
pressadmin-2
«Аԥсныаҟәарахьчара» Лӡаа ақыҭан аӡышьҭрарҽеиратә усурақәеи ҩ-цҳак реиҭашьақәыргылареи мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ааигәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аиҳарак ааха зауз Лӡаа ақыҭа даҭааит. Араҟа уажәы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәеи ацҳақәа ҩба реиҭашьақәыргылареи мҩаԥысуеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Геннади Онишьенко Аԥсны, Белорусиа, Киргизиа атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы ахаша, ԥхынгәымза 12 рзы жәлрбжьаратәи агентра Sputnik «Агәабзиара ашәарҭадареи ааигәатәи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҟны акурорттә ԥсшьараамҭеи» атема ала авидеоцҳа Москва-Минск- Аҟәа - Бишкек мҩаԥгахеит.
Апресс-конференциа аформат ала ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵон Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик, Урыстәылатәи аҵарадырра Академиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Геннади Онишьенко.
Аҟәа.
Аԥсны аганахьала аиԥылара амодератор Инал Лазба изҵаарақәа ареспублика аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟалаз ақәаршҩы ӷәӷәа ахҟьа-ԥҟьақәа ирыдҳәалахеит: амшын аҭалара анбаҟало, анхамҩатә фонд аӡы аҵалара инамаданы аҿкы чымазарақәа рылаҽра азы ашәарҭара ыҟоу иҟаму.
Геннади Онишьенко Амш Еиқәа ахала аҽарыцқьаразы иамоу алшара ҳаракуп, убри аҟнытә ақәоурақәа рышьҭахь уахыки-ҽнаки анҵлак ашьҭахь уи аҭалара ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аинфекциақәа ртәы акәзар, аӡы зқәылаз аҭыԥқәа рҿы агепатит уахь иналаҵаны, урҭ зхылҿиаауа егьырҭ авирусқәеи абактериақәеи ыҟазар алшоит. Аха убри аан, Геннади Онишьенко аҭыԥантәи аспециалистцәа «ауааԥсыра аҽкы чымазарақәа рылаҽра рацәыхьчаразы аҭагылазаашьа иахәҭоу ахылаԥшра шарҭо» азы агәрагара ааирԥшит.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа аекстрадициа аҳасабала даашьҭуп ҷыдала иуадаҩу ацәгьоура азы ахарадҵа зду ацәгьауаҩ.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа апрокуратура Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 105, ахәҭа 4 ала (машәырла ауаҩы иԥсҭазаара алҵра зыхҟьаз гәҭакыла агәабзиара ӷәӷәала ааха аҭара) азы ахара зду, 1994 шықәсазы ииз Саакиан Давид Карекин-иԥа иҭаразы иҟанаҵаз аҳәара иадгылеит.
Хәажәкырамза 29, 2022 шықәсазы Гагра ақалақь аҿы Давид Саакян 1995 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Дудукчиан Е.Е. иареи иаалырҟьаны ирыбжьалаз аимак-аиҿак аан ӷәӷәала ахәрақәа иниҵеит. Урҭ ирыхҟьаны Дудукчиан Е.Е. ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аенергетикцәа уахы-ҽни Гагра араион афымцала аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара азы аус руеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз Гагра араион амагистралтә фымцацәаҳәақәа рыла афымцамч аашьҭра 95% рыла еиҭашьақәыргылоуп, ҳәа иаанацҳауеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.
Иҟоуп ирацәаны афымцацәаҳәақәа реиԥҟьара. Аенергетикатә инфраструктура аобиектқәа жәпакы аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны афымцацәаҳәақәа икьаҿу реиқәылара ҟалеит, иара убас афымцацәаҳәақәа рышьаҟақәа каҳаит.
