АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Аҵара Аминистрра ашкол иҭамлац ахәыҷқәа рзы раԥхьаӡа акәны «Анбан» ҭнажьит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара Аминстрра ашколнӡатәи аҵарадырра азы раԥхьаӡа акәны «Анбан» шәҟәы ҭнажьит. Ари ашәҟәы иара убас иацуп аусуратә тетрадқәа.  Аминистрра 100-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит аҵара аминистр Инал Габлиа.

Аамҭа кьаҿ иалагӡаны «Анбан» шәҟәы ҿыц Аԥснытәи ашколқәа рҿы ицәырҵуеит.

Иара убас Инал Габлиа ааигәатәи аихьӡарақәа ртәы еиҭеиҳәеит:

Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса рзы Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Смена» ахь амҩа иқәлеит зхыԥхьаӡара 25-ҩык рҟынӡа инаӡо, 8-11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ашкол-интернатқәа рҵаҩцәа рыла еилоу актәи агәыԥ.

Абҵарамза 16 рзы Б.Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол  №1  аҵаҩцәа рыла еилоу акоманда амҩаҿы аныҟәаразы аинспектор ҿарацәа Жәларбжьаратәи Реизгара аҿы аиааира ргеит. Иара убас хара имгакәа Аԥснынтәи ахәыҷқәа азҩыдатәратә Центр  «Артек» ахь идәықәҵахоит.

 


Read 336 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.