АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2023

Рашәарамзазы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп урыстәылатәи ахәыҷтәы психиатрцәа.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 7 рзы имҩаԥысит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана»  адиректор Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аомбудсмен аминистр илҭаз адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Марииа Львова-Белова лԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа аҳақьымцәа раара азы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара алыршахеит.

«Ҳара агәыҳалалратә фондқәа рхылаԥшра аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа апрактикатә цхыраара рыҭаразы ахәыҷтәы психиатрцәа Аԥсныҟа иаашьҭызарц азы аҳәара ҟаҳҵеит.  Ари азҵаараҿы ҳара агәабзиарахьчара Аминистрра адгылара ҳҭахуп, усҟан ҳара акциа аицымҩаԥгаразы алшара ҳауоит», - ҳәа илҳәеит Мактина Џьынџьал.

Едуард Быҭәба Аминистрра аҿы ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭара аусура ахырхарҭа хаданы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иарбоу азҵаараҿгьы Аминистрра ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп.

Мактина Џьынџьал урыстәылатәи аспециалистцәа раара ҳазҭоу амыз азы иазԥхьагәаҭоуп ҳәа адырра ҟалҵеит.

Едуард Быҭәбеи Мактина Џьынџьали иара убас афонд «Ашана» ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷы ацхыраара иҭара азҵаарагьы иалацәажәеит.


Read 343 times - Ахаша, 07 Рашәара 2023 21:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.