Аԥсабаратә рыцҳара Аҟәа ақалақь митәык аԥырхага анамҭаӡеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Илеиз ақәаршҩы аҳҭнықалақь митәык аԥырхага анамҭаӡеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақь Ахадара анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
«Аԥхынра аӡиасқәа рышьҭрақәа рыҭрыцқьаара иазкны имҩаԥгаз аусурақәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. Басла, Аӡаԥшь аӡиасқәа хымҵӡеит. Абжьааԥны аӡы зҵалоз Бегәа имҩеи Титов имҩеи уажәы аӡы ықәымлаӡеит. Турбаза аҳабла акрыфарҭа Ҿыц азааигәара аӡхыҵра ҟалазшәа асоциалтә ҳақәа рҿы иҭоу авидео – уи ҵыԥхтәи аҭыхымҭа ауп, цасҳәа аӡәы аинтернет иҭеиҵеит. Сынтәа имҩаԥгаз аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа ирыбзоураны Басла аӡиас хымҵӡеит. Ҳара уахь ҳцаны иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭеит», - ҳәа иҳәеит Руслан Аҩӡба.
Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб аԥҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь, ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рҟны иҟалаз аӡхыҵра иннажьыз аԥхасҭа аҭыԥ ақәҵара иазкны изаамҭанытәим аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ареспублика мҽхакы ҭбаала зеиԥш ҟамлацыз аԥсабаратә рыцҳара ишаниаз. «Арыцҳара ахьыҟалаз ҭыԥқәоуп Гагра араион, Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа рыхәҭак. Иацы ари аҩыза арыцҳара ҟалеит аҳҭнықалақь аҟны. Ааха ӷәӷәа роуит ахатәы ҩнқәа, акурорттә инфраструктура. Рыцҳарас иҟалаз, инықәырԥшны акәзаргьы, уажәы иҟалаз аԥхасҭа иаҳнаҭаз ахарџь ахьынӡаҟоугьы ҳаздырӡом. Аԥсабара ааха рнаҭеит акоммуникациақәа, амашьынамҩақәа ҵнаӡәӡәааит, иара убас иаанкылоуп Урыстәылатәи Афедерацеи Аԥсни ирыбжьоу аихамҩатә еимадара. Аха абри аҭагылазаашьаҿы ҳара ҳзы акраҵанакуеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи, аӡәгьы машәыр имыхьроуп, - ари хадароуп ҳара ҳзы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ԥхынгәымза 10 рзы, ахәылбыҽха Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аҟны аинспекциатә ныҟәара аныхиркәша ашьҭахь, иҟалаз арыцҳара аԥыхра иазку Ареспубликатә штаб аԥҵаразы адҵа инапы аҵаиҩит. Аштаб анапхгаҩыс даҭоуп атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк шьыжьы инаркны иаҭаахьеит 500-ҩык инареиҳаны ауаа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк атехникатә маҵзурақәа ааигәа иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥс ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу аусурақәа хдыркәшеит. Аӡиа Риҵеи аҭыԥҳарак Ауадҳәареи рҟынӡа инагоу амҩа иқәнажьыз ахаҳә-мҿыҳә аҟынтәи ирыцқьоуп. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
«Ҳара иацы ахәылбыҽха амҩа ааҳартит. Ҳмаҵзурақәа зегьы дрыцқьеит, уажәы абжьааԥнытә режим ала аусура ҳаҿуп», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Адамыр Багаҭелиа.
Уи иажәақәа рыла, Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк шьыжьы инаркны иаҭаахьеит 500-ҩык инареиҳаны ауаа.
Ашьхара иӡыз ахаҵа иԥшаара алыршахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа ԥшьымш раԥхьа ашьхара хабарда ибжьаӡыз 60- шықәса зхыҵуа Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Рамаз Ҵәыџьба иԥшаара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Гагранӡа аихамҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» Гагра ақалақь аихамҩатә вокзал аҿы ааигәа иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара мҩаԥнагеит. Гагранӡа аихамҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аихамҩа апресс-маҵзура.
Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит «Гагра – Бзыбь» акаҵар аҿы.
Зынӡа инагӡаны аихамҩатә ныҟәара аиҭашьақәыргылара ԥхынгәымза 12 ахәылбыҽханӡа иазԥхьагәаҭоуп.
Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны 20-ҩны инарзынаԥшуа аӡы рыҵалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз ауха иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы 20 инарзынаԥшуа ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит.