1997 – 2012 шш. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусбарҭақәа рҿы анапхгаратә уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы аус иуан.
2012 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҷыдоу азкызаара Ацентр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.
Лаҵарамза 17, 2014 ш. – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ - аотриад аштаб анапхгаҩы.
Абҵарамза 3, 2014 ш. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриад анапхгаҩыс дҟаҵан.
Жьҭаарамза 23, 2020 шықәса раахыс Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩыс дыҟан, иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ иаҳасабала амаҵурахьы ддәықәҵан.
Аполковник Нодари Чачхиани «Акы узавымбо аусуразы» I, II, III аҩаӡара змоу амедалқәа ианашьан.
2022 шықәсазы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аԥҵара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараан аҽаԥсатәра азы» амедал ианашьахеит.