АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2023

Атәыла Анапхгараҿы Алеқсандр Новак иԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 9 рзы Аԥсны Анапхгара аҿы имҩаԥысыз атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәеи Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак напхгара зиҭо урыстәылатәи аделегациеи реиԥылара аҿы аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара иалахәыз аганқәа русеицуреи аусеицуа еиҳа аперспектива злоу ахырхарҭақәа ралкаареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ахәҭакахьала, Аԥсны аенергосистема еиҳа ақәыӷәӷәара анамоу аамҭазы афымцамч ала аиқәыршәареи Урыстәылантәи Аԥсныҟа еиԥҟьарада анефть аалыҵқәа раагареи азҵаарақәа ирзааҭгылеит.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥсны-урыстәылатәи аусеицура ахәшьара ҳаракы аиҭеит, убри аан уи аԥсуа ган анаҩстәи аусеицура ишазхиоугьы азгәеиҭеит.  

Аиԥылара аҿы аҩ-тәылак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апроцесс арцаакра шхымԥадатәиу ҷыдала иазгәаҭан. 

 


Read 248 times - Ашәахьа, 12 Рашәара 2023 23:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.