АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура атәылауаҩ Владимир Ефрем-иԥа Акопиан иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  320  ахәҭа 1 инақәыршәаны, аусеилыргара хацнаркит.

Аԥсны апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, абҵарамза 15, 12 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Акырҭаа имҩа, аҩны №26 азааигәара, Владимир Акопиан апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Амҩа-ԥыԥшырҭатә Маҵзура арота аинспектор, амилициа алеитенант  еиҳабы Гәыниа А.Р иҟаиҵаз азакәантә дҵа дазымӡырҩӡеит, уимоу дагьиҿасит. Гәыниа А.Р Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днаган, араҟа уи аҳақьымцәа дангәарҭа ашьҭахь изықәдыргылеит адиагноз – иарку аԥынҵаҭаԥҵәара.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә Хаҭарнак Залина Кобесова дылԥылеит. Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ҳтәылақәа рыбжьара ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә еикәыршара аизырҳара аҳасабала ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Беслан Џьопуа ацитрустә шәырқәеи ацхеи ареспублика иалганы урыстәылатәи аџьармыкьа ахь ацәыргара еиԥш иҟоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт аҿиара хадара злоу егьырҭ ахырхарҭақәа аликааит.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаразы Амаҵзура  Аҳәаахьчаратә отриад анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи Аҳәаахьчаратә отриад аԥҵара Амш 30- мшы ахыҵра рыдиныҳәалеит.

«Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы амчқәа раԥҵара азы аӡбамҭа акыр иуадаҩыз аамҭа –1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ирыдыркылеит. 

Аҳәаахьчаратә маҵзура хадара злоу аусхкы аҿы иаку аҳәынҭқарратә политика назыгӡо  атәыла ашәарҭадара аиқәыршәара иазку асистема иаҵанакуеит.

Раԥхьа игылоу ахыдҵақәа рыӡбаразы ирыду аҭакԥхықәра еилкааны, аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа есымша ламысцқьала рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡон. Убас акәын ишыҟазгьы иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан. Усҟан Гал араион аҿы лассы-ласы Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы абжьааԥны аҳәаахьчаҩцәа рыԥсҭазаара акыр ашәарҭара иҭазыргылоз иҷыдоу аҭагылазаашьақәа шьақәгылон. Агәра ганы сыҟоуп ҳаԥхьаҟагьы аҳәаахьчаҩцәа ишахәҭоу ала руалԥшьа шынарыгӡало.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.

Аԥсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵахеит абҵарамза 20, 1992 шықәса рзы.  Зеилазаара 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык офицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад Ԥсоу аӡиас ала инагоу Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рыдҵан.  

Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара амш 30- шықәса ахыҵра иубилеитә рыцхә азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә отриад анапхгаҩы Рустам Латипов, аҳәаахьчаратә маҵзура аветеранцәа, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа.  

Анаҩс аҳәаахьчаратә отриад аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә иацҵахеит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху рратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аизарақәа рзал аҿы. Араҟа аныҳәа инамаданы аекспозициа аартын.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент VI ааԥхьара (2017 – 2022шш.)  12-ҩык адепутатцәа аексперттә фонд «Аамҭа» аԥырҵеит. Уи напхгара алҭоит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ԥыхьатәи ахантәаҩы Натали Смыр. Абри азы абҵарамза 17 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩасыз апресс-конференциа аҿы  адырра ҟалҵеит Натали Смыр.

«Уажәы иаԥҵоу аексперттә Фонд «Аамҭа» (ЭФА)  иалоуп Апарламент VI ааԥхьара  12-ҩык  адепутатцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟоуп Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Валери Кәарҷиа, иара убас быжьҩык апарламенттә Еилакқәа ԥыхьатәи ахантәаҩцәа.

Ҳара ҳгәаанагарала, хәы-шықәса рыла азакәанԥҵара анагӡара иазку азакәанԥҵаратә усура аҿы иҳауз аԥышәа ахархәара ҳҭакԥхықәраны иҳаԥхьаӡоит», - ҳәа илҳәеит Натали Смыр. 

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 16, 2022 шықәса рзы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба напхгара зиҭо аделегациа апровинциа Диузџье иҟоу Ауниверситет аректор, апрофесор, адоктор Недим Тезбир иԥылеит.

