АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану Витали Қарбаиа иԥсра инадҳәаланы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ашәҟәы налышьҭит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса рзы амассатә инфорациа ахархәагақәа рҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Тҟәарчал араион Ҵарча ақыҭан инхоз Витали Иван-иԥа Қарбаиа даанкыланы дахьырыԥҟаз иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит ҳәа аинформациа цәырҵит.

Иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану Анас Кьышьмариа апрокурор Хада, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Гал араион апрокурор, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы рахь аамҭа кьаҿ иалагӡаны абри аинформациа ала агәаҭарақәа рымҩаԥгареи, насгьы урҭ рылҵшәақәа рзы адырра ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарат ахь анашьҭреи ралыршаразы ашәҟәы налышьҭит.

Анас Кьышьмариа  иаанкылоу ауаа рганахьала амч ахархәареи ӷәӷәала ақәыӷәӷәара аарԥшреи шыҟамло азгәалҭеит, иара убас азихьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Аԥсны Аконституциа иарбоу ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи еиларымгаларц азы ааԥхьара ҟалҵеит.  


Read 172 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 21:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.