АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны афымцаенергетика аҿы ареформақәа рымҩаԥгара атема ала аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, ԥхынҷкәынмза  11 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи алархәны  аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә техногиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара иалахәыз азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

«Еидкыланы аҳәынҭқарратә  аахәарақәа рзы»;

«Ареспублика Аԥсны Анхаратә Закәанеидкыла»;

«Ареспублика Аԥсны Анхаратә Закәанеидкыла азинмчы аҭара азы»;

«Ареспублика Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара азы»;

«Аинвестициатә еилахәылара аҭышәынтәалара аганахьала Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵарақәак  аиҭакрақәа  ралагалара  азы»;

«Аинвестициатә еилахәылара азы».

Апрофильтә Еилакы алахәылацәа иарбоу азакәан апроектқәа иааиуа аилатәара аҿы Апарламент ишьақәнарӷәӷәарц азы абжьгара аҟаҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

Анаҩс апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа «Ареспублика Аԥсны афымцаенергетика аҿы ареформақәа рымҩагара» атема ала аӡыргара мҩаԥигеит.  Аилатәара иалахәыз ирыдгалаз апроект иахәаԥшны доусы ргәаанагарақәа рҳәеит. 

Аиԥылара иалахәын: Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ  Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Апарламент аҟны  Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц. 

 

 


Read 245 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 17:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.