
pressadmin-2
АҞӘА АРАИОНТӘ ЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АРАИОН АБИУЏЬЕҬ РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә Еизара адепутатцәа 2023 шықәсазы араион абиуџьеҭ рыдыркылеит.
Абиуџьеҭ апроект адгалара мҩаԥигеит адепутат Заур Сангәылиа.
Араион ахатәы хашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ азԥхьагәаҭахоит – 104 млн 985,6 нызықь мааҭ рыла, уи ҳазҭоу ашықәс азы иҟаз арбагақәа раасҭа 54 млн 353,9 нызықь мааҭ рыла еиҵоуп. Абиуџьеҭ аныхтә хәҭа 209 млн 171,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Абиуџьеҭ ахатәы хашәалахәқәеи ахарџьқәеи реиԥшымзаара 68 млн. 324,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо адотациа аформала, иара убас 35 млн 861,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо Аҟәа араион абиуџьеҭ абалансркра азы идәықәҵахо асубсидиа аформала иҟоу абиуџьетбжьаратәи атранферт ала ихарҭәааахоит.
Ахашәалахәқәа ихадоу астатиақәа:
– ахашәалахәы азы ашәахтә азԥхьагәаҭоуп 44 млн 803,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инарзынаԥшуа. 2022 шықәсазы иҟаз аплантә рбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ахашәалахәы азы ашәахтә 50 млн 049,3 нызықь мааҭ рыл агырхара шыҟоу убаратәы иҟоуп.
АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АТТЕСТАЦИАТӘ КОМИССИА АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА ЗЕГЬЫ РУСУРА АЕФФЕКТИВРА АХӘШЬАРА АНАҬОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩцәа онлаин режим ала рԥылара мҩаԥигеит.
Аминистр ацҳаражәҳаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русура иадҳәалоу актуалра злоу аспектқәа рганахьала дрыҿцәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Амедиацентр.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс, ԥхынҷкәынмзазы ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа зегьы русура аеффективра ахәшьара аҭара мҩаԥызго аттестациатә комиссиа аԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аттестациатә комиссиа аусура акоординациа аҭара рнапы ианҵоуп аминистр ихаҭыԥуҩ Одиссеи Бигәааи адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат анапхгаҩы Владимир Ачбеи.
«АХЕИБАРҬӘААРЕИ АԤЫШӘАЛА АИМАДАРЕИ»: АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АԤСНИ КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘИ РЫУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Иахьа Аԥсны Ауаажәларратә Палата аҿы Краснодартәи атәылаҿацә Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәеи аԥснытәи рколлегацәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа хымԥадатәиуп, «избан акәзар, Аԥсни Ҟәбини ирықәынхо ажәларқәа аизааигәахара рҭахуп, уи адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьагьы иадҳәаланы иҟам» ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
«Ҳара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы еиԥш уи ашьҭахь иҟаз иуадаҩыз ашықәсқәагьы рзы ҳара ҳганахьала аекономикатә блокада аналагалазгьы, Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи адгылареи ацхыраареи шҳамаз ҳдыруан», - ҳәа илҳәеит лара.
Гәыли Кьычба Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыуаажәларратә Палатақәа рыбжьара иҟоу аусеицура ессааира амҽхак шыҭбаахало, уи ахеибарҭәаареи аԥышәа аимадареи рзы хра злоу алшара аԥнаҵоит ҳәа агәра ганы дыҟоуп.
Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Алеқсандр Страничкин асасцәа раара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ас еиԥш аимадара акыр аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, ашықәсқәа инеиԥынкыланы Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсны иаиуо ацхыраара атәы иҳәеит.
Краснодартәи атәылаҿацәтә уаажәларратә еиҿкаара «Амилаҭтә культурақәа Рцентр «Аԥсны» анапхгаҩы Васили Ҷанба асасцәа рделегациа иааркьаҿны рыдгалара мҩаԥигеит, иара убас уи ас еиԥш аимадарақәа «еиҳа еиӷьны аибадырреи еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы аусеицуреи рзы алшара аԥнаҵоит» ҳәа иазгәеиҭеит.
АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ БАНК АХАРХӘАРАЗЫ ИҬНАЖЬИТ «АРЕСПУБЛИКА АԤСНЫ АҬЫԤ ԤШӠАРАҚӘА» РСЕРИА ИАҴАНАКУА АГӘАЛАРШӘАГАТӘ ԤАРАҾЫРԤҚӘА.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк иҭнажьит ахьи араӡни ирылхым, «Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа» рсериа иаҵанакуа агәаларшәагатә ԥараҿырԥқәа хәба. Уи:
агәаларшәагатә ԥараҿырпы «Афон Ҿыц»,
агәаларшәагатә ԥараҿырпы «Риҵа»,
агәаларшәагатә ԥараҿырпы «Гагрыԥшь»,
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЗВОЛЬТҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЗЫ АМАҬӘАХӘҚӘА РААХӘАРА ААН АФИНАНСТӘ ЕИЛАГАРАҚӘА РЗЫ АСОЦКАҬАҚӘА РЫҞНЫ ИЦӘЫРҴЫЗ АДОКУМЕНТ АХӘШЬАРА АҬАРА АЗЫ АПРОКУРАТУРА ХАДА АХЬ АДҴА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәеит асоциалтә каҭақәа рыҟны ицәырҵыз афымцамчтә усхк аҟны аԥара аӷьычра ыҟоушәа зҳәо адокументқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә саит.
Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылауаа жәпакы рҳәамҭақәа рыла 70 позициацыԥхьаӡа рыла ахәқәа ирыцҵаны иахьарбоу адокумент ахкьыԥхьла ахаҭареи аҵабырг иахьынӡақәшәои ргәаҭаразы иацклаԥшны иҭырҵаарц. Аҳәынҭқарра Ахада иалкааны аҿҳәара аиҭеит агәаҭареи аҳасабырба аҟаҵареи рзы.
«Аинформациатә хархәагақәа рыҟны ажәабжь цәырҵит «Аҽгәара» ацәаҳәа шьаҭанкылатәи арҿы
АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАМҬАҚӘЕИ АҲАҬЫРТӘ ХЬЫӠҚӘЕИ РЗЫ АЗАКӘАН АԤСАХРАҚӘА РАЛАГАЛАРАЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, абҵарамза 16 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит Венори Бебиа хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак аилатәара.
Аилак аилатәара иалахәын Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Аха Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ламиеи.
Адепутатцәа ахәаԥшит «О внесении изменений в Закон Республики Абхазия «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы « Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
ВЛАДИМИР ДЕЛБА АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА-РГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘАК РФИНАНСТӘРА АЗЫ АҲАСАБЫРБА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ахәаԥшразы изнагахеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи уаанӡа иазԥхьагәаҭаз асоциал-культуратә зкызаара змоу аобиектқәеи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡареи рфинанстәра шымҩаԥысуа азы абжьакӡаратә ҳасабырба.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба афинанстәра аҿы аиҵахарақәа ыҟаӡам ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәа рынагӡара азы 2022 шықәса инаркны абиуџьеттә хархәагақәа маҷымкәа агәабзиарахьчареи асоциалтә усхки рахь идәықәҵахеит.
1 138 – ҩык зныктәи аматериалтә цхыраара аҭара азы иазоужьхеит 74,5 млн. мааҭ, 37 млн. мааҭ ақәхарџьхеит 327-ҩык рыхәышәтәра, аҷаҷа чымазара змоу ауаа рыхәышәтәра азы иазоужьхеит 86,8 млн. мааҭ.
АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬА АУСЗУҨЦӘА ИРЛАСУ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АҬАРА АЗЫ РДЫРРАҚӘА РԤЫШӘАРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа аусзуҩцәа ирласу амедицинатә цхыраара аҭара азы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра иазку аҽазыҟаҵарақәеи ҳаамҭазтәи амединатә техника ахархәаразы ирымоу аԥышәа агәаҭареи мҩаԥыргеит. Азыҟаҵарақәа рахь адыԥхьалара роуит амедицинатә Усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьы, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәагьы уахь иналаҵаны, ҳәа иаанацҳауеит Ахылаԥшырҭа аофициалтә саит.
АФИНАНСҚӘА РМИНИСТРРА АБИУЏЬЕТТӘ ҲАСАБЫРБА АВТОМАТИЗАЦИА АЗЫ АЗЫҲӘАМҬАҚӘА РАЛАҴАРА АҼҲӘАРА ИАЦНАҴОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афинансқәа Рминистрра абиуџьеттә ҳасабырба автоматизациа азы азыҳәамҭақәа рыдкылара аҽҳәара ишацнаҵо азы адырра ҟанаҵоит.
АДЕПУТАТЦӘА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДАЧА «ПИЦУНДА» АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АИҬАКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АЗҴААРА ИНАМАДАНЫ МОСКВА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АИҾЦӘАЖӘАРАҚӘА РЫЛҴШӘАҚӘА РТӘЫ ЕИҬАРҲӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа АИХ рхаҭарнакцәа Москва имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ртәы рзеиҭарҳәеитИахьа адепутатцәа Алхас Барцыц, Кан Кәарҷиа, Леонид Лакербаиа, Дауҭ Хәытаба Апарламент аҟны АА Аиҳабыреи УА Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы УА аҭареи уи ахархәара аԥҟарақәеи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥыргеит.
Абҵарамза 10 рзы имҩаԥысит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи хантәаҩра азиуан УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов.
Аилатәара аԥсуа ган аҟнытә иалахәын Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба , Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак алахәҩы Леонид Лакербаиа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак алахәцәа Адгәыр Ҳаразиеи Кан Кәарҷиеи, иара убас АА Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.