
pressadmin-2
«АҞЫБАҨ БЗИА ЗМОУ АХӘЫҶҚӘА АУС РЫДУЛАРА»: АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АЛАГАРҬАТӘ КЛАССҚӘА РЫРҴАҨЦӘА РЗЫ АСЕМИНАР МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы имҩаԥысит алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа рзы асеминар. Асеминар атема: «Аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа аус рыдулара», ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа. Асеминар мҩаԥылгеит алагарҭатә классқәа рырҵаҩы И. Адлеиба.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҦСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА 25 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә еилатәараҟны дықәгалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, аҭҵаарадырратә уаажәлаара алахәцәа!
Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра арыцхә!
25 шықәса раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит "Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара анагӡара иазку ауснагӡатәқәа рзы" Аусԥҟа. Ари ареспубликазы акыр иуадаҩыз аамҭазы имҩаԥысуан, аха ареспубликеи уи аԥхьаҟатәи аԥеиԥши рзы Академиа аԥҵаразы ирыдыркылаз азызба аҵак дуӡӡа аман. Аҳәынҭқарра нхарҭәааны иҿиаразы, хымԥада, аҭҵаарадырра иамоу аҵакы дууп, уи амилаҭтә економика, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, акультура, аҵараиура рыҿиара алзыршо акоуп.
Имариамызт Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа знысыз амҩа. Ҳҵарауаа реихьӡарақәа еицырдыруеит ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы. Шәара шәусуреи шәыҭҵаарадырратә усумҭақәеи ирыбзоураны адунеи аҿы ҳтәыла ибеиоу аҭоурых- культуратә ҭынха атәы рдыруеит, ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара, ахьыҧшымразы ақәҧара иазку аиаша рдыруеит.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АПАЛАТАҚӘА РХАНТӘАҨЦӘЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҚӘА ИҞОУ АЗИНМЧЫЗМОУ УРЫСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨИ ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар-Апарламент ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.
Иколлегацәа ихы рықәкны, Лаша Ашәба иҳәеит, урыстәылатәи ажәлар ахаангьы згәы еиҭамԥоз, апатриотизмра злаз, атәыла ахьыԥшымра ашәарҭара иҭазыргылоз аҭагылазаашьақәа раан аӡәк еиԥш еидгылоз жәларык раҳасабала ишыҟоу.
«Милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи ажәлар раԥхьа иҟаз абиԥарақәа ирымардаз аҟазшьа бзиақәа: аҭоурых ахӡыӡаара, аамысҭашәара Урыстәыла Дуӡӡа асуверенитет уасхыр ӷәӷәаны иамоуп», – иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы. Уи Урыстәыла ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡара ҿыцқәа рыҟны ақәҿиарақәа.
АӠИА РИҴА АГАНАХЬАЛА ИНАГОУ АМҨАДУ 41-ТӘИ АКИЛОМЕТР АҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА ИРЫЛАГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиа Риҵа аганахьала инагоу амҩаду «Бзыԥ - аӡиа Риҵа» 41-тәи акилометр аҿы иҟоу аҵыргәатә ҭӡы ахьеилыбгаз инамаданы, амҩаду ахыхь ишшьаны иҟалеит, ҳәа иаанацҳауеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк апресс-маҵзура.
Амҩа аилабгара аԥхьырҟәҟәаара азы, аминистрцәа Реилазаара ақәыршаҳаҭны, абҵарамза 2 рзы иарбоу аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын.
ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА ИРЫЦҴОУП.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аԥшьаша ахәылбыҽха, абҵарамза 3 рзы, Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аамҩақәҵараатә усбарҭа хада аҿы атехникатә штаб аилатәара мҩаԥылгеит.
Звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҿы жьҭаарамзазы ихацыркыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Урыстәылантәи иаауаз афымцамч ҽҳәараанӡа аанкылара иахҟьаны иаанкылахар акәхеит. Жьҭаарамза 1 инаркны абҵарамза 1 - нӡа 32 звольҭараку афымцамҩангагақәа рҟынтәи 24 рыԥсахра алыршахеит.
Иҳаҩсыз ҩымш рыла Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» атехникатә маҵзура ихымԥадатәиу аужьҭра-еиқәыршәаратә усурақәа ркомплекси иаарԥшхаз апроблемақәа рырҽеира иазку аусмҩаԥгатәқәеи рынагӡара иаҿын.
