АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2023

Аԥсны аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 42 352-ҩык атәанчаҩцәа, даҽакала иуҳәозар - 86%.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, хәажәкырамза 1 инаркны лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны атәанчаҩцәа реиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥысит. Уи азы Ақәҵара рыдыркылеит жәабранмза 28 рзы аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.  

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аиҭашәҟәҭагалара шымҩаԥысыз атәы еиҭеиҳәеит.

Уи ишазгәеиҭаз ала, лаҵарамза 1, 2023 шықәсазы иҟоу адыррақәа рыла атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара   49 161-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иҟоу адыррақәа рыла, рашәарамза 1 аҟынӡа аиҭашәҟәҭаҩра  иахысит  42 352-ҩык атәанчаҩцәа.

Хыԥхьарала зегьы иреиҳаны атәанчаҩцәа нхоит Аҟәа ақалақь аҿы. 

«Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 11 438-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  10 381-ҩык, даҽакала иуҳәозар -  91%. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гагра араион, уаҟа иҟоуп 7 795-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 6 721-ҩык, даҽакала иуҳәозар - 86%», - ҳәа иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион аҿы иҟоуп 7 864 - ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  6 986-ҩык, даҽакала иуҳәозар - 89%. 

Аҟәа араион аҿы иҟоуп 2564 - ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 2 292 - ҩык, даҽакала иуҳәозар - 89%.   

Гәылрыԥшь араион аҿы инхо 3 426 - ҩык атәанчаҩцәа рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит, - 3068 - ҩык, даҽакала иуҳәозар - 90%.  

Очамчыра араион аҿы иҟоу 5 392-ҩык атәанчаҩцәа рҟынтәи аиҭашәҟәҭаҩра иахысит  4 384 - ҩык, даҽакала иуҳәозар - 81%.

Ҭҟәарчал араион аҿы иҟоуп 4 304 - ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 3 771- ҩык, даҽакала иуҳәозар - 88%.

Гал араион аҿы инхо 6 378-ҩык атәанчаҩцәа рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩара иахысит  4746-ҩык, уи даҽакала иуҳәозар -  74%.

Аиҭашәҟәҭаҩра ахықәкы хаданы иҟоуп –ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аҟәшақәа рҿы ашәҟәы иҭагалоу атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара цқьа аилкаареи ашьақәырӷәӷәареи, иара убас рыԥсҭазаара ишалҵхьоу азы афакт ашәҟәы иҭагалам, здунеи зыԥсаххьоу атәанчаҩцәеи асоциалтә еиқәыршәара алзмыршо егьырҭ ахҭысқәеи раарԥшра.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара идҵоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.


Read 152 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 16:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.