Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Азин сыщәҭозар, ҳаҭырқәҵарыла сшышәзыҟоу азгәаҭо, ишәыдысныҳәалрц сҭахуп аҳәынҭқарратә ныҳәа ду - Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.
1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аамҭа ҿыц ашьақәгылара иазҳәоу иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа атәыла қәҿиарала аҿиара уасхырс иазышьҭоуп, ацәаҩашәатә хырхарҭа хадақәаны изгәылоу, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи акырӡа зҵазкуа ак акәны иазгәазҭаз.
2020 шықәса рзы Адокумент Хада аԥсахрақәа ралагалара
ақәшаҳаҭхара иазкыз Урыстәылазегьтәи абжьыҭирақәа рылҵшәа ишьақәнарӷәӷәеит Шәара имҩаԥыжәго аполитикатә хырхарҭа ажәлар рганахьала иамоу агәрагареи адгылареи.
Аԥсныжәлар аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу аԥсуа-аурыс ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьеи Урыстәыла арҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи, арегионалтә шәарҭадареи, ҳажәларқәа рыбжьара акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа рырҭбаара азҵаарақәа рыҟны иҟанаҵо азҿлымҳареи ҳаҭыр дула иазыҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳҳәынҭқаррақәа реизҳазыӷьара иазкны ҳҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы хра злоу аҿиара шаиуо.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәамш аҽны Урыстәыла ажәлар зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аҭынчра, анасыԥ».