Аректор Тезбир иажәахә аҿы иазгәеиҭеит аҵараиурҭа аҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи рҵара иарбоу арегион аҿы инхо кавказтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәа рыбжьара еиԥш, кавказтәи аетнос иаҵанамкуагьы рыбжьара акыр аинтересс рызцәырнагоит.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа даҭааит. Уи аусбарҭа анапхгаҩы ҿыц Аинар Коӷониа идгалара мҩаԥигеит.

Амилициа аподполковник Аинар Коӷониа 2013 шықәса раахыс аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҿы аус иуеит. 

Иреиҳаӡоу иҷыдоу аҵарадырра иоуит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Краснодартәи ауниверситет аҿы, анаҩс Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаустә ԥшаара аусбарҭа  аоперативтә зинмчы змоу имаҵураҭыԥ аҿы аусура далагеит.  

2016 шықәса инаркны нанҳәамза, 2017 шықәса рҟынӡа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа аоперативтә зинмчы змоу ацуҭа аусзуҩ  инапынҵақәеи зықәра наӡам русқәа рзы аҟшеиҵеи ауаажәларратә шәарҭадара азы аҟәшеиҵеи рҿы аус иуан. 

Аҟәа.  Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра аҿы Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыргылара иадҳәаланы раԥхьа иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа рызҵаара иадҳәаланы аусуратә еилатәара  мҩаԥысит.  Аилатәара рхы аладырхәит акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Гарик Сангәылиа, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахаҭарнакцәа аиереи Матфеи, Делба Боиан, Агәыҳалалратә фонд «Просветитель» адиректор Беслан Аршба, аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аспециалист хада  Инал Џьопуа, Мықә ақыҭа ауаажәларра рхаҭарнакцәа Ҭарба Роман, Какалиа Алхас, Адлеиба Артур, Ҭарба Асҭамыр.

Аиԥылара иалахәыз аԥхьанатә излагатәу аусурақәа ирылацәажәеит, уажәы зҭагылазаашьа зегьы реиҳа иуадаҩны иҟоу аԥенџьырқәа роуп, иԥсахтәны иҟоуп 61 ԥенџьыр. Аԥенџьырқәа зегьы шәагаала еиԥш формалагьы астандарт иақәшәом, урҭ раҳаракыра  3 - 4 метра рҟынӡа инаӡоит, ахыбхагьежьтә хәҭа иахьаҵанакуа 13 ԥенџьыр ыҟоуп, урҭ раҳаракыра 4 метрак рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. 2022 шықәсазы имҩаԥысыз атуристтә аамҭахәҭа аихшьаалақәеи 2023 шықәсазы атуристтә бизнес аперспективақәеи ирызкуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр имҩаԥнаго астол гьежьы.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба аобиективтә мзысқәа рыла 2022 шықәсазы иҟаз азԥхьагәаҭарақәа зегьы рынагӡара залмыршахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Уи ишазгәеиҭаз ала, 2021 шықәса атуристцәа рхыԥхьаӡара ала ипрецедентдоу шықәсаны иҟалеит, аекспертцәа иҟарҵо абжьгарақәа рыла, уи аԥхьа иҟазгьы уи  иашьҭанеиуагьы аҿырԥшра аҭахӡам.

«Азԥхьагәаҭарақәа зегьы раԥхьаӡа изынагӡамхаз аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ауп. Уажәы макьана аҳасабеилыргаратә ҳасабырбарақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит.  Сара макьаназы арбагақәа нҭкааны аҳәаразы алшара сымаӡам. Аԥсны иаҭааит миллион-ҩык инареиҳаны ауаа, аха уи рхыԥхьаӡара миллионки бжаки рҟынӡа изынамӡеит», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хишба.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Москва ақалақь имҩаԥысуа ашколнӡатәи аҵарадырра аусзуҩцәа VII Урыстәылзегьтәи реизара Ду аусура зхы алазырхәуа Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.

Аизара Ду атема хада – ашколнӡатәи аҵарадырра аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә политика астратегиатә приоритетқәа. Аизара Ду аспикерцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аҵарадырра анапхгараҭара амуниципалтәии арегионалтәии аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, апрофилтә институтқәа рдиректорцәеи рнаукатә усзуҩцәеи,  ашколнӡатәи апедагогика афакультетқәа рырҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи, ашколнӡатәи аусбарҭақәа русзуҩцәа, иара убас аҭаацәаратә еилазаара рхаҭарнакцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.