АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2023

Аҽыааӡаҩ Адгәыр Пачалиа Краснодартәи аипподром аҿы Аԥхынтәи аԥхьахә Ду агараҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10 рзы Краснодартәи аипподром аҿы аҽырыҩратә сезон раԥхьатәи аицлабрақәа мҩаԥысит. Иахьатәи амш Урыстәыла Амшныҳәа азгәаҭара азы аҽырыҩрақәа  иазкын, 2023-тәи ашықәс Краснодар ақалақь аҿы уаҳа зда ыҟам, Урыстәыла ижәытәӡатәиу аипподромқәа иреиуоу аипподром 155-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкуп.

Ари амш аҽны аҽыжәлақәа  ҩба –  англызтәи арабтәи  иатәу  аҽыҩқәа 11-нтә рҽырыҩра мҩаԥысит. Азеиԥш аԥхьахәтә фонд миллион мааҭ инареиҳаны ишьақәгылеит.

Арҭ аҽырыҩрақәа аԥснытәи аҽыааӡаҩцәа рыҽқәагьы алахәхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аԥхынтәи аԥхьахә Ду агаразы аиԥхныҩра аҿы зегьы раԥхьа афиниш аҟынӡа инаӡеит Аԥсны Голд ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ.  Аҽырҩра 1600 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы имҩаԥысуан арабтәи ахкыжәла иаҵанакуа, хы-шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҽыҩқәа рыбжьара. Арҭ аҽырыҩрақәа рҿы  афбатәи аҭыԥ аанакылеит Соле Мио ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Ахра Ашәба иҽыҩ.

Елита аԥхьахә агаразы аиԥхныҩра аҿы Гаркун ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ аҩбатәи аҭыԥ аанакылеит.   Аҽырыҩрақәа 2400 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы арабтәи ахкыжәла змоу, ԥшьышықәса зхыҵуа, мамзаргьы еиҳабу аҽыҩқәа рыбжьара имҩаԥысуан.  

Хы-шықәса зхыҵхьоу арабтәи ахкыжәла змоу аҽанқәа рҽырыҩра иалахәын Белуха ҳәа ахьӡҷыда змоу, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҽи Тамирис ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Ахра Ашәба иҽи.   Адистанциа 1800 метра иҟоу адистанциа аҿы Белуха аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит, Тамириса – ахәбатәи аҭыԥ.

Аԥхынтәи аԥхьахә Ду агаразы аиԥхныҩра аҿы ахәбатәи аҭыԥ ааннакылеит Осман Абан ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Беслан Абхазаа иҽы. 1200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы еиԥхныҩлон ҩы-шықәса зхыҵуа арабтәи ахкыжәла змоу аҽыҩқәа.  

Иҳәаарку аԥхьахә агаразы аиԥхныҩра аҿы Рамзес Фараон ҳәа ахьӡҷыда змоу, аҽыааӡаҩ Асҭамыр Сангәлиа иҽыҩ аабатәи аҭыԥ ааннакылеит. 1800 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуан ашьацқьа злоу англызтә хкыжәла змоу, хы-шықәса зхыҵуа аҽқәа рыбжьара.


Read 375 times - Ашәахьа, 12 Рашәара 2023 23:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.