АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2023

Атәылахьчара Аминистрра аҿы лаҵарамза 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәылахьчара Аминистрра аҿы лаҵарамза 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арбџьармчқәа рырратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.

Атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу аусмҩаԥгатә атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа инапхгарала имҩаԥысуан. Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа, арратә ахылаԥшырҭа Хада  аиҿкаарақәа, аусбарҭақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа, архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа.

Лаҵарамза 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа рыҟаҵараан аоперативтә, амобилизациатә, арратә ҽазыҟаҵарақәа рылҵшәақәа иахәаԥшит.  Арратәии амобилизациатәи аҽазыҟаҵара, архәҭақәа рҿы арратә дисциплинеи азинлеишәеи рышьақәгылара  ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.

Аԥсны Арбжьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал-леитенант Владимир Савченко, аихшьаалақәа ҟаҵо аусмҩаԥгатә аиҿкаара еффективла, аҩаӡара ҳаракы аманы ишыҟаз, арратәии аморал-психологиатәи зыҟаҵара, арратә ԥыԥшра амҩаԥгара ибзианы аиҿкаара шамаз азгәеиҭеит, иара убас арбџьармчқәа рҿаԥхьа арратә хыдҵақәа ықәиргылеит, урҭ рынагӡара аишьҭагылашьагьы аликааит.

Аԥсны Арбџьарсчқәа рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа ҳасаб азуны, атәылахьчара аминистр арратә хылаԥшырҭа архәҭақәа рырратә зыҟаҵара иазку аусура иадҳәалоу ихадоу аусмҩаԥгатәқәа дрыхцәажәеит. Владимир Ануа арратә хәҭақәа есымша иазыҟаҵаны иҟазарц шахәҭоу ҷыдала иазгәеиҭеит. 


Read 163 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 16:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.