АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Аекономика Аминистрра – 30 шықәса ахыҵит. лет.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Ареспублика Аԥсны аекономика Аминистрра аԥҵеижьҭеи 30 шықәса ҵит.

Ԥхынҷкәынмза 12, 1993 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы  Владислав Арӡынба «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рыструктура азы» азакәан инапы аҵаиҩит.  Ари азакәан инақәыршәаны иаԥыхыз Аҳәынҭқарратә плантә комитет ахаҭыԥан иаԥҵахеит атәыла аекономика Аминистрра.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы ари Аминистрра ахадараҿы иҟан Даур Барганџьиа, Константин Ҭыжәба, Константин Озган, Беслан Кәыбраа, Адгәыр Лышәба, Руслан Арӡынба, Давид Ирадиан, Николаи Ачба, Адгәыр Арӡынба. Дара зегьы ҳҳәынҭқарра аекономика аҿиареи уи аҭышәынтәалара алыршареи рлагала аларҵеит. Уажәы аекономика Аминистрра дахагылоуп Кристина Озган.

«Аԥсны аекономика Аминистрра аилазаара аиҳарак  иқәыԥшу, ззанааҭтә дырра ҳараку, амбициатә ҟазшьақәа злоу, алҵшәа бзиа аарԥшра хықәкыс измоу аспециалистцәа рыла ишьақәгылоуп. Аминистрра аҟны аус руеит ахылаԥшырҭа аартра ахыҵхырҭаҿы игылазгьы. Аԥышәеи аспециалист ҿарацәа рпотенциали реиларҵәара иабзоураны ҳтәыла анаҩстәи аҿиареи аекономикатә рбагақәа иҭышәынтәаланы рышьҭыхреи зырманшәало иуадаҩу ахыдҵақәеи иҿыцу апроектқәеи рынагӡара алнаршоит», - ҳәа иазгәаҭоуп атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Instagram аҿы лдаҟьа аҿы.  

Кристина Озган аиубилеитә рыцхә лколлегацәа реиԥш, иахьа зиубилеи азгәазҭо афинансқәа Рминистрра аусзуҩцәагьы дрыдныҳәалеит.

«Ԥхынҷкәынмза 12 Аԥсны аекономистцәеи афинансистцәеи рзанааҭтә ныҳәаны иҟоуп! Аныҳәа шәадныҳәалаз ҳаҭыр зқәу сколлегацәа!» – ҳәа Instagram аҿы лдаҟьаҿы ианылҵеит лара.  


Read 235 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.