.Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҭаареи;

– Аҟәаҟа аареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылареи;

– Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ацхантәаҩцәа реиԥылара;

– Аҟәа агаҿа шьапыла ақәсреи С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҭаареи;

Асабшаҽны, рашәарамза 10 рзы, Алеқсандр Новак аӡиа Риҵеи «Сталин идачеи», иара убас Гәдоуҭа араион Мысра аҳаблаҿы иҟоу «Горбачиов иҳәындачеи» дырҭаараны дыҟоуп.


Read 285 times - Амҽыша, 11 Рашәара 2023 17:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.