АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2023

Роберт Киут: «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аԥсны ажәлари аконституциатә шьақәгылареи рыхьчара нанагӡоит».

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 30 рзы аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу амитинг инамаданы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҵо дықәгылеит. 

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны ажәлари ареспублика иаҭааз асасцәеи!

Ишыжәдыруа еиԥш, Аҟәа ақалақь Ахадара лаҵарамза 30 азы амассатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы азин ҟанаҵеит. Адырра ҟаҳҵоит, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭынч массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара иазкны аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс шынанагӡало.

Убри аан, ацәгьоуратә, мамзаргьы аконституциа еилазго ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аҽазышәарақәа рганахьала аинформациа шааҳауз еиԥшҵәҟьа,  урҭ азакәан инақәыршәаны  иаразнак аԥхьырҟәҟәаара алыршахоит. Даҽазныхгьы иазгәасҭоит, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ажәлари аконституциатә шьақәгылареи рыхьчара нанагӡоит»,- ҳәа иаҳәоит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы иҟаиҵаз ааԥхьара аҿы.


Read 366 times - Аԥшьаша, 01 Рашәара 2023 19:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.