АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәнмза 12 рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа жәпакы 30-шықәсатәи аиубилеи азгәарҭоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи жәпакы аиубилеитә рыцхә – аԥҵара ҟалеижьҭеи  30 шықәса аҵра азгәарҭоит.  

30 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза 12, 1993 шықәсазы, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рыструктура азы» азакәан инапы аҵаиҩит.

Ари азакәан ала ишьақәыргылан аибашьрашьҭахьтәи ареспублика анапхгараҭаратә аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыструктура. Уи иалалеит 18 министеррақәеи 16 егьырҭ аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәеи.  

Ареспублика Аԥсны Аминистррақәа:

  1. Атәылахьчара Аминистрра.
  2. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.
  3. Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.
  4. Акультура Аминистрра.
  5. Аҵарадырра Аминистрра.
  6. Афинансқәа Рминистрра.
  7. Аргылареи архитектуреи Рминистрра.
  8. Ақыҭанхамҩеи афатәи-жәтәи Рминистрра.
  9. Аекономика Аминистрра.
  • Ахәаахәҭра Аминистрра.
  • Ааглыхра Аминистрра.
  • Аекологиа Аминистрра.
  • Аиустициа Аминистрра.
  • Агәабзиарахьчара Аминистрра.
  • Атранспорти аимадареи Рминистрра.
  • Аџьеи асоциалтә хьчареи Рминистрра.
  • Аинформациеи акьыԥхьи Рминистрра.
  • Аенергетика Аминистрра.

Ареспублика Аԥсны егьырҭ аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа:

  1. Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  2. Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  3. Адәныҟаекономикатә еимадарақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  4. Абна азы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  5. Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  6. Атәылауаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы (арепатриациа) аҳәынҭқарратә Еилакы.
  7. Ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  8. Ателехәаԥшреи арадиодырраҭареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
  9. Аԥснытәи Ареспубликатә ҳазалхра.
  • Архивтә усбарҭа.
  • Аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рыхьчаразы Аусбарҭа.
  • Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа.
  • Агеологиеи, агеодезиеи акартографиеи рзы Аусбарҭа.
  • Анефтаалыҵқәеи агазтә нхамҩеи Русбарҭа.
  • Аԥсыӡтә ааглыхра Аусбарҭа.
  • Арратә хәаахәҭра Аусбарҭа.

Уажәы аминистрцәа Реилазаара аструктура иалоуп 14 министерақәеи аҳәынҭқарратә комитетқәа аабеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵзурақәеи ааба.

 

 

 

 


Read 286 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 22:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.