АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Лаҵара.2023

Аоппозициа атәыла Анапхгара ԥхьатәара ашьҭразы адҵа ықәнаргылоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппозициатә политикатә мчрақәа рмитинг Аҳәынҭқарра Ахада ахь адҵақәа зну арезолиуциа рыдыркылеит.

Амитинг аҿы иҟоу атәыла амчрақәа рахь аҽԥынкыларақәа ирыԥхьеит.

Иқәгылоз атәыла иреиҳаӡоу анапхгара агхақәеи ашәарҭара зцу ахықәкқәеи рганахьала ӷәӷәала агәынамӡара аадырԥшуан.

«Ауаажәларра мҽхакы ҭбаала апартаментқәа рыргылареи массала аҳәаанырцәтәи атәылауаа рнырхареи рзы иҟоу агәҭакқәа рганахьала ӷәӷәала агәҭынчымра рызцәырҵуеит.   Ас еиԥш аолигархцәа рхылаԥшрала иӡыргахо аглобалтә проектқәа анаҩс Аԥсны хәыҷы азы адемографиатә, аекологиатә, асанитар-епидемиологиатә, уҳәа ашәарҭара ду цәырҵыр алшоит. Иарбоу ахықәкқәа рзы иазоужьхо амшын аԥшаҳәа иаԥну, иара убас ҳақалақьқәа аҭоурыхтә хәҭақәа рҿы иҟоу адгьылхәҭақәа ақалақьргыларатә нормақәа рықәныҟәарада иалкаау аолигархиатә гәыԥқәак рнапаҿы иҟалоит.  Ари апроцесс хацырххеит, иаҳа-иаҳа амҽхакгьы ҭбаахоит», - ҳәа иазгәаҭоуп арезолиуциа апреамбула аҿы.

Арезолиуциа аҿы иазгәаҭоуп Аԥсны аенергетикатә система аобиектқәа рыҭира шзалмыршатәу.

Асоциалтә хьчаратә механизмқәа рыҟамзараан, ихымԥадатәиу, ауаҩԥсы зда дхәарҭам атауарқәеи ахәшәқәеи рыхәԥсақәа акыр реизҳара аныҟоу, аулафахәы маҷӡак ада ашьҭыхра анзалмыршахо аамҭазы, афымцамч ахархәаразы атариф акырынтә ашьҭыхра ауааԥсыра рзы еидара ӷәӷәаны иҟалеит.

Иҟоу атәыла Анапхгара имҩаԥнаго аполитика, арезолиуциа ишарбоу ала, асоциалтә, аекономикатә, аенергетикатә, адәныҟаполитикатә, уҳәа егьырҭ аҳәынҭқарратә напхгараҭара иадҳәалоу аусхкқәа рҿы акризистә ҭагылазаашьа арҿиеит.  

Аполитикатәи асоциал-еономикатәи акризис алҵреи аԥснытәи аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа аиқәырхареи аҿиареи  хықәыс иҟаҵаны, жәлар рмитинг алахәылацәа Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа дҵаны иқәдыргылоит:

Аоппозициа агәаанагарала зхыдҵақәа рынагӡара злымшаз атәыла Анапхгара зыԥшра ҟамҵакәа ԥхьатәара ашьҭра;

Иааиуа ҩы-шықәса рзы амилаҭтә хыдҵақәа рыӡбаразы амҩақәҵагатә хсаалага аԥҵара иалахәхо, Аҳәынҭқарра иҟны иҟало ареформақәа рзы Ахеилак аԥҵара;   

Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра алиберализациа азы ақәҵара аԥыхра;

Афымцамч ахархәаразы атарифқәа рышьҭыхра азы атәыла Анапхгара ақәҵара аԥыхра;

Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» Урыстәылатәи Афедерациа ахатәра аҳасабала аҭареи уи ахархәаразы аԥҟарақәеи рзы Апарламент аҿы аратифиакациа азы иҟоу аиқәшаҳаҭра шьҭахьҟа архынҳәра;

«Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә шьаҭа ашьақәыргылара азы» азакәан апроект Апарламент ахь анашьҭразы агәҭакқәа мап рыцәкра;

Аенергетикатә система хазхаҭалатәи ахаҿқәа априватизациазы рыҭаразы агәҭакқәа мап рыцәкра;  

«Аекономикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи  азыӡбақәа аҩганктәи азхаҵареи анагӡареи рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» Апарламент ахь ишдәықәымҵахо азы ауаажәлар ирбо-ираҳауа ажәа аҭара.

 

 

 


Read 171 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.