Аҟәа. Рашәарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.
Рашәарамза 1 азы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ареспублика ауааԥсыра Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Акыр иаҳзаԥсоу ахәыҷқәа – ҳҩызцәа хәыҷқәа! Акыр иаԥсоу аиҳабацәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит абиԥарақәа зегьы насыԥ рыманы, гәыблыла изԥыло иреиӷьу жәларбжьаратәи аныҳәа - Ахәыҷкәа рыхьчара амш.
Ҳара аиҳабацәа ҳзы дарбанзаалак ахәыҷы иччаԥшь, игәырӷьабжь, игәабзиара, иҭынч ԥсҭазаара, аҵара харҭәааны иоуразы, ибаҩхатәра аарԥшразы алшарақәа раԥҵара зегьы ирыцкуп.
Ҳара иаҳҭахуп ҳтәылаҿы ҭаацәацыԥхьаӡа аҟны аҳәынҭқарра ацхыраарала есқьынгьы ахәыҷы идҳәалоу апроблемақәа зегьы қәҿиарала рыӡбара алыршахарц".