АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2023

Аслан Бжьаниа Роберт Киут Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада дыдирдырит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара аминистр  ҿыц Роберт Киут дыдирдырит.

«Сгәы иаанагоит  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц амаҵзурахьы инеира хьаада имҩаҧысып ҳәа. Агәра згоит аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа а

зыӡбақәак идикыларым ҳәа. Сгәыӷуеит аҵыхәтәантәи хышықәса раахыс иазгәаҭоу ахырхарҭақәа ирыцҵаны аҿиара роуп ҳәа",- иҳәеит Аҳәынҭқарра  Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәылаҟны аҭагылазаашьа шымариам. "Хаз  игоу хырхарҭақәак рыла иҟоу алҵшәақәа шыцәгьамгьы, ауаажәларра ирҭахуп азинхьчаратә усбарҭақәа иааидкыланы, иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аусура иҵегьы еиӷьзарц", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада, иара убас, Вальтер Быҭәба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаԥигаз аусуразы.

 


Read 317 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.