АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2023

Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш инамаданы дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә текст иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, Урыстәыла азеиԥшмилаҭтә ҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәала шәыдышәкыл! Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи аҳәынҭқарра адуреи ашәышықәсақәа иргәылганы иаагоу уи аҭоурых абеиареи рсимволны иҟоуп. Уи Рыԥсадгьыли ибеиаӡоу адоуҳатә-культуратә ҭынхеи гык-ԥсыкала иазыҟоу биԥарала Урыстәыла атәылауаа еидызкыло ныҳәоуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу ахҭысқәа, иааизакны жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ашәышықәсақәа раԥхьа еиԥш иахьагьы аитәылауаа ракзаара, Аԥсадгьыл асуверенитет ахьчара азхиара  шаҟа аҵак ду амоу зеиӷьаҟам ала иаҳнарбоит.

Ажәлар ракзаареи реидгылареи Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара хра злоу ихадоу аԥшьгарақәа зегьы рынагӡареи атәыла аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика амҩагареи алдыршоит, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа иахьа анеонацизм алаҵәара адгылара ду азҭо аколлективтә Мраҭашәара иаҿагыланы Украина инанагӡо арратә операциа ҷыда аҿы акыр ацхыраара анаҭоит.

Урыстәыла аиашьаратә жәлар ари хадара злоу аныҳәа иацу агәырӷьара рыцеиҩшо, дырҩегьых иазгәасҭарц сҭахуп ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызаратәии аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара Аԥсны Анапхгара ихадоу ахықәкқәа ишреиуоу. Ҳара аринахысгьы арҭ аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ганрацәалатәи рыҿиара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Алеқсандр Анқәаб Михаил Мишустин инаигӡо аҭакзыԥхықәра зцу амаҵзура аҿы аихьӡара дуқәеи аманшәалареи, Урыстәыла атәылауаа зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит. 

 


Read 419 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.