АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥснытәи атеатрқәа ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аспектакльқәа дырхиеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр, Аԥсны аҳәынҭқарра ақәыԥшцәа ртеатр, Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аԥсышәалеи урыс бызшәалеи ахәыҷтәы спектакльқәа дырхиеит.    

Аԥсуа адраматә театр аҿы ԥхынҷкәынмза  25 рзы А.Н. Островски ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Асҭыԥҳа»  аԥхьарбара мҩаԥысуеит.   Апиеса аԥсуа бызшәахьы еиҭалгеит апоетесса Нелли Ҭарԥҳа. Ашықәсҿыцтәи ақәгылара арежиссиор-ақәыргылаҩ –  Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәын.

Ԥхынҷкәынмза 25 инаркны ԥхынҷкәынмза 30-нӡа аспектакль Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит, ажьырныҳәамза  2 - 3 рзы – Гагра ақалақь акультура Аҩны аҿы.

Аҳәынҭқарратә ақәыԥшцәа ртеатр ахәыҷқәа ирызнархьиеит аԥсуа бызшәала иқәыргылоу аспектакль  «Ашықәсҿыцтәи ахҭыс». Арежиссиор-ақәаргылаҩ – Ахра Кәарҷиа. Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥгахоит ԥхынӷкәынмза 20 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асцена аҿы.

Аурыс драматә театр аҿы ахәаԥшцәа иддырбоит аспектакль «Ашықәсҿыцтәи алакә». Аресжиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны Зҽаԥазтәыз артист Џьамбул Жорданиа.  Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 27 рзы.   

Иара убас ашықәсҿыцтәи аԥсшьараамшқәа рзы Аурыс драматә театр адуцәа рызгьы аспектакльқәа ддырбоит: ажьырныҳәамза 3 рзы –  «Ауадаҩрақәа зегьы ириааиуа агәырӷьара», ажьырныҳәамза 4 рзы  – «Евгени Онегин», ажьырныҳәамза 5 рзы – «Ацынҵәарах».


Read 289 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 17:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.