АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Лаҵара.2023

«Анасыԥ ацҳа» атәылауаа ршәарҭадаразы еимырхит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, акаҳуажәырҭа "Амра» инаркны амҳаџьыраа рбаҟа аҟынӡа, аҳҭнықалақь Ахадара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы иазԥхьагәанаҭаз аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, абетонтә фонартә шьаҟақәа еиҭашьақәыргылахоит, урҭ рҟынӡа афымцамҩангагақәеи аус зымуа афонарқәеи ԥсаххоит. Адақәқәа дырҽеиуеит, иршәуеит, ахаҳәтә багьырқәа дрыцқьоит, -ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥлиа ишеиҭаиҳәаз ала, ааигәа аплафонқәа рыҵаҟа афымцамҩангага ҿыц ашьҭаҵара хыркәшахеит.

Аӡиас хәыҷы Аҟәа ихыу аԥшахьырсратә шьаҟамҩатә цҳа еиднакыло амшын аԥшаҳәа аҿы аԥсшьарҭатә зонақәа ҩба  рырҭбаареи аҭеиҭыԥш арҽеиреи азԥхьагәаҭоуп.

«Анасыԥ ацҳа» ҳәа изышьҭоу, аԥсшьарҭатә зонақәа ҩба еидызкыло аӡиас хәыҷы Аҟәа ихыу ашьаҟамҩатә цҳа ауааԥсыра ршәарҭадара хықәкыс иҟаҵаны еимырхит. Избан акәзар, уи зныкала хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыиасра иазкӡам. Ацҳа ахаҭа аԥшахьырсратә шьаҟамҩатә цҳоуп, уи зныкала  50-ҩык ақәгылар, амҿы иалху аӷәра иазаанымкылар алшоит… Уажәы ҳара ацҳа еимыхны ацех ахь иаҳгеит. Уи ҳарӷәӷәоит, аиасратә лшара шьҭаҳхуеит, анаҩс уи ала ииасуа ауаа ршәарҭадара хьаас, хәыцырҭас иаҳмоурц азы», –  ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥлиа.

Асҭамыр Ԥлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, «Ақалақьргыларапроект» ала аԥшаҳәа егьи аган аҿгьы – Амҳаџьырра Рыԥшаҳәа аҿы аусурақәа мҩаԥнагоит.  

«Ҳара аӡҩаршьҭреи ацрыӡмҩангагеи еиҭашьақәҳаргылеит.  Араҟа уаанӡа апроблема ыҟан – ауаа аӡы рыҵалон, ацрыӡқәеи аӡҩарқәеи еилалон, уи зегьы еиманы амшын иалалон.  Ҳара уи зегьы еилҳаргеит. Ацрыӡқәа ацрыӡмҩангага хада ахь ицоит, аӡҩар аӡҩаршьҭрала амшын ахь ицоит. «Анасыԥ ацҳа» акәзар, уи ауааԥсыра ршәарҭадара азы ауп изықәгаз, иара уигьы аамҭала», – ҳәа иазгәеиҭеит Асҭамыр Ԥлиа.

 

 


Read 153 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.