ЛУКА ГАДЕЛИА АКОНКУРС «2022 ШЫҚӘСАЗЫ ИРЕИӶЬУ ОРӶАНРҲӘАҨЫ», АНОМИНАЦИА «ПЕРСОНА» АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи апремиа «2022 шықәсазы иреиӷьу аорӷанрҳәаҩы» аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа рҳәеит аԥшьаша, Калининград ақалақь аҿы. Аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Иммануил Кант ихьӡ зху адгьылбжьахаҿы иҟоу аҭоурыхтә ҵакы змоу Акафедралтә ныхабаа аҿы. Араҟа игылоуп Урыстәыла зегьы аҿы иреиҳау аорӷантә комплекс, ҳәа ТАСС ахь адырра ҟалҵеит аныхабаа апресс-маӡаныҟәгаҩ, иарбоу арҿиаратә проект апартниорс иҟоу Иана Лутченко.
«Сынтәа арҿиаратә аԥшьгарақәа рыҿиара Афонд ала иаԥҵоу, Урыстәыла иахьаҵанакуа аналогқәа змам апремиа «Ашықәс азы иреиӷьу аорӷанрҳәаҩы» алахәхаразы аконкурстә алԥшаарақәа реихшьаалақәа рыла еиуеиԥшым урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи иалаҵан 20 инарзынаԥшуа азыҳәамҭақәа. Аӡбаҩцәа алауреатцәа алыркаауан ԥшь-номинациак рыла - «Персона», «Адебиут», «азанааҭ ахь алагала азы», «Зегьы реиҳа аоригиналра злоу аконцептуалтә концертә программа азы». Урҭ аконкурсантцәа аорӷанрҳәара аҿы реиихьӡарақәа раарԥшра алнаршоит», - ҳәа илҳәеит лара.
ЛАША АШӘБА АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АХАДА ЗАУР ЏЬАПУЕИ АКОЛЛЕКТИВИ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА 25-ШЫҚӘСА АХЫҴРА АМҲ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ахада Заур Џьапуеи аколлективи Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Заур Џьоҭа-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәаргьы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аколлективгьы ишәыдысныҳәалоит аусбарҭа 25 шықәса ахыҵра арыцхә.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵара иадҳәалоу азыӡбақәа уасхырс ирзышьҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба аҧхьа днаргыланы, иналукааша аҭҵаарадырра аусзуҩцәа рыҟнытә иаауа аҳәынҭқарра аргылараҿы аҭҵаарадырра инанагӡо ароль аилкаара.
Аҳәынҭқарратә аҭҵаарадырра-техникатә политика ашьақәыргылареи анагӡареи – Аҧсны аҵарауаа рҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатә хадақәа ируакуп.
Аҵак ду рымоуп Академиа аилазааратә ҟәшақәа ирыҵанакуа аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа аҭҵаарадырраҟны иҟарҵо алагаламҭақәа. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп ҳҳәынҭқарразы иуадаҩыз аамҭақәа раангьы аԥсуа ҭҵаарадырра аҭоурыхтә еимадарақәа мырӡкәа, рырҿиара алзыршаз еицырдыруа аҵарауаа.
ИХЫРКӘШАХЕИТ XVI АРРА-СПОРТТӘ ХӘМАРРАҚӘА «АИААИРА».
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит XVI арра-спорттә хәмаррақәа «Аиааира», ҳәа иаанацҳауеит аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра апресс-маҵзура.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит жәаҩы-жәаҩыла еилаз аа-командак. Ахәмаррақәа реихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ақалақь акоманда, аҩбатәи аҭыԥ - Гагра араион акоманда, ахԥатәи аҭыԥ - Ҭҟәарчал араион акоманда.
2022 ШЫҚӘСА 10 МЫЗ ИРЫЛАГӠАНЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА РАҲАСАБАЛА АБИУЏЬЕҬ ИАЛАГАЛАХЕИТ 2,4 МЛРД. МААҬ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 262,5 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы. Уи 19,1 млн. мааҭ рыла аплан ишьақәнаргылоз арбагақәа раасҭа еиҳауп. Аплан нагӡоуп 108% рыла.
2022 шықәса 10 мыз ирылагӡаны аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала илагалаз аԥаратә хархәагақәа 2 млрд 404,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫҴӘАХРЕИ РЕИҬАРСРЕИ РЗЫ ДЫГӘҨАРОУП ҲӘА ДААНЫРКЫЛЕИТ ҚЫРҬТӘЫЛА АТӘЫЛАУАҨ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи реиҭарсреи рҿы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу Асмаҭ Таваӡе.
29-шықәса зхыҵуа ацәгьоураҿы игәҩароу Асмаҭ Таваӡе аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа дахьынхо аҭыԥ аҿы илыдырбалеит зыкапан 10 грамм иреиҳау арҩышьыгатә маҭәашьар мефедрон зҭаз ҩ-еилаҳәараки Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә символқәа – абираҟи ашиврони.