Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2023 шықәсазы 233,1 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз аплан ала иҟаҵаз аҳазылхратә шәатәқәа 270,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас ала, лаҵарамзазы аплан 116% рыла инагӡахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.
Иҳаҩсыз ашықәс, лаҵарамза арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 23,7 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, лаҵарамза, 2022 шықәсазы уи – 223,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Ҳазҭоу ашықәс 5 мыз ирылагӡаны аҳазылхратә усбарҭақәа рыла иахыԥхьаӡалахеит 1 млрд 160,8 млн. мааҭ. Уи 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы арбагақәа раасҭа 107,8 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
2023 шықәса хәымз рзы 1 млрд 053,0 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплантә рбага 110% рыла инагӡоуп.