Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Быҭәба В.С.Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст иаҳәоит:
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы амаҵзуразы Аԥҟареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ила ԥхынҷкәынмза 18, 1996 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз Аусԥҟа № УП-104 (хәажәкырамза 04, 1997 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 13, рашәарамза 22, 1998 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 62, цәыббрамза 11, 2017 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 208, абҵарамза 04, 2021 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 285, лаҵарамза 17, 2023 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 155, рашәарамза 13, 2023 шықәсазы иалагалаз аиҭакра №184 ҳасаб азуны): инарықәыршәаны:
1.Амилициа аинрал - маиор Быҭәба Вальтер Сергеи-иԥа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәыиҭтәзааит.
- Быҭәба Вальтер Сергеи-иԥа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара дахыԥхьаӡалазааит».
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵураҭыԥ анагӡара аҟынтәи иақәиҭтәу Роберт Киут.